Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Аԥсны афымцалашара ахә ахшәааразы Гал араион актәи аҭыԥ ааннакылоит

© Sputnik / Виталий Аньков / Амедиаҵәахырҭахь аиасраЭлектросчетчик
Электросчетчик - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.01.2023
Анапаҵаҩра
"Амшынеиқәафымцамч" аусзуҩцәа Гал араион афымцаԥхьаӡагақәа рықәыргылара ишаҿыц иаҿуп, ауснагӡатә нап аркын 2014 шықәсазы.
АҞӘА, ажьырныҳәа 28 – Sputnik. Аԥсны афымцалашара ахә ахшәааразы Гал араион актәи аҭыԥ ааннакылоит, абри атәы аанацҳауеит "ГалМедиа".

"Амшынеиқәафымцамч" галтәи аҟәша аиҳабы Ниаз Џьгьеренаиа иажәақәа рыла, иқәыргылоу афымцаԥхьаӡагақәа ирыбзоураны хазхаҭалатәи ахархәаҩцәа рыбжьара алашара ахә алхра 90% инаӡоит.

"Ауааԥсыра рыбжьара афымца ахә ахшәаара 31% ыҟоуп, ус акәзаргьы, Гал аԥхьа игылоуп", - иҳәеит иара.
Иқәыргылоу амаруга ҿыцқәа иалдыршоит алашара шаҟа нухыз аҟара ахә ахшәаара, афымцеихшарҭа ақәыӷәӷәара армаҷра, афымцамчхара аиӷьтәра, иара убас ацәаҳәақәа рҟны авариақәа раԥырҟәҟәаара.
"Ауааԥсыра рахь аҳәара ҟасҵоит афымцалашара иеиҷаҳаларц, ҩнаҭацыԥхьаӡа афымцаԥхьаӡагақәа рықәыргылара шхымԥадоу еилыркаарц", - иҳәеит Џьгьеренаиа.
Ҩнаҭацыԥхьаӡа афымцаԥхьаӡагақәа ықәыргылазар, алашара ахә ахшәаара 90-95% еиҳахоит иҳәеит иара.
Гал араион афымцаԥхьаӡагақәа рықәыргылара иалагеит 2014 шықәсазы, усҟан ақалақь аҟны иқәыргылан 1,5 нызқь фымцаԥхьаӡага. Уи иабзоураны Гал афымцалашара ахархәара хынтә еиҵахеит, ахә аидкылара акәзар - ԥшьынтә еизҳаит.
Кристина Озган  - Sputnik Аҧсны, 1920, 24.01.2023
Аԥсны
Аекономика аминистр Аԥсны аенергетика аҿиараз аҭагылазаашьа далацәажәеит
Ажәабжьқәа зегьы
0