Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Аԥсуа шәҟәыҩҩцәа рырҿиамҭақәа Египет афестиваль аҿы иӡырган

CC0 / / Книги и учебники
Книги и учебники - Sputnik Аҧсны, 1920, 09.02.2023
Анапаҵаҩра
"Арабтәи Ареспублика Египет Евразиа ажәларқәа Рассамблеиа Амшқәа" рҳәаа иҭагӡаны Египет аҳҭнықалақь Каир имҩаԥысуаз VI Евразиатәи алитературатә фестиваль "ЛиФФт-2023" иалахәхеит.
АҞӘА, жәабран 9 - Sputnik, Сариа Кәарцхьиаԥҳа. Аԥсуа шәҟәыҩҩцәа рырҿиамҭақәа Египет имҩаԥысуаз алитературатә фестиваль аҿы иӡырган иҳәеит Sputnik акорреспондент дзыҿцәажәаз апоет Владимир Занҭариа.
2023 шықәсазы атематикатә литературатә конкурсқәа рхы рыладырхәит 52 тәыла – Евразиа, Африка, Лаҭынтәи Америка, Еиду Америкатәи Аштатқәа, Израиль, Австралиа рҟынтәи авторцәа.
Аԥсны Аҳәынҭқарра ахьӡала ари аусмҩаԥгатә аҿы ицәыргахеит Енвер Ажьиба, Вахтанг Абхазоу, Владимир Делба, Владимир Занҭариа, Анатоли Лагәлаа, Даур Наҷҟьебиа.
“Афестиваль ашәқәа ҳзаанартит алитературатә еиҿкаара "ЛиФФт". Афестиваль адиректор Маргарита Аль Аԥсны даҭаахьеит. Лара иҳадылгалеит Евразиатәи алитературатә ассоциациа ҳалахәылахарц. "ЛиФФт" аҿы Аԥсны Ашәҟәыҩҩцәа рассоциациа дахаҭарнакуп Владимир Делба. Иара иоуп аицлабрахь ҳарҿиамҭақәа рышьҭра ҳабжьызгаз. Асеиԥш иҟоу аусмҩаԥгатә ду алахәхара акраҵанакуеит", - иҳәеит Занҭариа.
Аусмҩаԥгатә аихшьаалақәа рыла, аԥснытәи ашәҟәыҩҩцәа зегьы алахәылацәа рсертификатқәа роуеит, урҭ рахьынтә хҩык - Владимир Занҭариа, Владимир Делба, Даур Наҷҟьебиа - "евразиатәи алитературатә ҵакыраҿы жәларбжьаратәи аимадара аҿиара аҿы рлагала ду азы" ҳәа аџьшьаратә шәҟәқәа рырҭеит.
Владимир Занҭариа ихаҭа афестиваль ахь инаишьҭит даӷьысҭантәи апоет, аиҭагаҩ Миасат Муслимова аурысшәахь иеиҭалгаз иажәеинраалақәа.
Афестиваль “ЛиФФт” 2016 шықәса раахыс имҩаԥыргоит. Иара иахықәкуп Евразиа апоетцәа, ашәҟәыҩҩцәа, аҭыжьыҩцәа, аԥхьаҩцәа рырҿиаратәии реиҩызаратәии еимадара арӷәӷәара, иаку евразиатәи алитературатә ҵакыра аԥҵара.
Презентация книги Владимира Зантария.  - Sputnik Аҧсны, 1920, 16.10.2022
Аԥсны
Ашәҟәы аҵаулареи амҽхаки аныҭбаау: Владимир Занҭариа ирҿиамҭа аӡыргара иазкны
Ажәабжьқәа зегьы
0