Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

"Аҭоурыхтә хҭысқәа ирылаӡыз": Гыд Бениа ихылҵшьҭра рлахьынҵа

© Foto / Саида ЖьиԥҳаГыд Бениа
Гыд Бениа - Sputnik Аҧсны, 1920, 25.12.2022
Анапаҵаҩра
37-тәи ашықәс еиқәаҵәақәа аԥсуа жәлар рҭоурых аҟны аҭыԥ ҷыда ааннакылоит. Усҟан Сталини Бериеи рполитика иахәланарӡит аҭаацәарақәа ҵәҩаншьапс ирыҵагылаз шәҩыла ахацәа. Абдуцәеи абацәеи рыдагьы хлымӡаахрала харада ахара рыдҵаны, иргәаҟны ишьын аҳәсеи ахәыҷқәеи. Анаҩс ҳажәлар рлахьынҵа ареиқәаҵәеит 1941-1945-тәи Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду. Иахьа ишәзеиҭасҳәоит арҭ ахҭысқәа ирхырҟьаны Бениаа рабиԥарак ықәыӡӡа ишцаз атәы. Ажәабжь анҵоуп Гыд Бениа ихылҵшьҭроу Ельза Ҷыҷыкәа-иԥҳа лажәақәа рыла.
Sputnik
Аамҭала Бармышь ақыҭан унеишь-уааишь ҳәа зарҳәоз, хатә џьабаала инхоз, абарақьаҭра змаз аԥсуа хаҵа Гыд Блаҭ-иԥа Бениа анцәа ишиҳәара ибзазара мҩасуан. Арахә-ашәахә имаз рхыԥхьаӡарагьы издыруамызт, ашьхантәи ианлыбааигоз амҩа ду адыркуан, убас ирацәан. Ақыҭанхацәа амхы ацәаӷәаразы ацәқәа уаара ҳәа ирҭахны ианиҳәалак, шьҭахьла ирымихӡомызт, ҳамҭас ирзынижьуан. Ирҳәалоит ааҵәак ахьгьы ҵәахны иман, акулак ҳәа дыԥхьаӡаны имазара анимырхуаз ирымбарц азы.
Гыд Бениа быжьҩык аԥацәеи ҩыџьа аԥҳацәеи иааӡеит. Аха Гыд ихшареи, анаҩс имаҭацәеи рыбзиара нагӡаны изымбеит. Арепрессиатә шықәсқәеи, 1941-1945 шықәсқәа рзтәи Аџьынџьтәылатәи аибашьра Дуи ргәараҭа арыцҳара азаанагеит.
Шәлиман захьӡыз Гыд иԥа аҭаацәара даналала, иԥшәмаԥҳәыс Кристина Амԥарԥҳаи иареи Бзыԥҭаҟа нхара иааит. Дара арахә рацәаны ирыман аҟнытә ашьха иаԥныз аҳаблаҟны ирзыманшәалахеит рыбзазара ашьақәыргылара. Шәлимани Кристинеи рҳәоу еиқәшәаны инхон, хәҩык аԥацәа рааӡон.
"Шәлимани Кристинеи сара сабдуи сандуи ракәын. Аиашазыҳәан, рхатә џьабаала хаз нхара ианца рынхамҩа еиҿыркааит. Рхәыҷқәа ршьапы иқәдыргыларц уахи-ҽни акрыруан. Аха арепрессиатә шықәсқәа ианрылага, аҭаацәара рлахьынҵа еиқәаҵәахеит. Шәлиман ажәлар драӷоуп ҳәа аҭакра иқәырҵеит. Иара даныргоз ауха, ргәылацәа Бениааи Барцыцааи ԥыҭҩык дәылганы иргеит. Сара иахьынӡаздыруа, сабду дызхдырҟьаз Лакәарааи иареи ирыбжьаз аиуароуп", - лҳәоит амаҭа Ельза Бениаԥҳа.
Шәлиман Бениа иаҳәшьа, Шьамина, Уасил Лакоба иԥшәмаԥҳәыс лакәын. Хымԥада ари аиуара аибабара ацын. Ацәгьаҳәаҩцәа илаԥшықәҵаны ирыман маҳәи бхәындеи. Ахацәа андырӡ, Шьаминагьы аҭакра лықәырҵеит, анаҩс ашьра. Уасили лареи рԥа Ҭенгьиз акьыр далаҵаны дырбылуеит. Рыԥҳаӡаҵәык Зина машәыршәа лыԥсы еиқәхоит.
© Foto / Саида ЖьиԥҳаШәлиман Бениа
Сулеиман Бениа - Sputnik Аҧсны, 1920, 25.12.2022
Шәлиман Бениа
Шәлиман иԥшәмаԥҳәыс Кристина Амԥарԥҳа лхаҵа хабарда даныбжьаӡ, рԥацәа хәыҷқәан. Ан лхала рааӡара луалхеит. Арахь уамак мҵыкәа лнапы ԥҵәан, ииашаны иахьырмыхәшәтәыз инамаданы ихырҵәар акәхеит. Аԥҳәыс рыцҳа лызнапык ала ауҭра ҟалҵон, амхы лрашәон, ажәқәа лхьон. Лыуа-лҭынха шлыцхраауазгьы, зегь акоуп аџьабаа лбон.
"Санду лԥацәа рыхәҩыкгьы амлеи ахьҭеи иамыркыкәа, аӡә ишьҭахь имыргылакәа аҵарақәа дырҵаны ауаҩра рылылхит. Аха Бениаа рашҭа ҩаԥхьа аԥҭа еиқәаҵәа ахаԥоит. Изаамҭанымкәа рыдунеи рыԥсахуеит ҩыџьа лԥацәа Кәыҷкани Ҷыҷыкәеи. Платон (Патхәа) Аџьынџьтәылатәи аибашьра Ду аан хабарда дыбжьаӡуеит. Шаликәеи Вовеи заҵәык ақәрақәа нырҵоит", - лажәа иацылҵоит амаҭа.
Никәала Хагәышь - Sputnik Аҧсны, 1920, 29.10.2022
"Аби аԥацәеи": Никәала Хагәышь ихшареи иареи рҭоурых
Шәлиман Бениа Бзыԥҭа еиҿикааз инхамҩа, аҭаацәа аҩнду ҳәа изышьҭаз дахагылан Ҷыҷыкәа. Иара ԥшьҩык ахшара ихылҵит, аха рааӡара дахьымӡакәа, хыхь ишысҳәаз еиԥш, идунеи иԥсахит. Ашьҭахь Бениаа ргәараҭа даҵәҩаншьапны дазгылеит Ҷыҷыкәа иԥазаҵә Адгәыр. Иара, Шәлиман ихылҵышьҭраз зегь рзы дҿырԥшыган, дышқәыԥшӡазгьы, еиҳабык еиԥш агәараҭа дахуп ҳәа иқәгәыӷуан, ргәы ишажьоз рзымдыркәа…
Аԥсны Аџьынџьтәылатәи аибашьраан, 1993 шықәсазы Марттәи ажәылараан Адгәыр аӷа ихымца иԥсҭазаара ҿахнаҵәоит…
Абас еишьҭаргыланы аҭоурыхтә ӡыблара иналаӡа ицеит абиԥара дуӡӡак. Ас еиԥш иҟоу ахҭысқәа Аԥсны даараӡа ирацәоуп. Акзаҵәык угәы ҿазҳәо, еиҵагыло аҿар рабдуцәеи рабацәеи рҭоурых еиқәырханы иахьаарго ауп.
День памяти жертв политических репрессий  - Sputnik Аҧсны, 1920, 30.10.2022
Аԥсны
Ииаҭымхаз абиԥарак: 37-тәи ашықәсқәа ирылаӡыз аишьцәа Шармаҭаа рҭоурых
Ажәабжьқәа зегьы
0