Ситуация на границе Крыма с Украиной - Sputnik Аҧсны, 1920
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнагоит арратә операциа ҷыда, ДЖәРи ЛЖәРи иҟарҵаз аҳәарала. Владимир Путин Донецки Лугански жәлар рреспубликақәа рхьыԥшымра азхаиҵеит.

Урыстәылатәи аруаа ирыцҟьеит украинатәи акәылӡтәы техника ахьыҩнагылоу ахыбрақәа ҩба

© Sputnik / Константин Михальчевский / Амедиаҵәахырҭахь аиасраРабота танкистов в зоне СВО
Работа танкистов в зоне СВО - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.01.2023
Анапаҵаҩра
Иҳаҩсыз уахыки-ҽнаки рыла украинатәи аган Купиантәи, Красно-Лимантәи, Донецктәи, Алада-Донецктәи, Запорожтәи ахырхарҭақәа рҿы иацәыӡит 175-ҩык аруаа.
АҞӘА, ажьырныҳәа 28 - Sputnik. Урыстәылатәи аруаа ирыцҟьеит украинатәи аџьаԥҳани акәылӡтәы техникеи ахьыҩназ ахыбрақәа ҩба Донецктәи жәлар рреспубликаҿи Запорожтәи аобласт аҿи. Абри атәы аанацҳауеит Урыстәыла Атәылахьчара аминистрра.
Аоператив-тактикатә авиациа, аракетатә ар, артиллериа уахыки-ҽнаки рыла ааха арҭеит аибашьра иазыхиаз архәҭақәа 86, аруаа, арратә техника араионқәа 124 рҟны.
Урыстәылатәи аҳаирплан-жәылаҩцәа ДЖәР икарыжьит украинатәи аҳаирплан МиГ-29, аҳауаҽацәыхьчаратә хархәагақәа икарыжьит аԥырҩы дызҭам аҳаирпланқәа жәба, ажәҩан ишалаз иԥыржәеит зныкҟьара ихысуа асистемақәа HIMARS, "Ольха" рреактивтә снариадқәа.
Аусбарҭа адырра ҟанаҵоит Купиансктәи ахырхарҭаҿы амеханизациа зызуу УАМ 14-тәии 92-тәии абригадақәа рыруааи атехникеи ргыларҭақәа ааха шрыҭоу, ишҭархоу 25-ҩык украинатәи аруаа, аҵакырахьчаратә бригада. Иҭархоуп 40-ҩык аибашьцәа, аибашьыга кәылӡмашьына, апикапқәа ҩба, зхала иныҟәо агаубица "Гвоздика", артиллериатә система М-777.
Работа РСЗО на Запорожском направлении - Sputnik Аҧсны, 1920, 27.01.2023
Урыстәылатәи арбџьармчқәа украинатәи ар џьаԥҳаныла реиқәыршәара еиԥнарҟьеит
Красно-Лимантәи ахырхарҭаҿы аоператив-тактикатә, арратә авиациа, артиллериа иҟарҵаз ахысрақәа рыла ааха рыҭан аҵакыратә хьчара мҩаԥызго 103-тәи абригадеи 25-тәи аҳаир-жәыларатә бригадеи, 95-тәи адесант-жәыларатә бригадеи. Иҭахеит 50-ҩык аруаа, аибашьыга кәылӡмашьынақәа ҩба, артиллериатә система М-777.
Донецктәи ахырхарҭаҿы иаанкылоуп аҵакы змоу апозициақәеи аҳәаақәеи, иҭархоуп 30-ҩык аруаа, ашьаҟауаа реибашьыгатә машьына, автомобильқәа ҩба, зныкҟьара ихысуа асистема "Град", зхала иныҟәо артиллериатә шьақәгыла "Пион", агаубица "Гиацинт-Б", ҩ-гаубицак "МСТА-Б", артиллериатә система М-777, аконтрбатареиатә қәԥара иатәу арадиолокациатә станциа AN/TPQ-37.
Алада-Донецктәии Запорожтәи ахырхарҭақәа рҿы аӷа ицәыӡит 70-ҩык аруаа, ашьаҟауаа реибашьыгатә машьынақәа ҩба, аибашьыгатә кәылӡтәы машьынақәа хԥа, апикапқәа хԥа, агаубицақәа Д-20, Д-30, иара убас зхала иныҟәо агаубица "Гвоздика".
Работа российских средств ПВО на Харьковском направлении - Sputnik Аҧсны, 1920, 25.01.2023
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда
Аԥырҩы дызҭам ахархәагақәа жәаба кажьуп уахыки-ҽнаки рыла
Ажәабжьқәа зегьы
0