Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Афы имҵаныҳәара: Ҳашыгаа рҭаацәа ажәытә ныҳәара шымҩаԥыргаз

© Foto / Салима Хашиг Моление Афы в селе Хуап
Моление Афы в селе Хуап - Sputnik Аҧсны, 1920, 19.02.2023
Анапаҵаҩра
Ашьтәашьыра – аҭаацәаратә ныҳәароуп. Еиҳарак иахьымҩаԥырго абзыԥқәа рыҟны ауп.
Руслан Ҳашыг иҭаацәа Ашьтәашьыра хәы-шқәса рахьынтә знык имҩаԥыргоит. Ари аныҳәара аҵаки ишымҩаԥыргои атәы Sputnik аматериал аҟны.
Сариа Кәарацхьелиаԥҳа, Sputnik
"Ҳтаацәара иаҵанакуа зегьы хәы-шықәса рахьынтә знык ҳабду игәараҭа ҳаизаны ҳхы ҳақәныҳәоит. Ари аныҳәара мҩаԥигон сабду Ҳашыг Ҷыф. Уажәгьы уи ихылҵыз ари атрадициа еихаҳауа ҳааиуеит. Сара схы здыруаны ари аныҳәара ҳгәараҭа жәантә инеиҳаны имҩаԥаагахьеит", - ҳәа еиҭеиҳәеит ажурналист, апублицист Руслан Ҳашыг.
Аныҳәара мҩаԥыргоит аҭаацәа рзын иԥшьоу ҭыԥны иԥхьаӡоу абаҳча аҟны.
Анцәахәы Афы имҵаныҳәара анымҩаԥырго аӡын, Ажьырныҳәа ашьҭахь ауп. Арыцхә заа аҭаацәа еилацәажәаны иалырхуеит. Ҳашыгаа рҭаацәа ари аныҳәара мҩаԥыргоит хәашала, дара рзын ари иԥшьоу мшуп – рымшшьара.
адыд-амацәыс - Sputnik Аҧсны, 1920, 16.06.2019
"Афы усааит": адыд-амацәыс заахаз рныҳәара
"Ииасыз амчыбжь азын ҳаилацәажәахьан ахәаша амҩаԥгаразы. Иацы асоура иалагеит, аха иахаҳамгаӡеит. Асоура зегь ҳзын аԥсабара аҟынтәи ҳамҭахеит. Зегь маншәаланы, ихааны, иԥшӡаны имҩаԥысит", - ҳәа иҳәеит Ҳашыг.

Аныҳәара ҷыдарас иамоу

Аныҳәаҩ - зықәра ыҟоу, даҽа жәлак датәызаргь ҟалоит, аха ажәлар рыҟны пату иқәзароуп. Руслан Ҳашыг ишазгәеиҭаз ала, сынтәа аныҳәаҩс даарԥхьеит Аслан Ҳашыг. Уаанӡа, 2014 шықәсазы аныҳәара мҩаԥигеит Дараҭ Каԥба.
Аныҳәаҩ, агәи агәаҵәеи кны Анцәа диҳәоит, аныҳәара мҩаԥызго рабиԥара рхы-ргәы иақәгәырӷьо иҟаларцаз.
© Foto / Салима Хашиг

Хәаԥ ақыҭан Афы анцәахәы имҵаныҳәара

Хәаԥ ақыҭан Афы анцәахәы имҵаныҳәара - Sputnik Аҧсны
1/2

Хәаԥ ақыҭан Афы анцәахәы имҵаныҳәара

© Foto / Салима Хашиг

Хәаԥ ақыҭан Афы анцәахәы имҵаныҳәара

Хәаԥ ақыҭан Афы анцәахәы имҵаныҳәара - Sputnik Аҧсны
2/2

Хәаԥ ақыҭан Афы анцәахәы имҵаныҳәара

1/2

Хәаԥ ақыҭан Афы анцәахәы имҵаныҳәара

2/2

Хәаԥ ақыҭан Афы анцәахәы имҵаныҳәара

Афы анцәахәы ианимҵаныҳәалак ашьҭахь, уи аҭыԥ аҟны аишәа дырхиоит акәац, абысҭа, аџьыка, аҩы абарҭ рыда уаҳа акагьы адыргалаӡом. Аишәахь иаарыԥхьоит ишаԥу еиԥш агәылацәа ахацәа. Афатә зегьы уа ирфароуп, аҩныҟа иҩнаргалар ҟалаӡом.
Акрыфарашьҭахь акәац нхар, акалаҷкәыр иҭаҵаны аҵла ихыршьоит. Адырҩаҽны иақәшәо ааины ирфоит уи аҭыԥ аҟны.
Ажьырныхуа в селе Дурипш - Sputnik Аҧсны, 1920, 14.01.2022
Аижәлантәқәа, ма ҭаацәашәала: Ажьиреи Ахьиреи аныҳәара разгәаҭашьа азы
Ажәабжьқәа зегьы
0