https://sputnik-abkhazia.info/20230221/putin-urystyla-azhylarat-strategiat-bar-azy-aishaara-alakhra-aannakyloit-1044253685.html
Путин: Урыстәыла Ажәыларатә стратегиатә бџьар азы Аиқәшаҳаҭра алахәра ааннакылоит
Путин: Урыстәыла Ажәыларатә стратегиатә бџьар азы Аиқәшаҳаҭра алахәра ааннакылоит
Sputnik Аҧсны
АҞӘА, жәабран 21 – Sputnik. Урыстәыла ахада Владимир Путин аҳәамҭа ҟаиҵеит Урыстәыла Ажәыларатә стратегиатә бџьар азы Аиқәшаҳаҭра (ДСНВ) алахәылара шааннакыло... 21.02.2023, Sputnik Аҧсны
2023-02-21T17:05+0300
2023-02-21T17:05+0300
2023-02-21T17:05+0300
ажәабжьқәа
владимир путин
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e7/02/15/1044246145_0:0:2928:1648_1920x0_80_0_0_06f1a81f3402db19c5f8619d65f38aa7.jpg
АҞӘА, жәабран 21 – Sputnik. Урыстәыла ахада Владимир Путин аҳәамҭа ҟаиҵеит Урыстәыла Ажәыларатә стратегиатә бџьар азы Аиқәшаҳаҭра (ДСНВ) алахәылара шааннакыло азы. Иара убасгьы иазгәеиҭеит Урыстәыла ахазы еилнакаар шаҭаху Франциеи Великобританиеи реиԥш иҟоу НАТО атәылақәа аԥыжәара зырҭарц ирҭаху. "Амала амцҳәара аҭахӡам, аҭынчреи аҭышәынтәалареи рхы рықәырҵошәа", - иҳәеит Путин. Владимир Путин НАТО Урыстәыла Ажәыларатә стратегиатә бџьар азы Аиқәшаҳаҭра иазыхынҳәроуп ҳәа иҟанаҵо адҵа иҵакыдоу театруп ҳәа азиҳәеит. "Сынтәа, жәабранмза алагамҭазы Аҩадаатлантикатәи Алианс Урыстәылахь адҵа ҟанаҵеит "Ажәыларатә стратегиатә бџьар азы Аиқәшаҳаҭра иазыхынҳәтәуп" ҳәа. Уи иаанагоит ҳиадертә тәылахьчаратә обиектқәа рахь аинспекциа анашьҭрагьы. Иахысҳәаарагьы сыздырам. Ихшыҩдароуп. Ибзианы иаадыруеит Мраҭашәара киевтәи арежим ҳастратегиатә авиациа аобиектқәа рыжәлара ишалахәу", - иҳәеит Путин. Иара иазгәеиҭеит аԥырҩы дызҭамыз арҭ ахархәагақәа НАТО аҟазауаа шракәу амодернизациа рзуны еиҿызкааз.
https://sputnik-abkhazia.info/20230221/putin-urystyla-ialshoz-zeg-anaon-donbass-aproblema-ynchymala-abarazy---1044248616.html
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2023
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e7/02/15/1044246145_147:0:2878:2048_1920x0_80_0_0_e2d67b0565a995a1cf2dac1fd3df0468.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
ажәабжьқәа, владимир путин
ажәабжьқәа, владимир путин
Путин: Урыстәыла Ажәыларатә стратегиатә бџьар азы Аиқәшаҳаҭра алахәра ааннакылоит
АҞӘА, жәабран 21 – Sputnik. Урыстәыла ахада Владимир Путин аҳәамҭа ҟаиҵеит Урыстәыла Ажәыларатә стратегиатә бџьар азы Аиқәшаҳаҭра (ДСНВ) алахәылара шааннакыло азы.
"Иахьа аҳәамҭа ҟасҵароуп Урыстәыла Ажәыларатә стратегиатә бџьар азы Аиқәшаҳаҭра алахәылара шааннакыло азы. Иазгәасҭоит Урыстәыла ари Аиқәшаҳаҭра ишалымҵуа, аха алахәхара шааннакыло", - ҳәа иҳәеит иара.
Иара убасгьы иазгәеиҭеит Урыстәыла ахазы еилнакаар шаҭаху Франциеи Великобританиеи реиԥш иҟоу НАТО атәылақәа аԥыжәара зырҭарц ирҭаху.
"Амала амцҳәара аҭахӡам, аҭынчреи аҭышәынтәалареи рхы рықәырҵошәа", - иҳәеит Путин.
Владимир Путин НАТО Урыстәыла Ажәыларатә стратегиатә бџьар азы Аиқәшаҳаҭра иазыхынҳәроуп ҳәа иҟанаҵо адҵа иҵакыдоу театруп ҳәа азиҳәеит.
"Сынтәа, жәабранмза алагамҭазы Аҩадаатлантикатәи Алианс Урыстәылахь адҵа ҟанаҵеит "Ажәыларатә стратегиатә бџьар азы Аиқәшаҳаҭра иазыхынҳәтәуп" ҳәа. Уи иаанагоит ҳиадертә тәылахьчаратә обиектқәа рахь аинспекциа анашьҭрагьы. Иахысҳәаарагьы сыздырам. Ихшыҩдароуп. Ибзианы иаадыруеит Мраҭашәара киевтәи арежим ҳастратегиатә авиациа аобиектқәа рыжәлара ишалахәу", - иҳәеит Путин.
Иара иазгәеиҭеит аԥырҩы дызҭамыз арҭ ахархәагақәа НАТО аҟазауаа шракәу амодернизациа рзуны еиҿызкааз.