Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Аҩӡба еиҭеиҳәеит Гәдоуҭа амҩадуқәеи, апаркқәеи рҟны арҽеиратә усурақәа шцо ртәы

Аҩӡба еиҭеиҳәеит, Гәдоуҭа амҩадуқәеи, апаркқәеи реиҭашьақәыргыларатә усмҩаԥгатәқәа ртәы
Анапаҵаҩра
Гәдоуҭа араион ахада ихаҭыԥуаҩ Валери Аҩӡба арадио Sputnik аефир аҿы еиҭеиҳәеит ақалақь аҩнуҵҟа ицо аиҭашьықәыргыларатә аусурақәа ртәы.
Арҽеиратә усурақәа мҩаԥысуеит абизнес знапы алаку иҟарҵаз ацхыраареи араионтә биуџьет аҟынтәы иазоушьҭу аԥарақәа рыла, ҳәа азгәеиҭеит аиҿцәажәараҿы Аҩӡба.
"Ақалақь амҩаду хадаҿы Ҭырқәтәылантәи иаагаз апальмақәа еиҭаҳан араион аҿы инхо абизнес знапы алаку аҷкәынцәа иҟарҵаз ацхыраара ала. Араионтә биуџьет аҟынтә иазгәаҭан иҟан ақалақь аҿы игылоу иҭахаз аибашьцәа ргәалашәаразы абаҟа акәша-мыкәша аиҭашьақәыргыларатә усурақәа рымҩаԥгара, урҭ шьҭа ихыркәшоуп. Иара уи адагьы, апарк аҿы аршьаҟауаа рзы амҩақәа еиҭаҟаҵан, уи анаҩс аҵара аусбарҭа ахьыҟоу ахыбра азааигәара аӡыршә еиҭашьақәыргылан", - еиҭеиҳәеит Аҩӡба.
Гәдоуҭа араион ахада ихаҭыԥуаҩ иҳәеит, ақалақь ариаҵәаразы еиҭа иазгәаҭоу аусурақәа ртәы.
Иаҳа инарҭбааны аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.
Ажәабжьқәа зегьы
0