Урыстәыла ААР: НАТО аурысцәымӷратә ажәабжь бааԥсқәа рыла атәылақәа аршәоит

© Sputnik / Наталья Селиверстова / Амедиаҵәахырҭахь аиасраЗдание Министерства иностранных дел РФ
Здание Министерства иностранных дел РФ - Sputnik Аҧсны, 1920, 30.01.2023
Анапаҵаҩра
Урыстәыла адәныҟатәи аусқәа рминистрраҟны иазгәарҭеит Урыстәыла ашәарҭадареи аурыс уааԥсыра рыхьчареи аусхк аҟны азакәантә интересқәа ирыцәхьаҵуам ҳәа.
АҞӘА, ажьырныҳәа 30 - Sputnik. Урыстәыла Мраҭашәараҟынтә акгьы аҭахым, аха НАТО аурысцәымӷратә ажәабжь бааԥсқәа рыла атәылақәа аршәоит иҳәеит РИА Новости аинтервиу азҭаз Урыстәыла ААР ахада ихаҭыԥуаҩ Сергеи Риабков.
"Урыстәыла Мраҭашәараҟынтә акгьы аҭахым. Иаҳҭаху - иҳаламкьысларц ауп. Аха НАТО иааҟәымҵӡакәа аурысцәымӷратә ажәабжь бааԥсқәа рыла атәылақәа аршәоит, ҳҳәаақәа ирзааигәахеит", - иҳәеит Риабиков.
Адипломат иажәақәа рыла, Москва изныкымкәа асеиԥш ахымҩаԥгашьа бзиала ишеилымго атәы азгәанаҭахьан. Риабиков иҳәеит Урыстәыла ашәарҭадареи аурыс уааԥсыра рыхьчареи аусхк аҟны азакәантә интересқәа ирыцәхьаҵуам ҳәа.
"Америкаа ҳара иаҳҳәоз ддырҳарц рҭахымызт. Рхахьгьы иааргомызт. Урҭ Киев Урыстәыла иаҿагыларц иазыҟарҵон", - иҳәеит аминистр ихаҭыԥуаҩ.
Итоговая пресс-конференция С. Лаврова в Нью-Йорке - Sputnik Аҧсны, 1920, 18.01.2023
Лавров: Евроеидгыла Америка анапаҵаҟа иҟоуп
Иара убасгьы иазгәеиҭеит Киев бџьарла аиқәыршәара ахҟьаԥҟьақәа уи аҩыза ахәмарра мҩаԥызго рзы ибааԥсхар алшоит ҳәа.
"Иумбарц залшом ЕАА украинатәи акризис дирижиорс ишамоу. Иара убри аан афеида алызгогьы иароуп. Вашингтон Украина ԥышәаратә полигонк еиԥш иахәаԥшуеит. Рабџьар ахымҩаԥгашьа ҭырҵаауеит. Аиҳаракгьы Урыстәыла иамоу абџьар иахьынӡаваҟәыло шьақәдыргылоит", - иҳәеит иара.
Ежегодная пресс-конференция президента России Владимира Путина - Sputnik Аҧсны, 1920, 16.06.2022
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда
Песков Америка Украина бџьарла иахьеиқәнаршәо азы: ррыцҳара иацнаҵоит
Ажәабжьқәа зегьы
0