Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Ацха, ахшца, аџьмашша: аԥсуаа ахьҭалалара шырхәышәтәуаз

© MaindoorМед
Мед - Sputnik Аҧсны, 1920, 16.01.2023
Анапаҵаҩра
Жәлар рмедицинала ахьҭалалара шырхәышәтәуаз атәы Аԥсуаҭҵааратә институт афольклортә лабораториа аусзуҩ Сусанна Ҭаниаԥҳа лматериал аҟны.
Агәабзиара амалқәа ирмалуп. Арҭ ажәақәа еиҳагьы рыгәра уго уалагоит иара анҵшәаахалак. Агәабзиара зыҵшәаара мариоу, ԥарала иузаамхәо акәны иҟоуп.
Ԥсабарала аҟәышра злаз аԥсуа жәлар еснагь агәабзиара зыԥсаз рдыруан. Ражәаҳәаҿы иуԥылон абри аҩыза ахшыҩзцарақәа: "Агәабзиара иамоуп хьӡык, ахьаа – ахьӡқәа рацәаны"; "Чымазара зымбац, гәабзиара ҳаҭыр изақәым"; "Азҩыда – ачымазаҩ дизеилкаауам"; "Ачымазарақәа раҟара гәабзиарақәа ыҟазҭгьы!"
День флага Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 18.12.2022
Аԥсны
"Аԥшӡара амаӡақәа": аҳәсеи жәлар рмедицинеи
Аԥсҭазаараҿы ус иаԥуп аԥхарреи ахьшәашәареи рҽеиҭнырыԥсахлоит. Амала, ҳаԥсадгьыл иқәынхо ауаа аӡын хьшәашәа закәыҵәҟьоу рдыруеит ҳәа аҳәара уадаҩуп, аӡын мшқәа ахьшәашәара аасҭа аԥхарра анрыҵоу хыԥхьаӡарала еиҳауп. Убас, аӡын ԥхаҵәаҵәараӡа ишымҩасуа акәымкәа, иаразнак ахьҭа анааҿалалак, иҳазгәамҭакәа ахьҭа анҳалаҳҵо ҟалалоит. Уи аҩыза аҭагылазаашьақәа ҿыцра рылам.
Наџьнатә аахыс жәлар рмедицинаҿы иҟан ахьҭалалараан ауаҩԥсы дызхәышәтәуа аԥсуа хәшәқәа, хадаратәла урҭ ирылаз марҭхәқәан: ацха, ахшца, аџьмашша.
Перец - Sputnik Аҧсны, 1920, 09.10.2022
Аԥсны
Ауадка, апырпыл ца, ашша: аԥсуаа ахьҭалалара шырхәышәтәуаз
Жәлар рмедицинахьтә ахьҭалалара ахәшәтәразы
Аимҳәеи ахьҭалалареи рыхәшәтәраҿы ицхыраагӡан аџьмашша. Ахьҭа злалаз инапқәа, игәышԥы, ибӷа аџьмашша рҭәаны иахьыршьуан.
Аимҳәа ианаргәамҵуаз ахшца амҳаҵә ду азна аџьмашша хҵаны иржәуан.
Аимҳәа зыхьыз данышьҭалоз аламҭалаз аџьымшьы рссаны (мамзаргьы икылхны), идырӡыҭыз аџьмашша иаларҵон, нас ибзиан иааиларҩынтны, ачымазаҩ игәышԥы иахьыршьуан.
Аџыш рссаны (џьымшьызаргь ауан) ацха аҵарҭәон. Аиҵарԥхьа такәаамҭа ус иааныжьуан, анаҩс шьыжьы, шьыбжьон, хәылбыҽха мҳаҵәк-мҳаҵәк лбаардон.
Аимҳәеи ахьҭалалареи риааиразы ахәшҭаараҿы џышхык рӡуан. Нас ишыԥхаԥхаз ҩба-хԥа цыра аамхны, ацәа аахыхны ирфон.
Мҳаҵә дук азна ацхеи аџьмашшеи литрабжак аџьмахш аҟны еиларҩынтны агәараҳәа еиладыршуан. Мышкахь хынтә-ԥшьынтә иржәуан, иҟәанданы.
Аимҳәа угәы иҵачызар, араҳана ааҿыхны ҩ-ҵәыцак аӡы наҵаҭәаны иаанрыжьуан. Иаҵыҵыз аӡы аараӡаны, мышкы иалагӡаны маҷ-маҷ ижәтәын.
Анкьа ахәыҷқәа ахьҭа анрылалак, акама адацқәа ааганы аӡы наҵаҭәаны еиладыршуан, ирыҵыҵуаз аӡы ддыржәуан.
Анкьа ауаҩы иԥынҵа еихачызар, аџыш аӡы аҵыхны цәыкәбарк-цәыкәбарк наҟ-ааҟ иҭарҭәон.
Погода  - Sputnik Аҧсны, 1920, 25.09.2022
Аԥсны
"Хыхь-гәыхь умоуа": ауаҩы дызхәышәтәуа ҵиаақәак рыӡбахә
∕Астатиа аиқәыршәараҿы хархәара аҭан С.М. Наҷҟьебиа лышәҟәы "Жәлар рмедицина алексика"∕.
Ажәабжьқәа зегьы
0