Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Аԥсны аҵара аминистрра ахәыҷқәа рзы Аконституциа 1500 цыра ашколқәа ирзыршеит

© Foto / Сайт Конституционного суда АбхазииИллюстрированная Конституция Абхазии для детей
Иллюстрированная Конституция Абхазии для детей   - Sputnik Аҧсны, 1920, 22.01.2023
Анапаҵаҩра
Аԥсны Аконституциатә ӡбарҭа иҳаҩсыз ашықәс ԥхынҷкәынмзазы иҭнажьит сахьала иҩычоу ахәыҷқәа рзы Аконституциа.
АҞӘА, ажьырныҳәа 22 – Sputnik. Аԥсны аҵареи абызшәатә политикеи аминистрра сахьала иҩычоу ахәыҷқәа рзы Аконституциа 1500 цыра ашколқәа ирзыршеит.
Иазгәаҭоуп школцыԥхьаӡа ишроуа 10-10 шәҟәы. Ԥыҭрак ашьҭахь иҵегьы иҭрыжьраны иҟоуп.
Ахәыҷқәа рзы Аконституциа ҭнажьит Аԥсны Аконституциатә ӡбарҭа. Ашәҟәы аҭыжьра лаԥшьгамҭоуп Аконституциатә ӡбарҭа аиҳабы Лиудмила Хоџьашьвили.
Ашәҟәаҿы бызшәа мариала иалацәажәоуп аҳәынҭқарра закәу, атәылауаа зинқәаси хақәиҭрақәаси ирымоу, амчра ахырхарҭа хадақәа хԥа реинырра шеиҿкаатәу.
Ашәҟәазы аиллиустрациақәа аԥырҵеит ахәыҷтәы ҟазаратә центри арт-студиеи рҵаҩцәа. Асеиԥш ашәҟәы аҩычара азырхоуп аудиториа хада – ахәыҷқәа аинтерес рызцәыргара. Зынӡа иҭыжьуп ҩ-нызқь цыра.
Конституция РА - Sputnik Аҧсны, 1920, 16.12.2022
Аԥсны
Аԥсны иҭрыжьит ахәыҷқәа рзы Аконституциа
Ажәабжьқәа зегьы
0