Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Аԥснытәи адзиудоистцәа қәыԥшцәа Армавир аицлабрақәа ирылахәын

© Foto / копирайт Андрей ПогосовСостязания по дзюдо "Триумф Energy"
Состязания по дзюдо Триумф Energy - Sputnik Аҧсны, 1920, 24.01.2023
Анапаҵаҩра
Армавир, ажьырныҳәа 16 - 19 рзы имҩаԥысит 16 команда рҟынтәи 250-ҩык аспортсменцәа злахәыз аицлабрақәа.
АҞӘА, ажьырныҳәа 24 - Sputnik. Дзиудои самбои рзы аспорттә клуб "Алмаз" иатәу Аԥснытәи адзиудоистцәа қәыԥшцәа Армавир имҩаԥысуаз жәларбжьаратәи алига "Триумф Energy" иатәу аицлабрақәа ирылахәын. Аицлабрахь иаҵанакуан 2009-2010 шықәсқәа рзы ииз арԥарацәеи аҭыԥҳацәеи ҳәа Sputnik иазеиҭеиҳәеит Аԥсны самбои дзиудои рзы Афедерациа аиҳабы Андреи Погосов.
Аԥснытәи аспортсменцәа хә-еиԥылара мҩаԥыргеит. Актәи аиԥылараан иаиааит, егьырҭ раан ирықәымҿиеит.
"Ус шакәызгьы ҳхәыҷқәа аиааира агәаҳәара шрымаз аарԥшуа, аҵыхәтәанынӡа иқәԥон. Аицлабра иаҳнарбеит еиҳа азхьаԥшра, аус зыдулара аҭахны иҟоу", - ҳәа иҳәеит Погосов.
Армавир, ажьырныҳәа 16 - 19 рзы имҩаԥысуаз аицлабрақәа ирылахәын 16 команда: Аԥсны, Краснодар, Армавир, Новороссииск, Тҟәаԥс, Ростов-на-Дону, Волгоград, Севастополь, Керч, Ареспублика Адыгеиа, Калмыкиа рҟынтәи.
Аицлабрақәа ирыцҵахоит жәабранмзазы Новороссииск, хәажәкырамзазы – Маиҟәаԥ.
Ажәабжьқәа зегьы
0