Путин аҭҵаарадыррақәеи атехнологиақәеи рыҿиараҿы аԥыжәара зҭатәу аусхкқәа еиқәиԥхьаӡеит

© Sputnik / Сергей Бобылев/POOL / Амедиаҵәахырҭахь аиасраТрёхсторонние переговоры президента РФ, президента Азербайджана и премьер-министра Армении
Трёхсторонние переговоры президента РФ, президента Азербайджана и премьер-министра Армении - Sputnik Аҧсны, 1920, 09.02.2023
Анапаҵаҩра
Уаанӡа аҵарауаа ҿарацәа рҳамҭаҭаратә усмҩаԥгатә аҿы аҳәынҭқарра ахада ааԥхьара ҟаиҵеит Урыстәыла атехнологиатә суверинитет еиқәдыршәарц, "ԥхьагылара зуа" аҭҵаарадырратә трендқәа аԥырҵаларц.
АҞӘА, жәабран 9 – Sputnik. Владимир Путин аҭҵаарадырреи аҵареи Рхеилак аилатәараҿы иҳәеит аҭҵаарадырра-технологиатә ԥыжәарақәа ралкааран амилаҭтә хықәкқәа рыҿиара ишазхьаԥшлатәу, адәныҟатә ныррагьы азгәаҭауа. Абри атәы аанацҳауеит Кремль асаит.

"Раԥхьа иргыланы заалыҵ агәабзиарахьчара, анхара-коммуналтә комплекс, аенергетика. Ааглыхра хадақәа, ашәарҭадара аусхк, атәыла аҵакыратә акзаара еиқәзыршәо атехнологиақәа хырҩа рыҭалатәуп", - ҳәа иҳәеит Урыстәыла ахада.

Путин инаҵшьны иазгәеиҭеит арҭ аусхкқәа рҟны Урыстәыла егьырҭ атәылақәа ирхьыԥшны аҟазаара шзалымшо. Урыстәыла аҭҵаарадырра-технологиатә стратегиа аҿиара ишеиҭахәаԥштәу, атехнологиатә ҿиарақәа русхк аҟны иаку аҳәынҭқарратә программа азнеишьақәа ишеиҭарыхәаԥштәу аиԥш. Путин иҳәеит акадртә, афинанстә, аинфраструктуратә ресурсқәа ихадоу аусқәа рзы еидкылатәуп ҳәа.
Уи адагьы, Урыстәыла ахада ажәалагала ҟаиҵеит атехнологиатә ҿиарақәа русхк аҟны иаку аҳәынҭқарратә программа аусмҩаԥгатәқәа рызнеишьагьы еиҭахәаԥшызарц.
Ажәабжьқәа зегьы
0