https://sputnik-abkhazia.info/20230222/aynduma-urystyla-azhylarat-strategiat-bar-azy-aishaara-alrazy-rybzhy-riit-1044264713.html
Аҳәынҭдума Урыстәыла Ажәыларатә стратегиатә бџьар азы Аиқәшаҳаҭра алҵразы рыбжьы рҭиит
Аҳәынҭдума Урыстәыла Ажәыларатә стратегиатә бџьар азы Аиқәшаҳаҭра алҵразы рыбжьы рҭиит
Sputnik Аҧсны
Владимир Путин Аҳәынҭқарратә Дума ахәаԥшырц азакәан апроект рыдигалеит жәабран 21 азы. 22.02.2023, Sputnik Аҧсны
2023-02-22T13:50+0300
2023-02-22T13:50+0300
2023-02-22T13:50+0300
ажәабжьқәа
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e6/03/04/1037924817_0:0:3153:1774_1920x0_80_0_0_0029bdde89ab920051e24f460fc367ff.jpg
АҞӘА, жәабран 22 – Sputnik. Урыстәыла Аҳәынҭқарратә дума адепутатцәа Урыстәыла Ажәыларатә стратегиатә бџьар азы Аиқәшаҳаҭра алахәылара аанкыларазы рыбжьы рҭиит ҳәа аанацҳауеит Адума апресс-маҵзура. Аиқәшаҳаҭра аусура аиҭахацыркразы аӡбара идикылоит Урыстәыла ахада. Урыстәыла ахада Владимир Путин Афедералтә еизарахь анашьҭымҭаҿ аҳәамҭа ҟаиҵеит Урыстәыла Ажәыларатә стратегиатә бџьар азы Аиқәшаҳаҭра (ДСНВ) алахәылара шааннакыло азы. Иазгәасҭоит Урыстәыла ари Аиқәшаҳаҭра ишалымҵуа, аха алахәхара шааннакыло ҳәа иҳәеит иара. Иара убасгьы иазгәеиҭеит Урыстәыла ахазы еилнакаар шаҭаху Франциеи Великобританиеи реиԥш иҟоу НАТО атәылақәа аԥыжәара зырҭарц ирҭаху. Урыстәылеи ЕААи рыбжьара Аиқәшаҳаҭра анапаҵаҩра мҩаԥган 2010 шықәса рзы. Иара иазԥхьагәанаҭоит 2018 шықәса жәабранмзазы астратегиатә иадертә бџьар амазаара аицыркьаҿра, ԥхьаҟа атәылақәа рыҩба еицрымоу аконтинентбжьаратә баллистикатә ракетақәа 700 иреиҳамзарц, аӡаҵаҟатә ӷбақәеи абомбакажьга ҳаирпланқәеи иныҟәырго абаллистикатә ракетақәагьы уи ахыԥхьаӡара еиҳамзарц, аҭырҟьаратә шьақәгылақәа ракәзар - 800 иреиҳамзарц, ахгәыцәқәа 1550 иреиҳамзарц. Урыстәылагьы Еиду аштатқәагьы иарбоу арыцхә азы дасу рхыдҵақәа шынарыгӡаз азы аҳәамҭақәа ҟарҵеит.
https://sputnik-abkhazia.info/20230221/putin-urystyla-azhylarat-strategiat-bar-azy-aishaara-alakhra-aannakyloit-1044253685.html
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2023
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e6/03/04/1037924817_240:0:2971:2048_1920x0_80_0_0_77b4c7d20218f56c86b33f5669ba16a0.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
ажәабжьқәа
Аҳәынҭдума Урыстәыла Ажәыларатә стратегиатә бџьар азы Аиқәшаҳаҭра алҵразы рыбжьы рҭиит
Владимир Путин Аҳәынҭқарратә Дума ахәаԥшырц азакәан апроект рыдигалеит жәабран 21 азы.
АҞӘА, жәабран 22 – Sputnik. Урыстәыла Аҳәынҭқарратә дума адепутатцәа Урыстәыла Ажәыларатә стратегиатә бџьар азы Аиқәшаҳаҭра алахәылара аанкыларазы рыбжьы рҭиит ҳәа
аанацҳауеит Адума апресс-маҵзура.
"Аиқәшаҳаҭра Ажәыларатә стратегиатә бџьар ареиҵареи аԥкреи рзы аԥҟарақәа аҵаркуп. Аиқәшаҳаҭра аԥҟарақәа рықәныҟәара ахылаԥшра аҭара аиҿкааразы аганқәа рыҩбагьы ирымоуп азин аинспекциатә гәаҭарақәа мҩаԥыргаларц. Убри аан ЕАА хықәкыла абри аус аганахьала ахыдҵақәа нанагӡаӡом", - ҳәа аҳәоит аилыркаага шәҟәы аҟны.
Аиқәшаҳаҭра аусура аиҭахацыркразы аӡбара идикылоит Урыстәыла ахада. Урыстәыла ахада Владимир Путин Афедералтә еизарахь анашьҭымҭаҿ аҳәамҭа ҟаиҵеит Урыстәыла Ажәыларатә стратегиатә бџьар азы Аиқәшаҳаҭра (ДСНВ) алахәылара шааннакыло азы. Иазгәасҭоит Урыстәыла ари Аиқәшаҳаҭра ишалымҵуа, аха алахәхара шааннакыло ҳәа иҳәеит иара.
Иара убасгьы иазгәеиҭеит Урыстәыла ахазы еилнакаар шаҭаху Франциеи Великобританиеи реиԥш иҟоу НАТО атәылақәа аԥыжәара зырҭарц ирҭаху.
Урыстәылеи ЕААи рыбжьара Аиқәшаҳаҭра анапаҵаҩра мҩаԥган 2010 шықәса рзы. Иара иазԥхьагәанаҭоит 2018 шықәса жәабранмзазы астратегиатә иадертә бџьар амазаара аицыркьаҿра, ԥхьаҟа атәылақәа рыҩба еицрымоу аконтинентбжьаратә баллистикатә ракетақәа 700 иреиҳамзарц, аӡаҵаҟатә ӷбақәеи абомбакажьга ҳаирпланқәеи иныҟәырго абаллистикатә ракетақәагьы уи ахыԥхьаӡара еиҳамзарц, аҭырҟьаратә шьақәгылақәа ракәзар - 800 иреиҳамзарц, ахгәыцәқәа 1550 иреиҳамзарц. Урыстәылагьы Еиду аштатқәагьы иарбоу арыцхә азы дасу рхыдҵақәа шынарыгӡаз азы аҳәамҭақәа ҟарҵеит.