Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Агәхыхҩи ауаа ӷарқәеи раамҭа: аспектакль ҿыц иазкны

© Sputnik / Томас Тхайцук Пресс-показ спектакля "Лавилас"
Пресс-показ спектакля Лавилас  - Sputnik Аҧсны, 1920, 15.02.2023
Анапаҵаҩра
Аԥсуа драматә театр аҿы Фиодор Достоевски ироман "Ауаа ӷарқәа" ("Бедные люди" - аред.) ала Владимир Симановски ипиеса иалху аспектакль ҿыц "Агәхыхҩы" ("Ловелас") апресс-рбара иаҭааз Sputnik аколумнист Елеонора Коӷониаԥҳа иҳацеиҩылшоит уи илызцәырнагаз ацәаныррақәа.
Аԥсуа ҳәынҭқарратә драматә театр аҿы ицәырҵуеит даҽа премиерак. Атеатр бзиа избо рзы уи азҿлымҳара амоуп еснагь. Уажәазы атеатр иҳаднагалеит аурыс шәҟәыҩҩы Феодор Достоевски ироман "Ауаа ӷарқәа" иалхны Валери Симановски ипиеса "Агәхыхҩы". Жәабран 14 рзы атеатр аҿы апресса рзы имҩаԥыргеит аԥхьарбара.
Аспектакль ақәыргылаҩ Аԥсны акультура зҽаԥсазтәыз аусзуҩ, Урыстәыла зҽаԥсазтәыз артист Адгәыр Ақаҩба изы ари ақәыргыламҭа раԥхьатәим, насгьы, атеатр аҩнуҵҟа атеатр ҳәа ззырҳәо ажанр иара дазхьаԥшхьан 2006 шықәсазы "Ашьха Морган аҟынтә хланҵы" захьӡыз Артур Миллер ипиеса ала аспектакль анықәиргылоз. Анаҩсан Аԥсны ари ажанр иазхьаԥшуа иалагеит Искандер ихьӡ зху РУСДРАМ. Даҽакала иаҳҳәозар, Аԥсуа театр уажәы дырҩегьых иҳаднагалеит асцена ду аҿы актиорцәагьы ахәаԥшцәагьы реиниарала ишьақәыргылоу аспектакль.
Пресс-показ спектакля Лавилас  - Sputnik Аҧсны, 1920, 15.02.2023
Аԥсны
"Агәхыхҩы" асценаҿы: Аԥсуа драматә театр аҿы имҩаԥысит аспектакль апресс-рбара
Аԥхьарбара уахәаԥшны иаразнакгьы иуадаҩуп ахәаԥшҩы лаҳасабала уи ахәшьара аҭара. Насгьы, Аԥсны ақәыргыламҭақәа анцәырҵуа, арҽхәара ада акритикатә згәаҭақәа зларыдрымкыло ала, схаҭа сколонкақәа рҿы сыззааҭгыло џьара акала сгәы иалнахыз ақәыргыламҭақәа роуп. Зынӡа ианысгәамԥхо ақәҿысҭӡом. Уажәы сызхәаԥшыз "Агәхыхҩы" ашьҭахь исҳәарц сылшоит баша саамҭа смырӡит ҳәа. Ус анакәха, атеатр асценаҿы арҿиара ҳзырбоз рус алҵшәа аиуеит.
Аспектакль еилагылаанӡа ахҳәаа азура уадаҩзаргьы, зегь акоуп агәхыхҩы Ҭемраз Чамагәуеи уи ибла хызкуаз Варенька Амра Наҷҟьебиаԥҳаи рдует иунаҭоит аромантикатә цәаҩа змоу хьаак. Исҳәарц сылшоит, иқәыԥшу актриса, аабыкьа арежиссиор Мадина Аргәынԥҳа иқәлыргылаз аспекталь аҿы Нестор Лакоба иԥшәмаԥҳәыс Сариа Лакоба лроль назыгӡоз Наҷҟьебиаԥҳа аԥсуа театр аҿы лцәырҵра иқәҿиароу ҟазшьарбоуп ҳәа.
Ганкахьала сазхәыцуан, атрагедиатә хаҿы Сариа лнаҩсан актриса иласу, аӷарра зцу ақәыԥшра иахаҿырбагоу Добросиолова лроль уаанӡатәи еиԥшымкәа иналыгӡарыма ҳәа?! Варенька - Наҷҟьебиаԥҳа ари аспектакль аҿы ҳара даҳбоит аштампқәа ззырҳәо шьҭызымкаац лакәны.
Ҭемраз Чамагәуа қәрала уажәшьҭа дмаҷымзаргьы, агәхыхҩы Макар Девушкин ироль аҿы иахьагьы ԥсабарала илоу иласу, аромантикатә ҟазшьақәа шицәымӡыц ааԥшит. Чамагәуеи Наҷҟьебиаԥҳаи рдует хьанҭара аҵам, иагьгәырхаагоуп.
© Sputnik / Томас Тхайцук

Аспектакль "Агәхыхҩы". ҬЕмраз Чамагәуеи Амра Наҷҟьебиаԥҳаи

Аспектакль "Агәхыхҩы". ҬЕмраз Чамагәуеи Амра Наҷҟьебиаԥҳаи - Sputnik Аҧсны
1/6

Аспектакль "Агәхыхҩы". ҬЕмраз Чамагәуеи Амра Наҷҟьебиаԥҳаи

© Sputnik / Томас Тхайцук

Аспектакль "Агәхыхҩы"

Аспектакль "Агәхыхҩы" - Sputnik Аҧсны
2/6

Аспектакль "Агәхыхҩы"

© Sputnik / Томас Тхайцук

Аспектакль "Агәхыхҩы"

Аспектакль "Агәхыхҩы" - Sputnik Аҧсны
3/6

Аспектакль "Агәхыхҩы"

© Sputnik / Томас Тхайцук

Аспектакль "Агәхыхҩы"

Аспектакль "Агәхыхҩы" - Sputnik Аҧсны
4/6

Аспектакль "Агәхыхҩы"

© Sputnik / Томас Тхайцук

Аспектакль "Агәхыхҩы"

Аспектакль "Агәхыхҩы" - Sputnik Аҧсны
5/6

Аспектакль "Агәхыхҩы"

© Sputnik / Томас Тхайцук

Аспектакль "Агәхыхҩы"

Аспектакль "Агәхыхҩы" - Sputnik Аҧсны
6/6

Аспектакль "Агәхыхҩы"

1/6

Аспектакль "Агәхыхҩы". ҬЕмраз Чамагәуеи Амра Наҷҟьебиаԥҳаи

2/6

Аспектакль "Агәхыхҩы"

3/6

Аспектакль "Агәхыхҩы"

4/6

Аспектакль "Агәхыхҩы"

5/6

Аспектакль "Агәхыхҩы"

6/6

Аспектакль "Агәхыхҩы"

Сара салагом аспектакль асиужет аиҭаҳәара. Араҟа ахәаԥшҩы ибоит салам шәҟәыла еибаркыз Достоевски исиужет иахылҵыз абзиабареи аӷарреи реигәныҩра. Иахьаҟарагьы ауаа ӷарқәа абзиабара инадҳәаланы ирызцәырҵуа аԥықәсларақәа анырацәоу ыҟахызма, убри аҟынтә аурыс пиеса ҳара аԥсуаа ҳаԥсҭазаараҿгьы иҵакыдам.
Аспектакль "Агәхыхҩы" аромантикатә комедиа ҳәа азаҳҳәар ауеит. Уи иалоуп зынӡа ԥшьҩык ауаа. Араҟа актиорцәагьы, асцена иқәгылоу аҟәардәқәа ирықәтәоу ахәаԥшцәагьы акыр еизааигәоуп, даҽакала иаҳҳәозар, аспектакль еицымҩаԥыргоит.
Ииашоуп, "Агәхыхҩы" азы иузҳәом ари академиатә ҟазшьа змоу спектакльуп ҳәа, аха даҽа ганкахьала, атеатр арепертуар аҿы иҟазар ауеит ас декорациала иуадаҩым, иааинырсланы ахәаԥшҩы идугалар зылшо аспектакль. Асценаҿы иқәгылоуп еихшаны асцена маҷқәа ԥшьба, асцена агьежь абзоурала ҳара уажәы-уажә иаҳзаатуан еиуеиԥшым асиужетқәа.
© Sputnik / Томас Тхайцук

Аспектакль "Агәхыхҩы"

Аспектакль "Агәхыхҩы" - Sputnik Аҧсны
1/5

Аспектакль "Агәхыхҩы"

© Sputnik / Томас Тхайцук

Аспектакль "Агәхыхҩы"

Аспектакль "Агәхыхҩы" - Sputnik Аҧсны
2/5

Аспектакль "Агәхыхҩы"

© Sputnik / Томас Тхайцук

Аспектакль "Агәхыхҩы"

Аспектакль "Агәхыхҩы" - Sputnik Аҧсны
3/5

Аспектакль "Агәхыхҩы"

© Sputnik / Томас Тхайцук

Аспектакль "Агәхыхҩы"

Аспектакль "Агәхыхҩы" - Sputnik Аҧсны
4/5

Аспектакль "Агәхыхҩы"

© Sputnik / Томас Тхайцук

Аспектакль "Агәхыхҩы"

Аспектакль "Агәхыхҩы" - Sputnik Аҧсны
5/5

Аспектакль "Агәхыхҩы"

1/5

Аспектакль "Агәхыхҩы"

2/5

Аспектакль "Агәхыхҩы"

3/5

Аспектакль "Агәхыхҩы"

4/5

Аспектакль "Агәхыхҩы"

5/5

Аспектакль "Агәхыхҩы"

Асиужет хада Варенька лынасыԥ акәша-мыкәша еиҿкаан сҳәар ауеит, нас лара лгәалашәарақәа уажәы-уажә иаацәырҵуан.
Актриса Наҷҟьебиаԥҳа даара дласуп, асцена лықәзаара аестетикатә гәаҳәара унаҭоит. Аспектакль аҿы анкьа Варенька ҩызас илымаз ироль назыгӡоз Леон Кәыр-оӷлы иакәзар, раԥхьатәи агәаанагарала даара дыԥсабаратәын, иҵегьы исценатә бызшәа аиӷьтәра иҽазикыр еиҳагьы еиҿкаахон ихәмарра. Абызшәа анысҳәа, апиеса аԥсшәахь еиҭазгаз атеатр адиректор хада Ҷолокәуа даара иқәҿиазшәа збоит. Зныкгьы сгәы иаанамгеит абра акалька ыҟоуп ҳәа.
Розита Ҭаниаԥҳа еиуеиԥшым арольқәа налыгӡоит аспектакль аҿы. Лара лыхәмарра иацын алахҿыхра, ахәаԥшыҩгьы уи аликаауан. Сара сгәаанагарала, амаҭәа асахьақәа зхәыцуаз лыԥсабара, лара леиҿартәышьа ианаалоз ашәҵатәы лзалихыргьы ауан ҳәа. Симановски ипиесаҿы Макар Девушкини Варенька Добросиоловои рроман, ҳәарада, адиалог ахь ииагоуп, ароман аҿы иҟоу салам шәҟәылатәи мацарала еиҿкаам. Иара убри аамҭазы ашәҟәы - асиужет аҿы хра злоу аҭыԥ амоуп, араҟа Александр Пушкин итомқәа еимырдоит, ҳамҭас инарҭиуеит зҳәаз еиԥш, ажәытәтәи абзиабаратә символқәа иреиуаны иаарԥшуп, иахьа ашәҟәеимдареиԥш уи аԥхьарагьы уажәшьҭа аԥсасира ишаҿугьы.
Пресс-показ спектакля Лавилас  - Sputnik Аҧсны, 1920, 15.02.2023
Аԥсны
Абзиабара аҭоурых: "Агәхыхҩы" Аԥсуа театр аҿы
Аспектакль "Агәхыхҩы" арежиссиор Адгәыр Ақаҩба ҩынтәуп дазыхынҳәуеижьҭеи ари апиеса. Раԥхьа уи урыстәылатәи атеатрқәа руак аҿы иқәиргылахьан, уажәы иахьа аус ахьиуа аԥсуа театр асценахь ииаигеит. Арежиссиор ахархәара аиҭеит сҳәар ауеит иласу, агротесктә ҟазшьа знубаало астиль. Аиумор, ахьаа зцу абзиабара, аԥара ашьҭазаара, агәахшәара, агәызианра – абарҭ зегь еиларсуп Симановски ипиесаҿы. Ҳара ҳасценаҿгьы урҭ зегь ахархәара рымоуп.
Ари апиеса ииашаҵәҟьаны аурыс театр дуқәагьы азхьаԥшхьеит, џьара атеатр аҩнуҵҟа атеатр захьӡу ахырхарҭала иқәдыргылоит, даҽаџьара иаҳбац аклассикатә вариант ала. Иахьа атеатрқәа ирыԥшаауеит еиуеиԥшым амҩақәа, аус злоу ахәаԥшҩы изыҳәан уи игәхыхганы иҟалар ауп.
Аспектакль "Агәхыхҩы" иаасгәаланаршәеит сҿара, усҟантәи схьаақәа, сыуадаҩрақәа, иара убас, залыршара алымшоз абзиабаратә цәырҵрақәа. Хымԥада, сеиҭазыхынҳәуеит, еиҳа ианҭышәынтәалалакгьы.
Ахәаԥшҩы аспектакль ахь ахынҳәра аниҭаху, уи иаанаго актиорцәа баша асцена иқәымлеит ауп. "Агәхыхҩы" аҿы атеатр ихәмаруан актиорцәагьы ахәаԥшцәагьы, еизааигәан, иагьеилибакаауан…
P.S. Аспектакль "Агәхыхҩы" еиразҟымхаз, аха бзиабарала аимадара змаз Макари Варенькеи ирҭоурыхуп. Алахьынҵа аус аҿы, ауаҩы игәазыҳәара адагьы, анцәа иҟынтәгьы ахылаԥшра аҭахуп. Ирымҳәои, уара иуӡбо анцәагьы иуциӡбароуп ҳәа. Ари инаунагӡатәу азҵаарақәа ирсиужетуп...
Автори аредакциеи ргәаанагарақәа еиқәымшәозар ҟалоит.
Ажәабжьқәа зегьы
0