Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Ашәарыцаҩ Ратиа: иубаз ашәарах зегьы шьны аҩныҟа иааугар шамуа дырҵатәуп аҿар

Ашәарыцаҩ Ратиа: иубаз ашәарах зегьы шьны аҩныҟа иааугар шамуа дырҵатәуп аҿар
Анапаҵаҩра
Ашәарыцара аамҭа аилашымҭоуп. Ари аус иазҟазоу зегьы хҭацәыхак шаароулак ршәақьқәа аанкыланы шәарыцара еихоит. Жәытәнатә аахыс аԥсуаа зызҟазаз аус ашықәсқәа цацыԥхьаӡа азнеишьа аҽаԥсахит. Ажәытә иҟаз ақьабзқәа еиқәырханы иабанӡаҟоу, уззышәарыцар ҟало абанӡеилдырго ашәарыцаҩцәа? Абна иацу ахатә закәанқәеи аԥҟарақәеи, насгьы сынтәатәи асезон амҩасшьеи дрылацәажәеит аԥышәа змоу ашәарыцаҩ Ныгәзар Ратиа.
"Даараӡа аҵакы змоу, аинтерес зҵоу усуп ашәарыцара. Иушьуа акәӡам хадара злоу, узлаԥшуа аԥсабараҟны, аԥсҭазаара иахылҵны адәы иқәу, Ҳазшаз дахылаԥшны, Ажәеиԥшьаа хылаԥшра зырҭо иара ишаҵасу еиԥш уазнеины, иуҿаҵахәны ианурҭо - убри ауп ашәарыцара захьӡу. Уигьы ашықәсан знык аамҭак амоуп. Иара ишахәҭоу еиԥш уанацныҟәа, иагьхаауп, иагьгьамоуп, иагьқьабзуп, ҳаԥсуара иатәуп. Ашәарыцаҩ дахьыцәоугьы игәы иҭоуп, ԥхыӡ ибоит ашәарах, уи ашьра мацара акәӡам, ахәаԥшра, арҿиара, пату ақәҵара, еиҵагыло аҿар дырбара, ишазнеитәу, ишаагатәу, ахәы ашара шаҭаху акраҵанакуеит. Ашәарыцаҩ иитәу жьахәҭак ауп, егьи зегьы Ажәеиԥшьаа иурҭаз ауаа рҿаҵахәы алоуп. Досу зҿаҵахәы алоу ирыхьӡо ҳәа иныҳәоит", - иҳәеит Ратиа.
Аицәажәара иаҳа инеиҵыхны ишәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны хыхь.
Ажәабжьқәа зегьы
0