Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Искандер иаԥхьахә алауреатцәа рыхьӡқәа рылаҳәоуп

© Sputnik / Устинов / Амедиаҵәахырҭахь аиасраПисатель Фазиль Искандер
Писатель Фазиль Искандер - Sputnik Аҧсны, 1920, 23.12.2022
Анапаҵаҩра
Фазиль Искандер ихьӡ зху аԥхьахә шьаҭаркын Урыстәылатәи ПЕН-центр абзоурала 2016 шықәсазы ашәҟәыҩҩы ихьӡ анаӡаӡатәразы.
АҞӘА, ԥхынҷкәын 23 - Sputnik. Фазиль Искандер ихьӡ зху аԥхьахә ажиури 2022 шықәсазтәи алауреатцәа рыхьӡқәа рыланаҳәеит хә-номинациак рыла.
1.
Аноминациа "Аԥсҭазаара асиужет". Асахьаркыратә проза" далауриатхеит Александр Мелихов (Санкт-Петербург) – аповестқәа: Мишель Z инысымҩа", "Ахаҳәиаҵәатә альбатрос", "Аԥшаргәи асланбыҭәи", "Ажәларқәа реиҩызара".
2.
Аноминациа "Агьыл аформула". Апоезиа" - Наталиа Лиасковскаиа (Москва) – ашәҟәы "Евангельтәи аџьыкхыш".
3.
Аноминациа "Ахәыҷра аҵла". Ахәыҷтәии ақәыԥштәии алитература ҩыџьа алауриатцәа: Павел Крениов (Москва) – ашәҟәы "Шелоник"; Викториа Татур (Подмосковие) – ашәҟәы "Нанозавры".
4.
Аноминациа "Аныҳәа азыԥшра аныҳәа" (Акиносценари, адраматургиа) – Наталиа Захарова (Москва) – апиеса "Абзиабара зыршаҳаҭуа". Ҩ-актк иҟоу қьырсатәи аҭоурых.
5.
Аноминациа "Хәызмам абеиара". Аурысшәахь аиҭагамҭақәа - Ахат Мушински (Казань) – аессе "Австриаа", "Линц", "Маутхаузен", "Адунеиахь аԥенџьыр Мексика иаатуеит"; Гульсира Гаисарова-Гиззатуллина (Башкортостан) – ажәабжьқәа рцикл "Аибашьра"; Аидар Хусаинов (Уфа) – Г. Гаисарова-Гиззатуллина лажәабжьқәа реиҭагараз.
Аноминациа "Аиҭагақәа" – Витали Шариа аԥсуа шәҟәыҩҩы Анатоли Лагәлаа иажәабжьқәа реиҭагаразы иҷыдоу аҳаҭыртә диплом ианашьоуп. Иара абри аноминациаҿы адипломқәа ранашьоуп Карине Ходикиани (Ереван) леиҭагаҩ Татиана Мартиросиани.
Егьырҭ аноминациақәа рҿы иҷыдоу адипломқәа ранашьоуп:
Аноминациа "Апроза" - Владимир Алеиников (Коктебель, Ареспублика Ҟрым), Анастасиа Коваленкова (Москва), Виктор Маркин (Челиабинсктәи аобл.), Виачеслав Харченко (Симферополь, Ареспублика Ҟрым).
Аноминациа "Апоезиа" - Вера Зубарева (Филадельфиа, ЕАА), Галина Климова (Москва), Дмитри Мурзин (Кемерово).
Аноминациа "Ахәыҷтәи ақәыԥштәи литература" - Рене Иаловецкаиа (Москва).
Фазиль Искандер ихьӡ зху Жәларбжьаратәи аԥхьахә шьаҭаркын Урыстәылатәи ПЕН-центр абзоурала 2016 шықәса нанҳәамзазы ашәҟәыҩҩы ихьӡ анаӡаӡатәразы. 2022 шықәсазы аԥхьахә адгылара анаҭеит акультуратә ԥшьгамҭақәа рзы Урыстәыла ахада ифонд.
Фазиль Абдул-иԥа Искандер диит хәажәкыра 6 1929 шықәсазы, Аҟәа. 1954 шықәсазы далгеит А.М. Горки ихьӡ зху Алитературатә институт. Ҩышықәса рышьҭахь дхынҳәуеит Аԥсныҟа, Аҳәынҭшәҟәҭыжьырҭа аԥсуа ҟәша аредакторс. 1956 инаркны иҩымҭақәа ркьыԥхьуан ажурналқәа: "Смена", "Неделя", "Костер", "Сельская молодежь" уҳәа рыҟны. Раԥхьатәи иажәеинраалақәа реизга "Горные тропы" ҭыҵит 1957 шықәса рзы Аҟәа. 1966 шықәса рзы ажурнал "Новый мир" аҟны икьыԥхьын аповест - "Созвездие Козлотура".
Искандер ирҿиамҭақәа ирылукаартә иҟоуп "Сандро из Чегема" (1973-1988, автобиографиатә ҩымҭа), аепос "Чик ихәыҷра", аповест-жәамаана "Ажьақәеи арқьымаҭқәеи", аессе-диалог "Урыстәыла иазхәыцуеи америкауаҩи", аповестқәа "Ауаҩи уи икәша-мыкәшеи", "Апоет", "Ауаҩы игыларҭа", "Софичка", ажәабжьқәа "Геракл ажәахатәи ифырхаҵара", "Алагамҭа" уҳәа егьырҭгьы.
Ажәабжьқәа зегьы
0