Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Аԥсуаа аиааира шыргоз агәра згон: Николаи Губариов игәалашәарақәа

© Foto / предоставил Николай ГубаревНиколай Губарев
Николай Губарев - Sputnik Аҧсны, 1920, 06.10.2022
Анапаҵаҩра
1956 шықәсазы Венгриа аконтрреволиуциатә қәгыларақәа мҩаԥысуан. Еиуеиԥшым ахыҵхырҭақәа ишырҳәо ала, Гитлер идызцәылоз амчқәа уа инханы иҟан. Убри аҟынтә, дара ирыӡбеит акоммунисттә режим ахырҳәарц. Ишдыру еиԥш, Венгриа Гитлер иган иадгыланы еибашьуан Аҩбатәи Адунеизегьтәи аибашьраан. Анаҩс, акоммунисттә режим шьақәгылеит уаҟа, убри арежим аԥсахразы анацистцәа ридеологиа ныҟәызгоз гәымбылџьбарала ирызныҟәеит усҟантәи амчра ахаҭарнакцәа. Уи аамҭа иадҳәалоу афото документқәа удыршанхоит, убри аҟара иргәаҟны ишьын акоммунистцәа рхаҭарнакцәа.
Геннади Каҷабаа - Sputnik Аҧсны, 1920, 25.09.2022
Аԥсны
Аибашьра адаҟьақәа: Пазана данырхәыз
Аӡә дҵаашт, избан изылгәалашәазеи аколонка автор Венгриатәи ареволиуциа ҳәа? Изысгәалашәаз убри ауп, иахьа зыӡбахә цәырызго ауаҩы, 1956 шықәсазы урҭ ахҭысқәа дрылахәын асовет архәҭақәа дрыланы. Иара уи аамҭазы аррамаҵура дахысуан Туркестантәи арратә округ иаҵанакуаз атанктә архәҭақәа рҿы - аԥхьа аҳҭнықалақь Ашхабад, нас СССР зегь раҵкьыс лада ишьҭаз Кушка захьӡыз ақалақь аҿы ихиркәшеит ирратә уалԥшьа. Иҟоуп ажәаԥҟа Кушка уахыганы џьаргьы урышьҭӡом ҳәа (Дальше Кушки не пошлют…) - ԥсуаҵас иаҳҳәозар адунеи аҵыхәан ҳәа иашьҭан уи аҭыԥ. Усҟан, сызлацәажәо Венгриатәи анацисттә мчқәа ржәылара Асовет ар рыла еиқәыртәан. Николаи Губариов урҭ ахҭысқәа иблала ибеит, усҟан дара рырхәҭа Венгриаҟа идәықәҵан азы.
"Сара уа сыла иабаз афашизм атәы аиҭаҳәара уадаҩуп. Акоммунистцәа гәымбылџьбарала ирызныҟәон урҭ афашизм зшьа иалаз амчрақәа", - иҳәоит иахьа уажәшьҭа 87 шықәса ирҭысхьоу Николаи Павел-иԥа.
Зыӡбахә сымоу ауаҩы усҟан ихахьгьы иааиуамызт 36 шықәса рнаҩс, даҽа зныкгьы афашизм дахҭыгәлоит ҳәа. Николаи абар уажәшьҭа 60 шықәса инареиҳаны дынхоит Гагра аҩхааҿы. Ақырҭқәа Гагра аккупациа аназыру ибла иабаз атәы аиҭаҳәарагьы гәаӷьуацәоуп. Николаи иԥшәмеи иареи ахьынхоз "Жәаҩакәаратәи аҩхаа" ҳәа иахьашьҭоу, ақырҭқәа иааганы икарыжьуан иршьуаз, иара убас урҭ рыбжьара иҟан зыԥсы ахәанга ҭазгьы.
© Foto / предоставил Николай ГубаревНиколаи Губариов
Николай Губарев - Sputnik Аҧсны, 1920, 05.10.2022
Николаи Губариов
"Сара Венгриа избахьаз аҵкысгьы еицәахеит усҟан сыбла иабоз", - иҳәоит Николаи амш хлымӡаахқәа игәаларшәо. "Зыԥсы ахәанга ҭаз ауаа абылтәы рықәҭәаны амца рыцрарҵон ақырҭуа гвардееццәа. Сыԥшәма ԥҳәыс ари анылба "шәара шәфашистцәоуп" ҳәа рызҿылҭуан", - иажәа иациҵоит Николаи.
Ииӡбазеи абарҭ зегь зыбла иабоз Николаи Павел-иԥа Губариов? Ақырҭқәа анцалакгьы, аԥсцәа анышә иамеидон ауаа реиԥш. Аибашьра иалагаанӡа иара Гагра акурортә хылаԥшратә усбарҭаҿы аус иуан. Убри аусҳәарҭа иатәыз аекскаватор иара иҿы иҟан.
"Аибашьра еилгар, нас рҭынхацәа иргап ҟасҵан, исымаз аекскаватор ала, срымбакәа ауаа анышә рықәыԥсаны изжуан", - иҳәоит агәаӷьра змаз ауаҩы.
Нас, иара дахьынхоз ишәарҭарахеит. Аангылара гәаӷьуацәан. Николаи агвардееццәа ишьҭашәарыцо иалагеит. Ақырҭқәа дрымбарц азы ашьхарахь дцаны иҿиҵәахуан. Зны-зынла иҭыԥ иԥсахуан, иԥҳа ақалақь аҿы ауада ахьлымаз иҽыԥхьеикуан.
"Сҭыԥ сыԥсахуан уажәы-уажә. Срымԥыхьашәар сҭадырхон", - иҳәоит Николаи.
Иури Дбар - Sputnik Аҧсны, 1920, 02.10.2022
Аԥсны
"Ҳшьа иалоуп афырхаҵара, ҳаибашьцәоуп ҳара": Иури Дбар иҿцәажәара
Гагра анҭадырцәы анаҩс, аҭынхацәа ааны рыԥсыбаҩқәа ргагәышьеит. Иахьа уи аҭыԥаҿы "1992 шықәсазы Қырҭтәыла Аҳәынҭсовет архәҭақәа Гагра аккупациа аназыруз аамҭазы Жәаҩакәаратәи аҩхааҿы ишьыз, зыԥсы шҭаз ирблыз аҭынч уааԥсыреи аибашьцәеи ргәаларашәаразы" ҳәа зну абаҟа гылоуп.
Николаи усҟан 57 шықәса ихыҵуан . Аибашьра еилгаанӡагьы атыл аҿы аԥсуаа дрывагылан. Иԥшәма ԥҳәыс Евдокиа лакәзар, лыбла иабаз акыр лгәабзиара аруашәшәыреит, лыпсихика ааха аанаҭеит.
"Иахьагьы лгәы бзиам, убри сгәы иалоуп", - иҳәоит Николаи аибашьра ахыԥша иԥшәмаԥҳәыс лдунеи ахьаанарҳәыз гәырҩас иманы.
Аибашьра аамҭазы ишдыру еиԥш, абџьар кны аибашьра анаҩсангьы, иҟоуп атыл ҳәа изышьҭоу ацхыраара ахьаҭахыу. Губариов иакәзар, хәы змаӡам ацхыраара ҟаиҵеит гәнаҳала ишьыз рыԥсыбаҩқәа анышә иамадо.
Светлана Альмешева - Sputnik Аҧсны, 1920, 27.09.2022
Аԥсны
Светлана Альмешева: аибашьра ианналага инаркны, сара издыруан иҟасҵашаз
"Аԥсуаа аиааира шыргоз шә-процентк агәара згон", - иҳәоит Николаи.
Иареи сареи ҭеллоуп аимадара шҳамаз. Даараӡа аиумор змоу иакәны дызбеит. "Аԥсуаа ҳаҭыр ақәырҵама, ацхыраара иҟашәҵаз?", - ҳәа азҵаара анисҭа, абас аҭак сиҭеит, - "Иахьа хымшуп атанкистцәа рымш азгәаҳҭоижьҭеи. Ус анакәха, урҭ сара исылшаз ҳаҭыр ақәырҵоит. Даара аҩызцәа бзиақәа сымоуп, аныҳәақәа ҳаицырԥылоит".
Колиа ҳәа Гаграа изарҳәо Губариов зхы ахцәажәара бзиа изымбо злаиакәу ала, исыӡбеит ибзианы дыздыруа аибашьра аветеран Аираа, Кәакәасқьыраа злаз Оҭҳараа ргәыԥ иалаз "Агәымшәараз амедал" занашьоу Лиосик Сабуа сиазҵаарц Николаи иӡбахә азы.
"Колиа ҳара ҳҩыза иоуп, сара ибзианы дыздыруеит. Есыҽны ҳаибабоит, абра Гагра агәаны акаҳуа еицаҳжәуеит есышьыжь. Уи аибашьра анцоз иҟаиҵаз азы иҭабуп ҳәа акырынтә иасҳәахьеит. Убра ишьны инаргаз руаӡәы Аркади Пасаниа сара дысзааигәан. Иара дырблит рыцҳа. Гагра анҭадырцәы уа аҩхааҿ ҳаннеи ишьаз иеимаақәа алақәа ирххо ирыман иахькарыжьыз збан, нас иааганы иԥшәма илысҭеит. Уа абаҟа игылоу аҿгьы ихьӡ ануп. Колиа Губариов ақырҭқәа иршьуаз атрактор ала ижны анышә рықәиԥсон. Гагра аӷа даналаҳца иара иҳаиҳәеит иахьижыз. Нас, уи Аркади дыҵхны иҩны даҳжгәышьеит. Ақырҭқәа активла аҿагылара рзызуаз иакәын Аркади. Ганҭиади ҳцаны ҳаанӡа, ақырҭқәа убас изныҟәеит. Губариов итәы сҳәозар, уаҩԥсы изыҟамҵоз ҟаҵаны, аиарҭаларшәқәа ирылаҳәаны атрактор ала икылжааны анышә иеиҭеит ишьыз. Иара дыҟамызтгьы алақәа еимырҵәон урҭ ԥсышьацәгьа зырҭаз рыԥысыбаҩқәа. Рыбаҩқәа нхозгьы сеидроу. Колиа даара ҳаҭырла ҳаизыҟоуп гаграа, иҟаиҵазгьы ахә ҳаракны иаҳшьоит", - саҭеикит аветеран Сабуа.
Сажәабжь ззыскуа Губариов иакәзар, ҳәаа амамызт игәырӷьара Гагра ахы ианақәиҭхаз.
"Сара сыла иабоз агәымбылџьбара аҵыхәтәа аныԥцәа сеигәырӷьеит, Аԥсны зегь ахы иақәиҭымызт аха. Гагратәи Аиааира уи хашҭшьа змам хҭысуп", - иҳәоит Николаи Губариов 30 шықәса раԥхьатәи ахҭысқәа дрызхьаԥшуа.
Николаи Губариов милаҭла даурысуп, диит Москва ашьапаҿы. Иԥшәмаԥҳәыс Евдокиа Токаревеи иареи Калининград ақалақь аҿы еибадырит. Нас, арра даналга 1959 шықәса ашьҭахь, ара инхоз иашьа иахь сасра дааит. "Аԥсны сгәаԥхан ара саангылт", - иҳәоит иара. Губариов ҩыџьа ахшара драбуп, имоуп амаҭацәа, урҭ рыхшарагьы ԥшьҩык ыҟоуп . "Иҭабуп аҭаҳмада дахьышәхамышҭуа", - иҳәеит ҳаицәажәара ахыркәшамҭазы Николаи. Иара иахьагьы дахьынхац Гагра аҩхааҿы дынхоит. 87 шықәса ихыҵуеит, аха длафны "16 шықәса схыҵуашәа схы збоит" иҳәеит Николаи Павел-иԥа.
Руслан Таниа - Sputnik Аҧсны, 1920, 24.09.2022
Аԥсны
"Изаҭәаумшьо аҳәак иҟәнуп": аветеран Руслан Ҭаниа иҿцәажәара
Ажәабжьқәа зегьы
0