Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Аслан Бжьаниа Аԥсны Жәлар рпоет Мушьни Лашәриа дидикылеит

© Sputnik / Томас Тхайцук Мушни Ласурия и Аслан Бжания
Мушни Ласурия и Аслан Бжания  - Sputnik Аҧсны, 1920, 17.01.2023
Анапаҵаҩра
Аԥсны Жәлар рпоет, Аԥсны Ашәҟәыҩҩцәа Рассоциациа ахантәаҩы, иреиҳаӡоу аҳәынҭқарратә ҳамҭа "Ахьӡ-Аԥша" аорден I аҩаӡара занашьоу, Пушкин имедал иаԥсахахьоу Мушьни Лашәриа ажьырныҳәа 16 рзы 85 шықәса ихыҵит.
АҞӘА, ажьырныҳәа 17 - Sputnik. Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа дидикылеит ажьырныҳәа 16 рзы 85 шықәса зхыҵыз Аԥсны Жәлар рпоет Мушьни Лашәриа.
"Шәара аҟыбаҩ ҷыда змоу поетуп, шәҟәыҩҩуп, шәара еиҭажәгахьеит адунеитә литератураҿы иреиӷьӡоу аԥҵамҭақәа. Шәылшамҭақәа Аԥсны еиԥш Урыстәылагьы иазгәарҭахьеит", - иҳәеит ахада.
Мушьниа Лашәриа иажәақәа рыла, иара ирҿиаратә мҩа иара имацара илшаз акакәӡам, уи рыбзоуроуп дызлыиааз ашәҟәыҩҩцәа хатәрақәа.
"Насыԥуп ажәытә ҭоурых змоу ажәлар сахьрылҵыз, иаиааиз ажәлар саԥоуп. Ажәлар рымаҵ аураҿы аихьӡарақәа шәзеиӷьасшьоит. Адунеи аҟны аҭагылазаашьа уадаҩуп, Урыстәыла Украина арратә операциа ҷыда мҩаԥнагоит. Уи Аԥсны анырра анамҭар алшом, аха шәара ҳаиҳабыра урҭ риааира шшәылшо агәра згоит", - иҳәеит Мушьни Лашәриа.
Аԥсны ахадеи Жәлар рпоети адунеитә литературеи, аҳәынҭқарратә бызшәа аҿиареи азҵаарақәа ирылацәажәеит.
Аслан Бжьаниа Аԥсны Жәлар рпоет Мушьни Лашәриа ҳамҭас ииҭеит Аԥсны Абанк иҭнажьыз аԥараҿырԥқәа.
Мушьни Лашәриа 85 шықәса ихыҵит - Sputnik Аҧсны, 1920, 16.01.2023
"Жәларык роуп сзыхшаз!": Мушьни Лашәриа 85 шықәса ихыҵит
2010 шықәса рзы Кремельтәи ахан аҿы Урыстәыла ахада Дмитри Медведев Александр Пушкин иажәеинраалоу ироман "Евгении Онегин" аԥсшәахь еиҭагазы Мушьни Лашәриа Пушкин ихьӡ зху аҳәынҭқарратә ҳамҭа ианашьан.
Лашәриа Мушьни Таииа-иԥа - апоет, аиҭагаҩ, алитератураҭҵааҩ, акритик, диит ажьырныҳәа 16, 1938 шықәса рзы Аԥсны, Очамчыра араион Кәтол ақыҭан. Афилологиатә ҭҵаарадыррақәа ркандидат, Аԥсны жәлар рпоет, Аԥсны Аҭҵаарадыррақәа ракадемиа академик. Аԥсны аҭҵаарадырра зҽаԥсазтәыз аусзуҩы. Ш. Русҭавели ихьӡ зху Қырҭтәыла аҳәынҭқарратә премиа (Ш. Русҭавели иҩымҭа "Абжьас-цәа зшәу" аиҭагазы), Д. И. Гәлиа ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә премиа ианашьоуп (2004, "Аԥсуа поезиа антологиа. ХХ ашә." аиқәыршәаразы), А. Дельвиг ихьӡ зху Урыстәылатәи апремиа, Ацқьацәа Кирилли Мифодии рыхьӡ зху Апатриархтә литературатә премиа, Вадим Кожинов ихьӡ зху ажурнал "Наш современник" алитературатә премиа. Ианашьоуп аорденқәа: "Аҳаҭыр Дырга", "Ахьӡ-Аԥша" I, II, III аҩаӡарақәа. СССР-и, Урыстәылеи, Аԥсни Рышәҟәыҩҩцәа реидгылақәа, ашьҭахь Аԥсны Ашәҟәыҩҩцәа рассоциациа рлахәыла, Аԥсны Ашәҟәыҩҩцәа рассоциациа ахантәаҩы.
Ажәабжьқәа зегьы
0