Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

"Амшынеиқәафымцамч" аҿы еиҭарҳәеит абонентцәа атариф ҿыцқәа рыла алашара ахә шыршәо

© Sputnik / Владимир Песня / Амедиаҵәахырҭахь аиасраСчетчик
Счетчик  - Sputnik Аҧсны, 1920, 22.12.2022
Анапаҵаҩра
Ԥхынгәы 1, 2022 шықәса инаркны афымцалашара ахә ҩынтәны ишьҭыҵит. Атариф ҿыц шьақәдырӷәӷәеит атәыла аиҳабыра.
АҞӘА, ԥхынҷкәын 22 – Sputnik. "Амшынеиқәафымцамч" афымцамчҭира Аусбарҭа аиҳабы Алхас Ҷанба арадио Sputnik аинтервиу аҭо иҳәеит ареспублика ауааԥсыра атариф ҿыцқәа рыла алашара ахә шыршәо атәы.

"Иазгәаҭатәуп афымцалашараз аԥарашәара уадаҩны ишымҩаԥысуа, избанзар аԥаршәаратә леишәа еснагь иуадаҩын. Арахь иацлеит атариф ҿыцқәагьы. Аиҳаракгьы уаанӡа иҟази уажә иҟалази", - ҳәа иҳәоит Алхас Ҷанба.

Ахархәара зҭоу афымцалашара ахәԥса зшәои еизгоу аԥарақәеи атарифқәа шьҭырхаанӡа ишыҟаз иаанхеит ҳәа азгәеиҭеит иара.
"Ахатәхаҿқәа рыбжьара аԥареизгара уаанӡа ишыҟаз изахымсит уҳәар ауеит. Уажәы афымцамчҭаҩгақәа рықәыргылара мҩаԥысуеит, урҭ ҵыԥх аиҳабыра ари ахықәказы иазоурыжьыз 100 миллион мааҭ иҭагӡаны иаахәан. Аусурақәа цоит Аҟәа ақалақь аҩнуҵҟа. Ҳәарада ари алҵшәа аазышьҭуа усуп. Арҭ ахархәагақәа ахьықәҳаргылаз аҭыԥқәа рҿы аԥареизгара 90% инаӡоит", - иҳәеит Ҷанба.
Лампочки  - Sputnik Аҧсны, 1920, 20.12.2022
Аԥсны
Аԥсны ахәҭак аҿы алашара арцәара аамҭеихшара аԥыххоит
Ахархәагақәа ахьықәгылоу аҭыԥқәа рҿы иара убасгьы алашара ахархәара 30% илаҟәит ҳәа азгәеиҭеит иара.
Ԥхынгәы 1, 2022 шықәса инаркны афымцалашара ахә ҩынтәны ишьҭыҵит. Атариф ҿыц шьақәдырӷәӷәеит атәыла аиҳабыра. Ахатәхаҿқәа рзы атариф 90 копеи ыҟоуп кВт/с азы, асоциалтә норма ала - 70 копеи. Аиурист хаҿқәеи анаплакҩцәеи рзы иазгәаҭоуп мааҭки 40 копеи кВт/с азы.
Ажәабжьқәа зегьы
0