Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Аԥсны ажурналистцәа Реидгыла "Еиҭаҳәам аибашьра аҭоурых" аицлабра иаиааиз рыланаҳәеит

© Foto / АпсныпрессСоюз журналистов Абхазии назвал победителей конкурса "Малоизвестные истории войны"
Союз журналистов Абхазии назвал победителей конкурса Малоизвестные истории войны   - Sputnik Аҧсны, 1920, 26.02.2023
Анапаҵаҩра
Аԥсны ажурналистцәа Реидгыла ирыланаҳәаз "Еиҭаҳәам аибашьра аҭоурых" захьӡыз арҿиаратә еицлабрахь азыҳәақәа рыдыркылон 2022 шықәса мшаԥы 1 инаркны абҵара 1 аҟынӡа.
АҞӘА, жәабран 26 – Sputnik, Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа. Аԥсны ажурналистцәа Реидгыла "Еиҭаҳәам аибашьра аҭоурых" захьӡыз арҿиаратә еицлабра аихшьаалақәа ҟанаҵеит, АИХқәа русуҩцәа рымш аламҭалаз жәабран 26 рзы.
Аинформациатә маҵзура Sputnik Аԥсны ианашьоуп адиплом ҷыда, аибашьра иахаану ахәҷқәа рҭоурых, аибашьра рыԥсҭазаара ишанырыз ахьеиҭарҳәо ацикл "Недетские истории" азы.
Аноминациа "Арадиои аинформациатә маҵзуреи" аҟны аԥхьахә даԥсахеит Sputnik акорреспондент Сариа Кәарацхьиаԥҳа "Аибашьраан иаԥҵаз ашәак аҭоурых" азы. Аҩбатәи аҭыԥ - Аԥсуа радио аусзуҩ Елана Лашәриаԥҳа хатәгәаԥхарала еибашьуаз ирызкыз арадиодырраҭарақәа рцикла "Аамҭеи ауааи" азы.
Аноминациа "Ателехәаԥшра" аҟны актәи аҭыԥ лоуит Аԥсуа телехәаԥшра ажурналист Аруна Чагәааԥҳа ателедырраҭара "Гәазыҳәарас ирымои ҳветеранцәа" азы, аҩбатәи аҭыԥ даԥсахеит Абаза ТВ акорреспондент Анастасиа Никонова лрепортаж "Ахаҳә аҿы асахьа" азы, ахԥатәи - Аԥсуа телехәаԥшра ажурналист Астанда Кецԥҳа Султан Сосналиев изкны иҟалҵаз аочерк "Кавказаа ҳрыцар" азы.
Ари аноминациаҿ иҷыдоу адиплом ланашьан Лана Аԥшьлааԥҳа "Асахьаҭыхыҩцәа аибашьраан" ателефильм азы.
Акьыԥхь аҟны иаиааиз:
актәи аҭыԥ - Витали Шариа агазеҭ "Эхо Абхазия" аҟны иикьыԥхьыз "Гәымсҭатәи абаллада" аочерк азы.
аҩбатәи аҭыԥ ланаршьеит Елеонора Коӷониаԥҳа Sputnik Аԥсны асаит аҟны илкьыԥхьыз аочеркқәа " 30 шықәса Таиф Аџьба ихабар ыҟамкәа", Николаи Губариов игәалашәара "Аԥсуаа риааира агәра згон", "Пазана данырхәыз" рзы.
ахԥатәи - Алхас Чхамалиа ажурнал алашара аҟны икьыԥхьыз "Схәыҷра сыцәзырӡыз... Аибашьра" аочерк азы.
Николай Губарев - Sputnik Аҧсны, 1920, 06.10.2022
Аԥсны
Аԥсуаа аиааира шыргоз агәра згон: Николаи Губариов игәалашәарақәа
Иҷыдоу адиплом лоуит Гәыгәыца Џьыкырԥҳа агазеҭ "Аԥсны" адаҟьақәа рыҟны илкьыԥхьыз аочерк "Ахәыцрақәа рышьҭала" азы.
Иааизакны ажурналистцәа Реидгыла аицлабрахь инашьҭын 25 усумҭа, урҭ рахьынтәи жәба ателедырраҭарақәеи арепортажқәеи, 11 акьыԥхь усумҭақәа, хәба арадиои аинтернет-ҭыжьымҭақәеи ракәын.
Ажәабжьқәа зегьы
0