Росавиациа 50-нтәуп аҳаирбаӷәазақәа рахь аԥырразы аԥкрақәа рыҿҳәара ирыцнаҵоижьҭеи

© Sputnik / Павел Львов / Амедиаҵәахырҭахь аиасраУчебно-тренировочные полеты Су-24 и МиГ-31 в Мурманской области
Учебно-тренировочные полеты Су-24 и МиГ-31 в Мурманской области - Sputnik Аҧсны, 1920, 30.12.2022
Анапаҵаҩра
Аԥкрақәа аларгалеит Украина аоперациа ҷыда ианалага, ашәарҭара ыҟоуп ҳәа иԥхьаӡаны.
АҞӘА, ԥхынҷкәын 30 - Sputnik. Урыстәыла аҳаиртә транспорт Афедералтә маҵзура (Росавиациа) 50-нтәуп Урыстәыла аладатәи аҳаирбаӷәазақәа рахь аԥырразы аԥкрақәа рыҿҳәара ирыцнаҵоижьҭеи, абри атәы аанацҳауеит Краснодартәи атәылаҿацә аоперативтә штаб.
Ажьырныҳәа 8 рҟынӡа аамҭала зусура ԥку аҳаирбаӷәазақәа ирыҵанакуеит Анапа, Белгород, Брианск, Воронеж, Геленџьықь, Краснодар, Курск, Липецк, Ростов-на-Дону, Симферополь, Елиста.
Егьырҭ аҳаирбаӷәазақәа аус шыруц ируоит, Урыстәылатәи аҳаиреилахәырақәа ахархәара рырҭоит Шәача, Аминералтә ӡқәа, Волгоград, Москва, Ставрополь рҳаирбаӷәазақәа.
Урыстәыла аладатәи аҳаирбаӷәазақәа 11 рахь аԥырразы аԥкрақәа аларгалеит Украина аоперациа ҷыда ианалага, жәабран 24 рынахыс ашәарҭара рыҵоуп ҳәа иԥхьаӡаны.
Ажәабжьқәа зегьы
0