Ҭырқәтәыла Амшын еиқәа агаз шаҟа ҭаҵәаху ҭнаҵааит

© Sputnik / Михаил Мордасов / Амедиаҵәахырҭахь аиасраШторм в городе Сочи
Шторм в городе Сочи - Sputnik Аҧсны, 1920, 07.01.2023
Анапаҵаҩра
Уажәы адгьылаҿтәи аусурақәа ирҿуп 6500-ҩык ауааԥсыра, амшын аҿы - 2500-ҩык аҟазацәа, агаз аҵхразы апроект анагӡара иазоужьуп ԥшьышықәса.
АҞӘА, ажьырныҳәа 7 - Sputnik. Амшын еиқәа иҵоуп ҳәа ишьақәдырӷәӷәаз агаз амҽхак Ҭырқәтәыла ауааԥсыра 33 шықәса ирызхоит ҳәа аанацҳауеит РИА Новости Ҭырқәтәыла афымцамчи аԥсабаратә хыҵхырҭақәеи рминистр Фатих Донмез иажәақәа шьаҭас иҟаҵаны.
"Амшын еиқәа Ҭырқәтәыла иахьаҵанакуа ахыҵхырҭа "Сакариа" аҿы иҵоуп ҳәа ишьақәырӷәӷәоу аԥсабаратә газ аҭаҵәахқәа рымҽхак 710 миллиард кубометра, ари Ҭырқәтәыла ауааԥсыра 33 шықәса ирызхоит", - иҳәеит аминистр.
Донмез иазгәеиҭеит ԥшьышықәса рышьҭахь атәыла Амшын еиқәаҿы иреиҳаӡоу агаз аҵхра иреиҳаӡоу аҩаӡараҟынӡа ихалоит, аимпорт 30% рыла аиҵатәра рылшоит.
Амшын еиқәаҿы 540 миллиард кубометра агаз ахьыҵоу аҭыԥ рыԥшааит 202 шықәсазы. Усҟан Ҭырқәтәыла ахада Реџьеп Таиип Ердоган ари аҭыԥ атәылаҿы зегьы иреиҳауп ҳәа ахиҳәааит.
Иара убас иара иазгәеиҭеит амшын аҿы ишыԥшааз даҽа хыҵхырҭак, 58 миллиард кубометра агаз ахьыҵо, зеиԥшла Амшын еиқәаҿы ирԥшааз агаз зынӡа 710 миллиард кубометр ыҟоуп.
Президент РФ В. Путин провел заседание Совета по развитию гражданского общества и правам человека - Sputnik Аҧсны, 1920, 05.01.2023
Украина, ААС "Аккую", агазтә хаб апроекти ирылацәажәеит Путини Ердогани
Ажәабжьқәа зегьы
0