Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Аԥсны аҳәынҭстандарт Аҟәа агаз баллонқәа рхархәара шеилаго атәы азгәарҭеит

CC0 / / Газовый баллон
Газовый баллон - Sputnik Аҧсны, 1920, 26.01.2023
Анапаҵаҩра
Аԥсны Аҳәынҭстандарт агаз баллонқәа рымҩаԥгареи рырҭәреи шымҩаԥысуа агәаҭаразы ареидқәа мҩаԥнагеит.
АҞӘА, ажьырныҳәа 26– Sputnik. Агәаҭарақәа риехшьаалала ишьақәыргылан агаз баллонқәа шыдмырҭәуа, абри атәы арадио Sputnik иазеиҭеиҳәеит Аҳәынҭстандарт астандартқәеи, астандартқәеи, асертификациеи, аккредитациеи, аметрологиатә хылаԥшреи аиҳабы Ҭемыр Лагәлаа.
"Абаллон 11 кьыла агаз ҭазароуп. Агәаҭарақәа раан ишьақәҳаргылеит 4 кьылак згу шыҟоу, 1,2 кьыла згу шыҟоу. Уажәазы Аҟәа акәын еиҭаҵуа амашьынақәа ргәаҭарақәа ахьымҩаԥаагоз", - иҳәеит иара.
Агаз ахьҭарҭәо аҭыԥқәа рҿы акапангақәа гылоуп рырҭәра агәаҭара алшоит ҳәа иҳәеит Лагәлаа.
"Абаллон анҭарҭәо иаазхәо илшоит иҭарҭәо шҭарҭәо агәаҭара. Абаллон аҿы иануп акапан азы адырра, иара 11 -17 кьыла иҟазар ауп", - иҳәеит Аҳәынҭстандарт аусзуҩ.
Агәаҭарақәа мҩаԥысит аусбарҭахь инашьҭыз ашшыԥхьыӡқәа рыла ҳәа иҳәеит Ҭемур Лагәлаа.
Иара иажәақәа рыла агәаҭарақәа хыркәшоуп, аусбарҭа аҟазауаа аилагарақәа рзы ашәҟәынҵақәа мҩаԥыргоит.
"Абаллонқәа ршәарҭадара атехника акәзаргьы аныҟәцаҩцәа иазгәарҭаӡом, ирҳәоит абаллонқәа рҭыгара шырзыманшәалам. Абаллонқәа ашәарҭадара атехника иақәшәо рымҩангара ҳҽазаҳшәоит", - иҳәеит иара.
Ашәарҭадаратә техника ала абаллон аредуктортә хәҭа амҩахь ахы хамзароуп, амҩатә машәыр ҟалар иахымҟьарц азы ҳәа иҳәеит аҟазауаҩ.
Ажәабжьқәа зегьы
0