Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Ҳагба Мраҭашәареи Урыстәылеи реиҿагыларазы: Урыстәыла еиқәхоит, узыцәшәаша ыҟам

Хра злоу ахҭысқәа: Гыцбеи Ҳагбеи Путин Афедералтә еизарахь инашьҭымҭа иазкны
Анапаҵаҩра
Урыстәыла ахада Владимир Путин Афедералтә еизарахь инашьҭымҭаҿы дыззааҭгылаз атема хадақәа рхыԥхьаӡараҿы иҟан Урыстәыла Украина имҩаԥнаго арратә аоперациа ҷыда, атәыла аҩнуҵҟатәии адәныҟатәии аполитика, иҟоу ашәарҭарақәа, аекономика аҭагылазаашьа. Арадио Sputnik аефир аҿы аполитолог Беслан Ҳагбеи Аԥсны Жәлар реизара адепутат, адипломат Инар Гыцбеи анашьҭымҭа ахҳәаа арҭеит.
Аполитолог Беслан Ҳагба игәаанагарала, Владимир Путин инашьҭымҭа аҟынтә зегь реиҳа ихадараны иалукаартә иҟоуп иҳәамҭа, Урыстәыла ауааԥсыра иҷыдоу аоперациа рыдыркылар шахәҭоу, уи ада ԥсыхәа шыҟам. Ҳагба иажәақәа рыла, Урыстәылеи Мраҭашәареи реизыҟазаашьақәа макьана аиҿагыларатә политика рымазаауеит, уаҳа излацәажәо рымаӡам, аибашьра ада ҳәа иазгәеиҭеит аполитолог.
Аԥсны Жәлар Реизара адепутат Инар Гыцба игәаанагарала, Урыстәыла атәыла ахада ицәажәара аҭынч ҟазшьа аман. Зегь реиҳа хшыҩзышьҭра зҭатәу Урыстәыла Ажәыларатә стратегиатә бџьар азы Аиқәшаҳаҭра алахәра ахьааннакыло шакәу.
"Америка иаԥырҵеит ус еиԥш аҭагылазаашьа. Урыстәыла шьҭа рабџьар ахархәара дара рхала ишырыӡбо еиԥш аҩаӡара аҟынӡа инаргоит", - ҳәа азгәеиҭеит Гыцба.
Sputnik асасцәа ирҳәеит Урыстәыла имҩаԥнаго оаперациа ҷыда шцало, Мраҭашәара уи иӷәӷәоу аҳәынҭқарра шакәу еилнакаанӡа. Мраҭашәаратәи аҳәынҭқаррақәа ақәгәыӷуеит Урыстәыла аҩнуҵҟа Владимр Путин идгыло шмаҷхо, аха ус еиԥш макьана иҟалаӡом ҳәа азгәарҭеит аекспертцәа.
Иаҳа инарҭбааны аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.
Ажәабжьқәа зегьы
0