Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Аԥсны акультуратә афиша: "Абырг Ҳабыгә игәыжь ажәабжь", хаҭалатәи ацәыргақәҵа

© Sputnik / Томас Тхайцук Первый спектакль в Русдраме после ограничительных мер
Первый спектакль в Русдраме после ограничительных мер - Sputnik Аҧсны, 1920, 23.01.2023
Анапаҵаҩра
Аинформациатә маҵзура Sputnik Аԥсны ишәыднагалоит ажьырныҳәа 23-29 рызтәи акультуратә хҭысқәа рафиша.
Sputnik
Ҳазҭало амчыбжь ҿыц акультуратә хҭысқәа рыла рацәак ибеиамзаргьы, иҟоуп уахьнеиша, иубаша.
Ажьырныҳәа 27, 28 рзы РУСДРАМ асааҭ 19:00 рзы аҳҭнықалақь ауааԥсыреи асасцәеи иахәаԥшыр рылшоит аспектакль "Абырг Хабыгә игәыжь ажәабжь". Искандер иҩымҭа амотивқәа рыла ари аспектакль ықәиргылеит Антон Корнилов.
Арольқәа нарыгӡоит Џьамбул Жорданиа, Кирилл Шишкин, Осман Абыхәба, Руслан Жьиба, Аманда Кәарацхьелиаԥҳа, Марина Сыҷынааԥҳа, Ирина Делԥҳа.
Показ эскиза спектакля в РУСДРАМе  Рассказ мула старого Хабуга - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.05.2022
Аԥсны
Аԥсыуа лафла еибарку: аспектакль "Абырг Хабыгә игәыжь ажәабжь" Sputnik афотолентаҿы
Ажьырныҳәа 25 асааҭ 12:00 рзы Ацәыргақәҵатә зал аҿы иаартхоит аԥсуа сахьаҭыхыҩ Геннади Барцыц ирҿиамҭа иазку аекспозициа.
Геннади Барцыц – Аԥсны зҽаԥсазтәыз асахьаҭыхыҩ, СССР жәлар рсахьаҭыхыҩ А.М. Шилов иҵаҩы. 1989 шықәсазы Аҟәа имҩаԥган раԥхьатәи ицәыргақәҵа.
Барцыц иара убасгьы дрылахәын Москва, Санкт-Петербург, Прага, Ниу-Иорк, Париж, Вильниус, Минск, Бақәа уҳәа рҟны ацәыргақәҵақәа. Иусумҭақәа ахатәы коллекциақәа ирылахәуп.
Ажәабжьқәа зегьы
0