Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Аԥсны акультуратә афиша: атеатр амчыбжь

© SputnikЗанавес
Занавес - Sputnik Аҧсны, 1920, 08.01.2023
Анапаҵаҩра
Аинформациатә маҵзура Sputnik Аԥсны ишәыднагалоит ажьырныҳәа 8-15 рызтәи акультуратә хҭысқәа рафиша.
Ҳазҭалаз ашықәс ҿыц аҩбатәи амчыбжь аԥсышәалеи урысшәалеи иҟоу атеатралтә қәыргыламҭақәа рыла ибеиоуп.
Sputnik
Аԥсуа ҳәынҭқарратә аҿар ртеатр ажьырныҳәа 9 асааҭ 18:30 рзы иаҳнарбоит "Лхаҵкы аминистр иԥҳәыс" захьӡу аспектакль.
Арежиссиор Есма Џьниаԥҳа иқәлыргылаз еснагь иактуалтәу атема змоу аспектакль аҿы иаарԥшуп амалрҳареи амчреи ирышьҭоу ауаҩы иҭоурых. Илҭахыз анлоу ашьҭахь, афырхаҵа хада илзааигәоу ауааи лареи реизыҟазаашьақәа бжьысуеит, илырҳазгьы лцәыӡуеит.
Премьера молодежного театра  Госпожа Министерша - Sputnik Аҧсны, 1920, 01.04.2022
Атәамбареи ақәымчреи аҳра аныруа: "Лхаҵкы аминистр иԥҳәыс" аԥхьарбара
Аԥсуа ҳәынҭқарратә драматә театр аҿы ажьырныҳәа 12 асааҭ 18:00 рзы ижәбар шәылшоит аиспан поет, адраматург Федерико Гарсиа Лорка ипиесала иқәыргылоу аспектакль "Бернарда Альба лыҩны".
Мадина Аргәынԥҳа иқәлыргылаз адрамаҿы еиҭаҳәоуп аиспан қыҭақәа рҿы аԥҳәыс лыԥсҭазаара зеиԥшраз, ҷыдала аԥҳәысеиба Бернарда Альба, аҩбатәи лхаҵа данлыԥха ашьҭахь рҵас излаҳәо ала лҭаацәа зегьы аашықәса ашәы рзыршәымхуа иҟалҵеит.
РУСДРАМ аҿы иҟалоит акымкәа аспектакльқәа. Ажьырныҳәа 10 асааҭ 19:00 рзы ахәаԥшцәа иддырбоит "Софичка". Уи ықәлыргылеит Елена Одинцова Фазиль Искандер ироман ала.
Репетиция спектакля Софичка в РУСДРАМе - Sputnik Аҧсны, 1920, 09.12.2022
Аԥсны
"Софичка" аԥхьарбара иазкыз апресс-конференциа мҩаԥысит Аҟәа
Ажьырныҳәа 11 асааҭ 18:00 рзы шәахәаԥшыр шәылшоит амоно-спектакль "Енџьи-ҳаным, зынасыԥ зцымныҟәаз", уи ықәыргылоуп аԥсуа шәҟәыҩҩы Даур Занҭариа иповест амотивқәа рыла. Уи аҟны иуԥылоит аҭоурых ашьҭақәеи адоуҳатә мифологиатә еилазаашьеи.
Асценаҿы - Аԥсны зҽаԥсазтәыз артистка Анна Гиурегиан, арежиссиор - Мариа Романова.
Ажьырныҳәа 12 асааҭ 19:00, 21:00 рзы асценаҿы иддырбоит Жорди Галсерана испектакль "Метод" Марк Вдовин иқәыргыламҭала. Ари психологиатә усумҭоуп, иаанарԥшуеит аиҿкаара ду аҿы атоп-менечьер имаҵуразы ԥшьҩык акандидатцәа рҭоурых.
Ажьырныҳәа 13 рзы РУСДРАМ аҿы асааҭ 19:00 рзы аҳҭнықалақь анхацәеи асасцәеи иахәаԥшыр рылшоит аспектакль "Абырг Хабыгә игәыжь ажәабжь". Искандер иҩымҭа амотивқәа рыла ари аспектакль ықәиргылеит Антон Корнилов.
Арольқәа нарыгӡоит Џьамбул Жорданиа, Кирилл Шишкин, Осман Абыхәба, Руслан Жьиба, Аманда Кәарацхьелиа, Марина Сыҷынаа, Ирина Делба.
Мул старого Хабуга - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.05.2022
Аԥсны
Агротеск ҟазшьа змоу аԥсуа комедиа, мамзаргьы РУСДРАМ аҭаара заҭаху
Ажьырныҳәа 14 асааҭ 19:00 РУСДРАМ аҿы иддырбоит амоно-спектакль "Ацынҵәарах". Иқәиргылеит Џьамбул Жорданиа Баграт Шьынқәба еицырдыруа ироман ала.
Уи азкуп Урыстәылатәи аимпериеи Кавказ жәларқәеи реибашьра иалҵшәаны зыԥсадгьыл ныжьны имцар ада ԥсыхәа змауз аублаа жәлар рлахьынҵеиқәаҵәа. Заурҟан Золак ироль хада наигӡоит Осман Абыхәба. Уи иоуп адораматизм аҵаҵан ижәлар рҭоурых еиҭазҳәо ари амоно-спектакль аҿы.
Ажәабжьқәа зегьы
0