Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Аԥсуа сахьаҭыхыҩцәа Аԥшьа Ҳагԥҳаи Диана Хынҭәԥҳаи рцәыргақәҵақәа Шәача имҩаԥгахоит

© Sputnik / Артур ЛебедевМорской вокзал в Сочи
Морской вокзал в Сочи - Sputnik Аҧсны, 1920, 22.02.2023
Анапаҵаҩра
Апроект "Аԥсуа ҿықә" аҳәаақәа ирҭагӡаны иӡыргахоит аколлекциа "Антикатәи ауаа" аҟынтә 10 усумҭак. Дара ҷыдала Аԥсны Абанк Амузеи азы иҭыхын.
АҞӘА, жәабран 22 – Sputnik, Сариа Кәарцхьиаԥҳа. Аԥсуа сахьаҭыхыҩцәа Аԥшьа Ҳагԥҳаи Диана Хынҭәԥҳаи рцәыргақәҵақәа мҩаԥгахоит апроект "Аԥсуа ҿықә" аҳәаақәа ирҭагӡаны хәажәкыра 1 азы Дмитри Жилински ихьӡ зху Шәачатәи Аҟазара амузеи аҟны. Абри атәы Sputnik акорреспондент илзеиҭалҳәеит апроект акуратор Альбина Иаруллина.
Апроект "Аԥсуа ҿықә" аҳәаақәа ирҭагӡаны иӡыргахоит аколлекциа "Антикатәи ауаа" аҟынтә 10 усумҭак. Дара ҷыдала Аԥсны Абанк Амузеи азы иҭыхын. Иара убас асахьаҭыхыҩцәеи, амузеии, апроекти ирызку аинформациатә стендқәа хԥа аекспозициа иалархәхоит.
"Аԥсуа ҿықә" аусура хацнаркит 2022 шықәсазы. Усҟан ацәыргақәҵақәа мҩаԥган Шәачеи Ростов-на-Донуи. Иаруллина лажәақәа рыла, апроект Аԥсни Урыстәылеи ркультуратә еимадара иазырхоуп.
"Ҵыԥх, ацәыргақәҵақәа рышьҭахь ахәаԥшцәа, аҟазараҭҵааҩцәа рҟынтә адыррақәа ҳауа ҳалагеит. Иаабеит ауаа азҿлымҳара шаадырԥшыз, ацәыргақәҵа аформат шыманшәалоу егьырҭ акультуратә беиарақәа раарԥшраз, аинформациа аларҵәараз, ауаа рӡыргараз", - лҳәеит Иаруллина.
2023 шықәсазы апроект аҳәаақәа ирҭагӡаны иазԥхьагәаҭоуп даҽа 13 цәыргақәҵа Шәача, Ростов-на-Дону, Краснодар, Волгоград рымҩаԥгара.
Выставка картин Аллюзия античности открылась в музее Банка Абхазии  - Sputnik Аҧсны, 1920, 19.08.2022
Аԥсны
Асахьақәа рцәыргақәҵа "Аллюзия античности" аатит Аԥсны Абанк амузеи аҿы
Ажәабжьқәа зегьы
0