Заԥсуара иазгәдууз ашәҟәыҩҩы: Никәала Ҳашыг диижьҭеи 91 шықәса ҵит

© Foto / из личного архива семьи Хашиг Николай Хашиг
Николай Хашиг - Sputnik Аҧсны, 1920, 11.02.2023
Анапаҵаҩра
Ашәҟәыҩҩы, Аԥсны Зҽаԥсазтәыз акультура аусзуҩ, "Ахьӡ-аԥша" аорден ахԥатәи аҩаӡара занашьаз Никәала Ҳашыг жәабран 11 рзы ихыҵуазаарын 91 шықәса.
Иахьа, еицырдыруа аԥсуа шәҟәыҩҩы, апублицист, СССР ашәҟәыҩҩцәеи, Аԥсны ашәҟәыҩҩцәеи, Урыстәыла ашәҟәыҩҩцәеи Реидгылақәа рлахәыла, Аԥсны акультура зҽаԥсазтәыз аусзуҩы, "Ахьӡ-Аԥша" аорден ахԥатәи аҩаӡара занашьаз Никәала Ҳашыг диижьҭеи 91 шықәса ҵит. Убри арыцхә аҳаҭыраз Иван Папасқьыр ихьӡ зху Амилаҭтә библиотекаҿы имҩаԥысит ажурнал "Алашара" аԥшьгарала гәыԥҩык аԥсуа шәҟәыҩҩцәа имҩаԥыргаз астол гьежь. Уи иалахәын: Анзор Мықәба, Владимир Занҭариа, Даур Наҷҟьебиа, Валентин Кәаӷәаниа, Анатоли Лагәлаа, Дырмит Габалыиа.
© Foto / предоставлено Анатолием Лагулаа

Никәала Ҳашыг игәаларшәара аҳаҭыраз имҩаԥгаз астол гьежь.

Никәала Ҳашыг игәаларшәара аҳаҭыраз имҩаԥгаз астол гьежь. - Sputnik Аҧсны
1/4

Никәала Ҳашыг игәаларшәара аҳаҭыраз имҩаԥгаз астол гьежь.

© Foto / предоставлено Анатолием Лагулаа

Апоет Анатоли Лагәлаа.

Апоет Анатоли Лагәлаа. - Sputnik Аҧсны
2/4

Апоет Анатоли Лагәлаа.

© Foto / предоставлено Анатолием Лагулаа

Адраматург Анзор Мықәба.

Адраматург Анзор Мықәба. - Sputnik Аҧсны
3/4

Адраматург Анзор Мықәба.

© Foto / предоставлено Анатолием Лагулаа

Никәала Ҳашыг игәаларшәара аҳаҭыраз имҩаԥгаз астол гьежь.

Никәала Ҳашыг игәаларшәара аҳаҭыраз имҩаԥгаз астол гьежь. - Sputnik Аҧсны
4/4

Никәала Ҳашыг игәаларшәара аҳаҭыраз имҩаԥгаз астол гьежь.

1/4

Никәала Ҳашыг игәаларшәара аҳаҭыраз имҩаԥгаз астол гьежь.

2/4

Апоет Анатоли Лагәлаа.

3/4

Адраматург Анзор Мықәба.

4/4

Никәала Ҳашыг игәаларшәара аҳаҭыраз имҩаԥгаз астол гьежь.

Апоет Анатоли Лагәлаа ицәажәараҿы иазгәеиҭеит, Никәала Ҳашыг данҩыҵшәа инаркны ԥсыцқьала ижәлар рымаҵ иуан, иааиҩуаз зегьы аԥсуареи, аламыси, ҳаԥсуа традициақәеи, ҳқьабызқәеи рныҟәгара, реиламгара, рымҩаԥгара, ҳҿар рылааӡара иазкын ҳәа.
"Еиҭаҭрыжьыз Никәала Ҳашыг ишәҟәы "Аԥсуара ашьаҭақәа" сара уажәшьҭа даара иаамҭоуп ҳәа сгәы иаанагоит, иреиӷьӡоу ҳаԥсуа методистцәа надыртәаланы, "Аԥсуара" ҳәа ахьӡҵаны, ҳашколқәа ирыхәартә аҭыжьра. Еиҳа еиӷьзар ҟалап аԥшьбатәи, ма ахәбатәи аклассқәа рҟынтәи иалагазар. Ҳхәыҷқәа ирыхәоу, ҳаԥсуареи, ҳатрадициақәеи, ҳқьабызқәеи реилкаара, дара ишыртәу, дара ишрызгәакьоу рдырыртә, мчыла акәымкәа, ирҭахны ирыдыркылартә иҟаҵатәуп", - иҳәеит Анатоли Лагәлаа.
Абри ашәҟәы, Миха Лакрба ишәҟәы "Аламыс" аҟара акапануеит аԥсуаа ҳзы, амала ари еиҳа ирҵага-ааӡагатә шәҟәуп, ахәыҷқәа рзы еилыркаагатә шәҟәуп ҳәа иԥхьаӡоит ажурнал "Алашара" аредактор хада.

"Ҳашәҟәыҩҩы ихы-иԥсы зегьы ақәҵаны, урҭ рнапаҿы идиркит хҵеира ирымдыруазар ада ԥсыхәа змам аматериал ҭҵааны, ирмарианы, рхы-ргәы аҟны инеиртә. Ус анакәха, уаҵәтәи ҳҿар, ҳаԥсадгьылаҿ ԥсуаҵас иааӡаны иҳаурц ҳҭахызар, абри ашәҟәы амҩа арҭааит ҳашколқәа рахь, иахьӡырҵааит амаҭәар "Аԥсуара", акәымзар, ҳҿар, ҳбызшәагьы иазрыцҳан, иреиӷьӡоу ҳмилаҭтә традициақәагьы рзымдырӡо иаанхоит", - ҳәа агәаанагара имоуп Лагәлаа.

Адраматург Анзор Мықәба иажәақәа рыла, Никәала Ҳашыг ҳаԥсуа шәҟәҩыраҿы иџьабаа даара ирацәоуп. Уи иаԥиҵеит ароманқәа, аповестқәа, ажәабжьқәа, ҳаамҭа аҿахәы зҳәо апублицистикатә рҿиамҭақәа.
"Ҳаԥсуа литератураҿы даара ацәыргара уадаҩын уи ироман "Абду Ажьгьери" аҿы иқәиргылоз апроблемақәа усҟан рыӡбахә аҳәара, рыҩра. Ашәҟәыҩҩы ирҿиамҭа ҩынтә иҭыҵит еиуеиԥшым аамҭақәа рзы, аха есымша усҟантәи ацензура иашьҭӡомызт, ихрыффааны акәын ишҭрыжьуаз. Ахԥатәи атыжьымҭа аҿы ауп автор иара ишиҩыҵәҟьаз акагмыжькәа иахьҭыҵ, ииҳәарц ииҭахыз зегьы убасҟан ауп аԥхьаҩцәа инагӡаны ианырба", - иҳәеит иара.
© Foto / Анатоли ЛагулааНикәала Ҳашыг ироман "Абду Ажьгьери"
Никәала Ҳашыг иҩымҭа Абду Ажьгьери - Sputnik Аҧсны, 1920, 11.02.2023
Никәала Ҳашыг ироман "Абду Ажьгьери"
Ашәҟәы "Аԥсуара ашьаҭақәа" аԥҵоуп зеилкаара мариоу, уздызхало ԥсыуа бызшәала. Уи иаԥхьо дарбанзаалак иажәаҳәа арҭбаауеит, иҿабызшәа архаауеит. Астиль аганахьала аусумҭа ҩуп аҭҵаамҭеи, асахьаркыратә рҿиамҭеи, апублицистикеи ржанрқәа реилахәрала, рхеибарҭәаарала. Иара убриалагь иҷыдоу гәыбылрак шьҭнахуеит, угәы ԥызымҵәо хаарак аҵоуп аусумҭа.
Никәала Ҷыф-иԥа Ҳашыг аԥсуара иалааӡаз, аԥсуара аҵкарқәа зегьы здыруаз, иныҟәызгоз, шьала-дала изныруаз, дхәыҷнатәаахыс гәыблырҭасгьы измаз шәҟәыҩҩын, публицистын ҳәа иҳәеит Валентин Кәаӷәаниа иқәгылараҟны.
© Foto / Абхазская интернет - библиотека Никәала Ҳашыг ипублицистикатә шәҟәы ду "Аԥсуара ашьаҭақәа"
Никәала Ҳашыг ипублицистикатә шәҟәы ду Аԥсуара ашьаҭақәа - Sputnik Аҧсны, 1920, 11.02.2023
Никәала Ҳашыг ипублицистикатә шәҟәы ду "Аԥсуара ашьаҭақәа"
"Иҳаргыло аҳәынҭқарра ԥсыуа ҳәынҭқаррахароуп, шьаҭасгьы иамоуп аԥсуара!" ашәҟәыҩҩы иажәақәа дарбанызаалакгьы саԥсыуоуп ҳәа зхы зыԥхьаӡо зегьы есыша рхы-ргәы иҭазароуп… Ҳабацәа, урҭ рабацәа рҳәашьала "Ҳаԥсуара Анцәа иумырӡын!", - иҳәеит Кәаӷәаниа.
Никәала Ҳашыг дравторуп ароманқәа хԥа: " Ашьха рҩашқәа ахьеилало," "Аԥышәара," "Абду Ажьгьери." Иара убасгьы аповестқәеи ажәабжьқәеи еидызкыло ашәҟәқәа: " Иҿымшәаз ашәҭ", "Акорпус хада", "Ааԥынтәи ашьыжь", "Аԥсабара ахәыҭхәыҭбыжьқәа", "Иалкаау", "Ахаҵа дызқәымшәо иҟоузеи", "Аибашьра, аибашьра…" Иара убасгьы ашәҟәыҩҩы иҭижьхьан апублицистикатә шәыҟәқәа маҷымкәа.
Николай Хашиг - Sputnik Аҧсны, 1920, 11.02.2022
Аԥсны
Ҳажәлар ирыламысыз ашәҟәыҩҩы: Никәала Ҳашыг игәалашәаразы
"Никәала Ҳашыг ҷыдала илаԥш ахын аԥсуара –уаҩышәара-етикатә кодекск аҳасабала аҭҵаара, уи аганахьала ҳажәлар ирымаз аԥышәа аидкылара, аӡыргара", - иҳәеит апоет, апублицист Владимир Занҭариа.
Аиԥылараҟны иқәгылаз зегьы иазгәарҭон Никәала Ҳашыг ихатә ҭыԥ шимоу аԥсуа литература аҿиарамҩаҿы. Иҩымҭақәа ишырныԥшуа ихатәы ҩышьа астиль, ибызшәа. Никәала Ҳашыг напы злаикуаз атемақәа акыраамҭа ишҭиҵаауаз.
Еицырдыруаз аԥсуа шәҟәыҩҩы Никәала Ҳашыг иԥсҭазаара далҵит лаҵара 23 2014 шықәсазы.
Ажәабжьқәа зегьы
0