Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

"Злымҳа кьацәу ашықәс": ажьа иазку гәаанагарақәак

CC0 / / Кролик
Кролик - Sputnik Аҧсны, 1920, 01.01.2023
Анапаҵаҩра
Аԥсуаа ажьа иазкны ирымоу гәаанагарақәак ҳадылгалоит Аԥсуаҭҵааратә институт афольклортә лабораториа аусзуҩ Сусанна Ҭаниаԥҳа.
Ҳазҭало Ашықәс ҿыц мрагыларатәи агороскоп инақәыршәаны ажьа иашықәсуп. Ажьа - ԥшӡара згым, цәгьалаҵәҟьа иҟәымшәышәу ԥстәуп.
Астрологцәа разгәаҭарақәа рахьтә, ажьа ашықәс азы ииз ауаа ргәы аартуп, рҟазшьа ласуп, мҽыӷра рылаӡам.
Ажьеи аԥсуааи
Ажьа даҽакала “лымҳакьацә” ма “лымҳакәацә” ҳәа азырҳәоит. Баграт Шьынқәба ироман “Ахаҳә еиҩса” аҿы иаҳԥылоит абри аҩыза ацәаҳәақәа: "Бежьан аҳаблаҿ еиланхоз ҳажәлантә зегьы дреиҳабын, иара иакәын аныҳәагатәқәагьы мҩаԥызгоз, ацәашьы икын. Ҳажәлантә аҭаацәа, аҭацацәа, сан раԥхьа днаргыланы, заҵа сабду ихьӡ рымҳәарыз, иахаршалаз ажәакгьы рҿадыршәуамызт, иаҳҳәап, "ажьа", "Бежьан" иахаршалоуп ҳәа "лымҳа кьацә" ҳәа иашьҭан".
Аҵарауаҩ Чурсин иетнографиатә нҵамҭақәа рҿы ишарбоу ала, ԥаса ажьа ианеишәарыцоз аҽыҵәахразы анхаҩы иашҭа-игәара иҭалазҭгьы, ихаҭагьы дакьысуамызт, иеишәарыцозгьы идиршьуамызт: “Сара исысасуп, акьысра азин ыҟам”, – иҳәон.
Ажьа ҵыхәада
Ажьа аҭеиҭыԥш аганахьала уахцәажәозар, игәоумҭарц залшом иара аҵыхәа егьырҭ аԥстәқәа раасҭа акыр ишкьаҿу. Убри инамаданы, ҳазхьаԥшып жәлар рҿаԥыцтә рҿиамҭақәа рхыԥша, рцәаҩа зхубаауа Платон Бебиа иажәабжь "Ажьа ҵыхәада".
Ирҳәоит, аԥстәқәа анкьа ҵыхәа рымаӡамызт ҳәа. Аха иааит урҭ аҵыхәа анырзыршоз аамҭагьы. Цас иауазшәа, аҽны амшцәгьа бааԥс ҟалеит. Аха уи усс измадаз. Аԥстәқәа аҵыхәақәа ахьырзыршоз еибарсны ицон.
Ажьа амшцәгьа ицәыло иҟазма! Цәыҵарак аԥшаан, инеины инхәыҵатәеит. "Уаала, уара, мамзар ҵыхәада унхоит!" – рҳәеит уи збаз. – "Шәара шәанаауа исзаажәга, сара ақәа сцәылар, ахьҭа сылалоит!" – инарашьапкит Ажьа. Анаатә зҿанаҳәо ҵыхәа аагара ицаз аԥстәқәа уи уссгьы ирымкит. Иахьнеиз зегьы аҵыхәақәа рзыршеит. Ҵыхәада инхаз, ахьҭа иацәшәаны ацәыҵара ицәы­ҵатәаз Ажьа заҵәык акәхеит.
Новогодняя елка города Гудаута  - Sputnik Аҧсны, 1920, 31.12.2022
Аԥсны
"Ԥаса угылан абна агәҭа, уажәы угылоуп ҳаҩны агәҭа…": аԥсаӡ аҵакы аԥсуаа рдунеихәаԥшрала
Ажәаԥҟақәа
Ажьа ԥстәык аҳасабала ԥсы зхоу акы иаԥырхагам, аха иара зыцәшәо рацәаӡоуп, ԥсабарала инамыцхәынгьы ашәаргәындара алоуп. Жәлар ражәаҳәаҿы иуԥылар алшоит абас еиԥш иҟоу ажьа иазку ажәаԥҟақәа:
Ажьа абахә иацәгәышуан, абахә ажьа шыҟоугьы аздыруамызт
Ажьа ашьҭала амшә узылцом
Ажьа зкыз аԥышә дагәӡуан, иара аблақәа абнахь иԥшуан
Ажьа "атәарҭа соур, аҳәырҭа шсоурыз" аҳәеит
Имццакыз ажьа уардынла икуеит
Ажьа амарда ихалозар, еиҳа иҩуеит
Аҽада ажьа алымҳа џьанашьон, иара алымҳақәа заҟараз азеилкаауамызт
Ҭакәажәык дыштәаз жьак лкит / Ҭакәажәык ажьа ахьылкыз, еснагь дцон
Ажьа шаҟа итәаз аҟара икәарит / Ажьа шаҟа итәаз аҟара иҩит
Ажьа ахьыҵҟьаз иаанагоит /Ажьа раԥхьа иахьыҵҟьаз ахь ихынҳәуеит
Ажьа алақәа зегьы ирыцәшәоит, аха алақәа зегьы ажьа рызкуам ∕ Ажьа ажьы алақәа зегьы ирфоит, аха зегьы ирызкуам.
Жәлар разгәаҭарақәа
Аԥсуа жәлар разгәаҭарақәа рҿы иҳәоуп:
Ашьыжь, “угәы ахәыц еиҩнаҵәо” уаныҟоу аамҭазы ажьа уԥылар, ма умҩа еихнаҵәар, уманшәалахом.
Зцәа зтәым аԥҳәыс ажьа ажьы лфар, ахәыҷы илақәа ажьа алақәа реиԥш иҟәазхоит.
Празднование дня рождения тигра Амура в Приморском сафари-парке - Sputnik Аҧсны, 1920, 14.01.2022
Аԥсны
"Абжьас даҩызоуп": ауаҩи абжьаси рҟазшьеиҿырԥшрақәак
Ажәабжьқәа зегьы
0