"Ҷиа, ҷиа! Рыс, рыс…": ахәыҷтәы чымазарақәак ирызкны

CC0 / / Младенец
Младенец  - Sputnik Аҧсны, 1920, 18.02.2023
Анапаҵаҩра
Жәлар рмедицина ахархәарала хәыҷтәы чымазарақәак шырхәышәуаз Аԥсуаҭҵааратә институт афольклортә лабораториа аусзуҩ Сусанна Ҭаниаԥҳа лматериал аҟны.
Ацқьара – агәабзиара иагәыцәуп. Ухәыҷраҿы иуеилыркааны иуларааӡаз ухдырраҿы иаанхоит, убри азоуп рхәыҷраҟнеиԥш рдураҿгьы ирыхәаразы, шьцылара ҵоураны аԥсуаа рыхшара ацқьара азыҳаҵаҳаҵара зрыларааӡоз.
Мед - Sputnik Аҧсны, 1920, 16.01.2023
Аԥсны
Ацха, ахшца, аџьмашша: аԥсуаа ахьҭалалара шырхәышәтәуаз
Зыхшара рзы згәы аҭҳара-аҭҳара еисуа, ирылшогьы-ирылымшоугьы рылыршаны, зхы иагыжьны зыхшара зааӡо аҭаацәа еснагь рҽазыршәоит дара рыԥсҭазаара аасҭа рхылҵ рыԥсҭазаара еиӷьхарц. Рыхшара рхәыҷра-рдура ҳәа еилых ҟамҵакәа, рыԥсҭазаара зегь маншәаланы, гәабзиарала имҩасырц.
Аԥсуа поезиа аеҵәахә ишиҳәаз еиԥш: "Знызаҵәык ауп уи ҳаналоу, хьӡысгьы иамоуп – ахәыҷра". Ахәыҷра – ахәмарреи, алахҿыхреи, аццакреи зцу дунеиуп. Ахәыҷра иацу аласреи ацәиккреи аԥыжәара анагалак, мыцхәы аԥстәқәа рыхҭакра, напымыӡәӡәа акрыфара, аӡы ахьмыршакәа ауҭраҭых ма ашәыр ҿыхны афара угәанарԥхар алшоит. Ус еиԥш иҟоу ахымҩаԥгашьа уахнаԥаар, ацәама ҳамҭас иунаҭоит.
Згәы бзиоу ахәыҷы иԥшшәы иԥсахзар, дцәышӡа, дҵыкәкәо далагазар, иҭаацәа ацәама имазар ҟалап ҳәа агәаанагара рызцәырҵуан. Ацәамақәа ауаҩы иорганизм аҿы ацәырҵра иацуп амчкаԥсареи ацәышхареи. Ацәамақәа ирыдҳәаланы аԥсуаа рҟны аларҵәара змаз гәрагаран ахәыҷы лассы-лассы иԥынҵа дафо далагазар, ацәама имоуп ҳәа.
Люлька - Sputnik Аҧсны, 1920, 26.09.2021
"Ан агара лырҵысуан": ахәыҷы игараҵара акәамаҵамақәак
Зыӡбахә ҳалацәажәо ачымазара аҭыԥ ақәҵаразы жәлар рмедицина акыр ицхыраагӡоуп. Иааҳгап абри ахырхарҭала аҿырԥштәқәа:
Аҟаб агәаӷь (ажәла) ацәамакаԥсаразы хәарҭара алоуп ҳәа иԥхьаӡан. Аҟаб ажәлақәа ахәышҭаараҿы иӡны, ацәа аахыхны ахәыҷқәа ирҿарҵон (адәахьы идәылнагаразы). Убас ала ацәамақәа карыԥсон.
Акама адацқәа хԥа ааӡәӡәаны аӡы цқьа аҵатәаны хымш иаанрыжьуан, аамҭа анааилак, ахәыҷы хымш шьыжьхьа ифаанӡа идыржәуан.
Ацәама иахәшәуп ҳәа иԥхьаӡан аџыш. Џыш рыцк рфон ашьыжь, какалк ркаанӡа.
Аԥсуа кҿаҩраҟны иуԥыло ацарӡы (ашә аца зларҭо ацәамақәа идыргәамҵуа ахәыҷы) ашьыжь акрифаанӡа 50-ҟа грамм идыржәуан.
Амыҵмыџьҵла ацәа мҳаҵәк аҟара ҵәыцак аӡы хьшәашәа наҵаҭәаны 10-ҟа минуҭ ҭынч-ҭынч еиларштәуп. Ианыхьшәашәалак ашьҭахь иаараӡаны сааҭк аҩнуҵҟа ҿамҩа-ҿамҩа ижәтәуп (шьыжьхьа уфаанӡа).
Акама адацқәеи ашыцҵла ацәеи аӡы рыҵаҭәаны еиладыршуан, анаҩс иаараӡаны ацәама карыԥсаразы иржәуан. Амжәа адацқәа еиларшны иаҵыҵуаз аӡы ржәуан.
Ашыцҵла иахоу ацәа аҩнуцҟатәи аган мҳаҵәк азна аамхны ҵәыцак аӡаҿы еиладырҩынтуан, нас иаараӡаны шьыжьи хәылбыҽхеи фырџьанк-фырџьанк ржәуан.

Арысра

Згәы бзиоу ахәыҷы иԥшшәы иԥсахызар, дҵыкәкәо далагазар - дыррысуан. Арысра – ацәама иркыз ахәыҷқәа рыҩнуҵҟа арыцқьаразы аԥсуаа имҩаԥырго қьабзын.
Арысра мҩаԥыргон шықәсык ахьтә ҩынтә: ҽаҩраҭагалани ааԥын раԥхьатәи амзақәа рыҩнуҵҟеи. Амҩаԥгаразы иаҭахын: аџьмаруац напык азна, аџыш хык, адалақь, аҭәҳәа.
Новорожденный ребенок с матерью - Sputnik Аҧсны, 1920, 21.08.2021
"Заҟа дукәабо аҟара деизҳауеит": асаби икәабаразы аԥсуаа разгәаҭарақәак
Зегьы раԥхьаӡа аџьмаруаци аџыши еиларҟәаҟәон. Ачымазаҩ хәыҷы иҟәаҟәа абри аилаҟәаҟәа ахьыршьуан. Ахьшьра иаҿызаауан ацәамақәа рыхқәа аакылдырҳәҳәаанӡа. Ахәшә анахьыршьуа аҭәҳәагьы ацҟарҵон. Аҭәҳәа хынтә иҟарҵон, иаҭаххар фынтә. Ахәшә рнаргәыҵа иҵакны ладеи-ҩадеи изқәа иахьшьуа иҭәҳәоит, еиҭаиҭәҳәоит:
Ҷиа, ҷиа, ҷиа! Рыс, рыс, рыс.
Раби рани уахь шәыҟаз,
Рԥацәа зегьы арахь шәааи!
Чфуу, чфуу, чффу (хынтә ирҳәоит).
Ацәамақәа рхы анаакылдырҳәҳәалак, адалақь ала рыхқәа хырссон. Аҭәҳәеи ахәшәи рыбзоурала ацәамақәа реиҳарак ахәыҷқәа рцәеи-ржьи иалҵуан, иаанхаз адәахьы ҳәа ианцоз икарыԥсон.
Ацәама змаз ахәыҷы даныурыс нахыс, уаҳа ацәама ала ԥырхага иауам ҳәа ирыԥхьаӡон.
Ажәабжьқәа зегьы
0