Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Аԥсуа ҩқәа раԥхьатәи рмилаҭтә еицлабра алҵшәақәа еихшьалоуп

© Sputnik / Томас ТхайцукВинный погреб
Винный погреб - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.04.2022
Анапаҵаҩра
АҞӘА, мшаԥы 28 - Sputnik, Сариа Кәарцхьиаԥҳа. Аҟәа акультуратә хәышҭаара "Гәыма" аҿы Аԥсуа ҩқәа раԥхьатәи рмилаҭтә еицлабра алҵшәақәа еихыршьалеит.
Аиҿкааҩцәа Аԥсны араионқәа рҟынтә 100 хкык аҩқәа еизыргеит, урҭ рахьтә алабораториатә гәаҭарақәа ирхымсӡеит 62 хкы. Агьамабаратә комиссиа 38 хкы ракәын игәарҭоз.
Аицлабра еиуеиԥшым номинациала еихшан: аҩы шкәакәа, аҩы еиқәаҵәа, "Изабелла", Аԥсны Ақыҭанхамҩа аминистрраҟынтәи иҷыдоу аҳамҭа, Ачаа рҭаацәа рҟынтәи иҷыдоу аҳамҭа, иреиӷьу иҿыхаау аҩы азы иҷыдоу аҳамҭа.
© Sputnik / Леон Адлейба

Аԥсуа ҩқәа раԥхьатәи рмилаҭтә еицлабра алҵшәақәа еихшьалоуп

Аԥсуа ҩқәа раԥхьатәи рмилаҭтә еицлабра алҵшәақәа еихшьалоуп - Sputnik Аҧсны
1/3

2/3

3/3

Аҩы шкәакәақәа ҭазҭәо рахьтә ахԥатәи аҭыԥ ааникылеит Ҳаџьараҭ Кәыҵниа, аҩбатәи - Денис Амҷба, актәи - Нугзар Ашәба.
Аҩы еиқәаҵәақәа ҭазҭәо рыбжьара ахԥатәи аҭыԥ ааникылеит Адамыр Ахба, аҩбатәи - Нугзар Ашәба, актәи - Сергеи Гадлиа.
"Иреиӷьу Изабелла" азы ахԥатәи аҭыԥ ааникылеит Саид Ладариа, аҩбатәи - Михаил Лакоба, актәи - Нугзар Ашәба, иара иакәхеит аицлабраҿы зегь реиҳа аҳамҭақәа ирыԥсахазгьы.
"Ҳәара аҭахума, сара сыпрофессионалтә ҩыҟаҵаҩӡам. Тәанчахәра сахьыҟоу сгәы аласырҿыхоит ауп, акыр ҵуеит уи саҿуижьҭеи. Апарламентарицәа роуп уи сзырҵазгьы, ари аус залазгалазгьы ҳаҭыр ду зқәу Ачаа рҭаацәароуп. Сара ари аус гәыкала саҿуп", - иҳәеит Нугзар Ашәба.
Иара иазгәеиҭеит Аԥсны иахьа уажәраанӡа аӡахәааӡаразы азакәан шрыдрымкылац. Иара игәаанагарала, аҳәынҭқарратә ҩаӡараҿы ари аус адгылара амазҭгьы, аԥҟарақәа азаԥҵазҭгьы еиҳагьы аҿиара аиуан. Ашәба иҳәеит дшазыхиоу азакәан атекст аус адулара.
© Sputnik / Леон Адлейба

Аԥсуа ҩқәа раԥхьатәи рмилаҭтә еицлабра алҵшәақәа еихшьалоуп

Аԥсуа ҩқәа раԥхьатәи рмилаҭтә еицлабра алҵшәақәа еихшьалоуп - Sputnik Аҧсны
1/7

2/7

3/7

4/7

5/7

6/7

7/7

Аԥсны Ақыҭанхамҩа аминистрраҟынтәи иҷыдоу аҳамҭа ианашьан аҩыҟаҵаҩ Ҳаџьараҭ Кәыҵниа, Ачаа рҭаацәараҟынтәи аҳамҭа акәзар - Алик Ахба.
Зегь реиҳа ихадаз аҳамҭа - агран-при иоуит аҩыҟаҵаҩ қәыԥш Саид Званбаиа, иара ари аусхк инапы алакуижьҭеи хәышықәса роуп иҵуа.
Дегустация вин, прошедших в финал конкурса, на заводе Вина и воды Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 26.04.2022
Аԥсны
Аҩазы аӡбақәҵа: аԥснытәи ааглыхыҩцәа реиндаҭлараҿ аҩы агьамагәаҭара шымҩаԥысуа
"Сара аҩыҟаҵара аус шьҭрала иаазымгаӡеит, раԥхьаӡа знапы алазкыз сара соуп. Гхак сыхьыр ҟаломызт. Хәышықәса ҵуеит ари аус саҿуижьҭеи, аха аҩыҟаҵаҩ изыҳәан ари аамҭа маҷуп. Аицлабраҟны ицәырган рислинг захьӡу аҩы. Уи ҩы шкәакәоуп, ихаауп. Ари аицлабра даара аҵак ду амоуп, ихәарҭоуп. Аԥсны аӡахәааӡара, аҩыҟаҵара акультура цәырҵижьҭеи азқьышықәсақәа ҵуеит, уи анарха аҭатәуп. Ас еиԥш иҟоу аусмҩаԥгатәқәа иҵегь ҳаиӷхартә аҭагылазаашьа ҳарҭоит", - ҳәа инаҵишьит иара.
Аицлабра аиҿкааҩ Николаи Ачба иазгәеиҭеит уи амҩаԥгара ихы иҭагьежьуеижьҭеи акыр шааҵуаз, аха иаразнакгьы изымгәаӷьит аиҿкаара - избанзар уи иалахәхар зҭаххоз ауаа рацәамхар ҳәа игәы иаанагон.
"Иаҳҭахын аҩыҟаҵареи аӡахәааӡареи рзы досу иҳамоу аԥышәа еимаҳдарц, метод ҿыцқәас, дырра ҿыцқәас иҟоу еибаҳҳәарц, избанзар адунеи аҿы аҵыхәтәантәи 30-40 шықәса рзы ари аусхк акыр ԥхьаҟа иҿиеит, убри азы иаҳдыруа аҟны ҳаангылар ҟалаӡом, иҿыцу зегьы ҭаҳҵаалароуп", - иҳәеит Ачба.
Ари аицлабра ихьӡ ахуп Аԥсны ааглыхратә ҩыҟаҵара ашьаҭаркҩы Николаи Бата-иԥа Ачба.
Ажь бааԥс аҩы бзиа алхтәуп: амилаҭтә ҩқәа реиндаҭлара шымҩаԥысуа - Sputnik Аҧсны, 1920, 26.04.2022
Ажь бааԥс аҩы бзиа алхтәуп: амилаҭтә ҩқәа реиндаҭлара шымҩаԥысуа
Ажәабжьқәа зегьы
0