Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

"Ԥаса угылан абна агәҭа, уажәы угылоуп ҳаҩны агәҭа…": аԥсаӡ аҵакы аԥсуаа рдунеихәаԥшрала

© SputnikНовогодняя елка города Гудаута
Новогодняя елка города Гудаута  - Sputnik Аҧсны, 1920, 31.12.2022
Анапаҵаҩра
Аԥсаӡ аҵакы аԥсуаа рдунеихәаԥшраҿы иааннакыло аҭыԥи, уи Аԥсны архиара ианалагеи ртәы дазааҭгылоит Нарҭдырреи адәынтәи афольклорҭҵаареи рцентр аҭҵаарадырратә усзуҩы Есма Ҭодуаԥҳа.
Адунеи ажәларқәа зегь реиԥш аԥсуаа аҵла акульт ҳаракны иршьоит. Аҵлақәа ршоит зымшьҭа бзиоуи зымшьҭа цәгьоуи аҵлақәа ҳәа. Абри аганахьала аԥсаӡ асимволтә ҵакы акыр еиларсуп. Иара адунеитә ҵла ҳәа иршьоит – адунеи х-хәҭакны аҽшеиҩнашо еиԥш, ақәцә – хыхьтәи (ажәҩан) адунеи иадыркылоит, амахәҭақәа – ҳазну адунеи, адацқәа – ҵаҟатәи (адгьыл аҵа) адунеи. Убри инамаданы аԥсаӡ ахаҿсахьа ганкахьала иԥшьоу акеиԥш иазыҟоуп, даҽаганкахьала - амч лашьцақәа еизызго акәны иахәаԥшуеит.
Аԥсаӡ - Sputnik Аҧсны, 1920, 31.12.2021
Х-дунеик еимаздо: аԥсаӡ аҵаки уи архиашьеи аԥсуаа рдунеихәаԥшышьала
Аԥсаӡ – ақьабзтә ҵланы иԥхьаӡоуп. Избанзар иара амахәҭақәа еиуеиԥшым ақьабзқәа рҿы ахархәара рымоуп. Аԥсуаа иара аҩны ааигәара еиҭарҳаӡом, амышьҭа бзиаӡам ҳәа иҧхьаӡаны, аҩнаҭа аҿиара, аизҳара азаанагаӡом ҳәа, уимоу уи иаԥырхагоуп ҳәа ирыԥхьаӡоит. Аха иара убри аан аԥсаӡ џьанаҭ ҵлоуп, еснагь ииаҵәоу ҳәа ишьаны анышәынҭрақәа рҿы еиҭарҳауеит.
Аԥсаӡ аҩныҟа иҩнагаланы ашықәс ҿыц азгәаҭара иалагеижьҭеи рацәак ҵуам. Уаанӡа абнахь ицаны акәын ишныҳәоз. Ҿырԥштәыс иааҳгозар, аҵла ашьапаҿы инеины аныҳәара мҩаԥыргоит еиуеиԥшым ажәлантәқәа рныҳәарақәа раангьы (досу дара зымҵаныҳәо аҵлаҿы, иаҳҳәап: Габниаа аҭәаҵла иамҵаныҳәоит, Аираа – аџьҵла уб.егь). Убас ашықәс ҿыц аԥылараангьы, жәытәла уи амра агылара иадырҳәалон, убас абнахь ицаны ҵлак ашьапаҿы аныҳәара мҩаԥыргон шьтәак ашьа каҭәаны.

Аԥсаӡ ашықәс ҿыцтәи ныҳәатә ҵланы раԥхьаӡа иршьо иахьалагаз Германиа ауп. Аԥсуаа ҳҿы ашықәс ҿыц азы, синформантцәа ражәақәа рыла, иарбанзаалак уи аамҭаз ишәҭуаз иаҵәа махәык аҩны иҩнаргалон, уи амимозаҵла амахә акәзар ауан, ма адаԥа, нас ауп аԥсаӡ дыргыло ианалага. Аԥсаӡ аҩны ианыҩнаргалогьы аԥхьа ашәхымс аҿы аҳәымсаг шьҭарҵоит, уи иалоу амч лашьцақәа аҩныҟа иҩнанамыжьларц азы. Аҩны иара ҭыԥс иазалхугьы акәакь ауп. Аԥсаӡ акәакь аҿы аргылара аҭыԥтә ҵакыла ҳара ҳазқәынхои егьи иаҳзымдыруа нарцәытәи адунеии рҳәаақәа аанарԥшуеит.

Ҳаамҭазы еиҳа-еиҳа зыԥсы ҭоу аԥсаӡ ҵлақәа рыԥсахуеит адекоративтә ԥсаҵлақәа рыла. Абасалагьы, "аԥсаӡ, аԥсаӡ уԥшӡаӡа, ԥаса угылан абна агәҭа, уажәы угылоуп аҩны агәҭа" ҳәа ирҳәо ашәа аԥсаӡ иакәшаны иангәырӷьо, ашьаҭақәа акырӡа иҵаулоуп, ажәлар разгәаҭарақәа, рхаҵарақәа, рдунеихәаԥшра аҟынтәи иаауеит. Аха макьанагьы еилкааны иҭҵаам лымкаала аԥсаӡ ашықәс ҽыцтәи ныҳәатә ҵланы изыҟалаз.
Аԥсаҵла - Sputnik Аҧсны, 1920, 16.12.2018
Ашықәс ҿыц аҧылара иадҳәалоу агәрагарақәеи азгәаҭарақәеи
Ажәабжьқәа зегьы
0