Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Ҭарба ацитрусқәа аӡын хьшәашәа рацәыхьчаразы: ма иҭаҳәҳәатәуп, ма анышә рыдԥсалатәуп

Ҭарба ацитрусқәа аӡын хьшәашәа рацәыхьчаразы: ма иҭаҳәҳәатәуп, ма анышә рыдԥсалатәуп
Анапаҵаҩра
Аӡынразы ҷыдала ахылаԥшра зҭаху ашәырҵлақәа ыҟоу иҟаму, урҭ асы, аҵаа ишацәыхьчатәу еиҭеиҳәеит Аԥсны ақыҭанхамҩатә институт аиҳабы ихаҭыԥуаҩ Фиодор Ҭарба.
Имцхәымкәа аҵаа ирзеиӷьуп аҵиаақәа. Асы илеиуа акыр ианыбааӡоу афеихоа, амандарина рымахәқәа ԥырхага рнаҭоит, афеихоа уи зынӡа иазычҳаӡом иҳәеит Ҭарба.
"Афеихоа аршәшәара аҭахуп, ианузмыршәшәаа, амахәқәа лкыдырҩны ицоит. Ацитрус культура асы аԥырхагахарц азы 20-30 сантиметра леироуп, усҟан ауп аҵлақәа ианырзымчҳауа, рымахәқәа ԥҵәар аналшо. Аҵәа, аҳа рымахәқәа дузар, урҭқәа асы иԥнаҵәар ауеит рымахәқәа. Ацитрус культура иаҵанакуа ихәыҷнаҵы, ԥшьбаҟа шықәса ахыҵаанӡа иҭаҳәҳәазар еиӷьуп аӡын. Ианузҭамҳәҳәа анышә адыжьлатәуп аихаҳарсҭа аҭыԥ, 10 сантиметра анышә адыжьлазароуп зынӡа имԥсырц азы. Иҩарц иалагаргьы, хыхь ауп иахьхҩаауа. Ааԥын иаахуҵәеит, нас ибзианы иазҳауеит, аҵиаа ԥсӡом", - иҳәеит Ҭарба.
Аицәажәара инеиҵыхны ишәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны.
Ажәабжьқәа зегьы
0