Ситуация на границе Крыма с Украиной - Sputnik Аҧсны, 1920
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнагоит арратә операциа ҷыда, ДЖәРи ЛЖәРи иҟарҵаз аҳәарала. Владимир Путин Донецки Лугански жәлар рреспубликақәа рхьыԥшымра азхаиҵеит.

Харковтәи аобласт аҿы анефҭеизакырҭа ԥжәоуп

© Sputnik / Константин Михальчевский / Амедиаҵәахырҭахь аиасраРабота минометного расчета на Запорожском направлении
Работа минометного расчета на Запорожском направлении - Sputnik Аҧсны, 1920, 21.12.2022
Анапаҵаҩра
Арратә операциа ҷыда иалагазар урыстәылатәи аруаа рҿаԥхьа иқәгылоу ауснагӡатәқәа нарыгӡоит.
АҞӘА, ԥхынҷкәын 21 - Sputnik. Урыстәыла арра-космостә мчрақәа Харковтәи аобласт Андреевка иҟаз анефҭеизакырҭа ԥыржәеит, уахьынтә абылтәы УАМ атехника ахы ианархәон. Абри атәы аанацҳауеит атәылахьчаратә усбарҭа.
Купиансктәи ахырхарҭаҿы Петропавловк, Песчаное, Берестовое араионқәа рҿы иҭархоуп 60-ҩык инареиҳаны украинатәи аруаа, акәылӡтранспартиорқәа ҩба, апикапқәа хԥа.
Красно-Лимансктәи ахырхарҭаҿы авиациеи артиллериеи иҭадырхеит 30-ҩык аибашьцәа, танкк, апикапқәа хәба аиланхарҭақәа Терни Торское рҿы (ДЖәР). Фҩык украинатәи аруаа рабџьар шьҭарҵеит.
Донецктәи ахырхарҭаҿы аҵакы змоу аҭыԥқәа аанкылоуп. Уахыки-ҽнаки рыҩныҵҟа уа иҭархоуп 80-ҩык украинатәи аруаа, танкк, аршьаҟауаа рмашьынақәа хԥа.
Алада-Донецктәи ахырхарҭаҿы УАМ амеханизациа зызуу 72-тәи абригадеи 108тәи аҵакырахьчаратә бригадеи ааха ӷәӷәа рыҭоуп. Аӷа ицәыӡит 50-ҩык рҟынӡа аибашьцәа, акәылӡмашьынақәа ҩба, апикапқәа ԥшьба.
Аоператив-тактикатә авиациеа, аракетатәи артиллериатәи ар иҭадырхеит УАМ артиллериатә ҟәшеиҵақәа 63, украинатәи ахаланыҟәа шьақәгыла ЗРК "Бук-М1", арадиолокациатә станциа П-18, азенит-ракетатә комплекс С-300 арадиолокациатә станциа, артиллериатә системақәа М-777 хԥа, абџьари атехникеи рыла иҭәыз ангарқәа ҩба, артиллериатә џьаԥҳанышьҭаҵарҭақәа ҩба, РСЗО "Град" амашьына.
Танкисты оперативно-боевого тактического формирования ДНР - Sputnik Аҧсны, 1920, 19.12.2022
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда
Урыстәылатәи ар ЛЖәР аҿы украинатәи адиверсантцәа ргәыԥқәа ԥшьба ҭадырхеит
Икажьуп украинатәи аҳаирплан Су-25, авертолиот Ми-8. Урыстәыла аҳауаҽацәыхьчаратә хархәагақәа икарыжьит аԥырҩы дызҭам ахархәагақәа ҩба, HIMARS ареактивтә хгәыцәқәа ҩба.
Урыстәыла атәылахьчара аминистрра адыррақәа рыла, арратә аоперациа иалагазар ааха рыҭоуп: 348 ҳаирплан, 187 вертолиот, 2691 аԥырҩы дызҭам ахархәагақәа, 399 зенит-ракетатә комплекс, 7179 атанкқәеи акәылӡмашьынақәеи, 932 ареактив-систематә машьынақәа, 3696 артиллериеи аминаршәгеи рыхгәыцәқәа, 7693 ак иҷыдоу автомобилтә техника.
Президент РФ В. Путин провел заседание Военно-промышленной комиссии - Sputnik Аҧсны, 1920, 18.12.2022
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда
Шоигу аоперациа ҷыда ахьымҩаԥысуа аҭыԥ аҟны урыстәылатәи архәҭақәа гәеиҭеит
Ажәабжьқәа зегьы
0