Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Иашҭхәа ақыҭан инхо атәылауаҩ ауаҩшьразы 15 шықәса иқәырҵеит

© Sputnik / Томас Тхайцук Судебный молоток
Судебный молоток  - Sputnik Аҧсны, 1920, 23.02.2023
Анапаҵаҩра
Гурген Киракосиан идырҵо ахара зегьы дақәшаҳаҭхеит.
АҞӘА, жәабран 23 - Sputnik. Аҟәа араион Иашҭхәа ақыҭан инхо Гурген Киракосиан ауаҩшьразы 15 шықәсеи, 25 нызқь мааҭ ахараԥсеи иқәырҵеит, абри атәы аанацҳауеит Аԥсны апрокуратура хада.
Аԥсны ашьауӷатә кодекс 1 ахәҭа 33 ахәҭаҷи, актәи ахәҭа 217 ахәҭаҷи инарықәыршәаны гәҭакыла ауаҩы дишьит, изакәанымкәа амцабџьар аахәареи, аҵәахреи, аныҟәгареи рзы ахарадҵа идҵоуп.
Аусбарҭа ишаанацҳауа ала, жәабран 2 2022 шықәсазы Киракосиан иидыруаз ахаҿы Едуард Қьецбеи иареи Каман арыжәтә џьбара еицыржәуан. Уи аамҭазы дара рыбжьара аимак-аиҿак ҟалеит, Киракосиан гәҭакыла Қьецба автомат Калашников ала диеихсны дишьит.
Едуард Қьецба иаразнак иԥсҭазаара далҵит, Киракосиан иҿиӡеит, аха ԥыҭрак ашьҭахь даанкылан.
Гурген Киракосиан уаанӡагьы аусӡбара даҵанакхьан. 2020 шықәсазы абџьари аџьаԥҳани закәаншьаҭада рымазаара ихарарҵон, уи аамҭазы Ареспубликатә хәышәтәырҭа дҭан, уантәи иара абналара илшеит: инапқәа злаҿаҳәаз ԥыртны, ашьаршьафқәа еидҿаҳәаланы ахԥатәи аихагыла аԥенџьыр аҟынтәи дылбааны дыбналеит. Анаҩсан, Гурген Киракосиан азинхьчаратә усбарҭақәа иҽриҭеит.
Руки в наручниках. 07.06.2020 - Sputnik Аҧсны, 1920, 05.06.2020
Аҟәа ахәышәтәырҭаҟынтәи ибналаз ахаҿы иҽриҭеит
Ажәабжьқәа зегьы
0