Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Хатәгәаԥхарала Аԥснынтәи Донбасс еибашьуаз руаӡәк иԥсыбаҩ аибашьра алгара рылшеит

© Sputnik / Константин Михальчевский / Амедиаҵәахырҭахь аиасраРабота артиллерийского расчета на Запорожском направлении
Работа артиллерийского расчета на Запорожском направлении - Sputnik Аҧсны, 1920, 30.12.2022
Анапаҵаҩра
Аԥсны АҶА адыррала арратә операциа ахьымҩаԥысуа аҭыԥ аҿы аҭагылазаашьа шыуадаҩыц иаанхоит.
АҞӘА, ԥхынҷкәын 30 - Sputnik. Хатәгәаԥхарала Аԥснынтәи Донбасс еибашьуаз руаӡәк иԥсыбаҩ аибашьра алгара алдыршеит, абри атәы аанацҳауеит Аԥсны АҶА апресс-маҵзура.
"Иахьа ашьыжь хатәгәаԥхарала Аԥснынтәи Донбасс еибашьуаз руаӡәк - Дмитри Ҵәыџьба иԥсыбаҩ аибашьра алгара алдыршеит", - аҳәоит адырраҭараҿы.
АҶ рзы аминистр Лев Кәыҵниа иажәақәа рыла, ҳтәылауаа рҟынтә иӷәӷәаны ихәу аӡәгьы дыҟам.
Аԥсны АҶА адыррала Донецктәи Жәлар рреспубликаҿы иҭахеит хҩык ҳтәылауаа. Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа Аԥсны АҶА анапынҵа риҭеит ДЖәР иҭахаз ҳтәылауаа рыԥсыбаҩқәа ааргарц, аха аԥсыбаҩцәа аԥсышьҭаҵарҭахь иахьнарымгац азы раагара аамҭа иахыгоуп.
Ажәабжьқәа зегьы
0