Иҳәазаз адгьыл афедералтә мҩаду Џьубга-Шәача ахәҭа арбгеит

© Foto / Упрдор "Черноморье"Адгьылҳәазара иахҟьаны афедералтә мҩаду Џьубга-Шәача ахәҭа бгеит
Адгьылҳәазара иахҟьаны афедералтә мҩаду Џьубга-Шәача ахәҭа бгеит - Sputnik Аҧсны, 1920, 20.02.2023
Анапаҵаҩра
Краснодартәи атәылаҿацә аҟны жәабран 22 рҟынӡа ақәаршыҩ леиуеит, аԥша аӷьыра секундк ала 25 метра инаӡоит.
АҞӘА, жәабран 20 - Sputnik. Иҳәазаз адгьыл афедералтә мҩаду Џьубга-Шәача ахәҭа арбгеит ҳәа аанацҳауеит "Упрдор "Черноморье"" апресс-маҵзура.
" 70+570 - 70+620 амҩахәҭаҿы, Шәача, Тҟәаԥстәи араион, аиланхарҭа Дедерка иахьаҵанакуа афедералтә мҩаду А-147 Џьубга-Шәача амҩахәҭа адгьылҳәазара иахҟьаны ибгеит", - ҳәа аҳәоит адырраҭараҿы.
© Foto / Упрдор "Черноморье"Оползень разрушил часть федеральной трассы Джубга-Сочи
Оползень разрушил часть федеральной трассы Джубга-Сочи - Sputnik Аҧсны, 1920, 20.02.2023
Оползень разрушил часть федеральной трассы Джубга-Сочи
Амҩа аусзуҩцәа ари аҭыԥ ҭахыркааит. Аусурақәа мҩаԥыргоит 11-ҩык ауааԥсыреи амҩатә техникақәа ԥшьбеи.
"Черноморье" аинформациала адгьыл макьанагь ишьақәымтәацт.
Ажәабжьқәа зегьы
0