Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Аԥсны Ажурналистцәа реидгыла иацнаҵоит "Еиҭаҳәам аибашьра аҭоурых" аицлабра

© Foto / их архива семьи Ивана ГунияГруппа «Скорпион» в 1992 г. во время ОВНА
Группа «Скорпион» в 1992 г. во время ОВНА - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.02.2023
Анапаҵаҩра
Аԥсны Ажурналистцәа реидгыла "Еиҭаҳәам аибашьра аҭоурых" аицлабрахь арзаҳалқәа рыдкылара мҩаԥысуан 2022 шықәса мшаԥы 1 инаркны абҵара 1 аҟынӡа. Аихшьаалақәа ҟаҵан жәабран 26 рзы.
АҞӘА, жәабран 28 - Sputnik. Аԥсны Ажурналистцәа реидгыла арҿиаратә еицлабра "Еиҭаҳәам аибашьра аҭоурых" иацнаҵоит Аиааиреи Ахьыԥшымреи 30 шықәса ахыҵра аныҳәа амҩаԥгаразы Аҳәынҭқарратә комиссиа алархәны ҳәа арадио Sputnik иазеиҭеиҳәеит Аидгыла ахантәаҩы Руслан Ҳашыг.
Аԥсны Ажурналистцәа реидгыла арҿиаратә еицлабра "Еиҭаҳәам аибашьра аҭоурых" ахь арзаҳалқәа рыдкылара мҩаԥысуан 2022 шықәса мшаԥы 1 инаркны абҵара 1 аҟынӡа. Аихшьаалақәа ҟаҵан жәабран 26 рзы.
Ҳашыг иажәақәа рыла, аицлабра ацҵара иалнаршоит аноминациақәа рхыԥхьаӡара ацҵареи аԥхьахәтә фонд аизырҳареи. Аицлабра иалахәхаразы иааԥхьан Нхыҵ Кавказ ажурналистцәа, аибашьра аветеранцәа аӡәгьы иҭоурых дырымкәа иаанымхарц азы.
Аицлабра амҩаԥысра аамҭа шьақәырӷәӷәахоит Ажурналистцәа реидгыла аилатәара ҷыдаҿы.
Аԥсны АИХқәа зегьы ирылшоит русзуҩцәа ажиури алахәылацәақәак рыҳасаб ала радгалара.
Союз журналистов Абхазии назвал победителей конкурса Малоизвестные истории войны   - Sputnik Аҧсны, 1920, 26.02.2023
Аԥсны
Аԥсны ажурналистцәа Реидгыла "Еиҭаҳәам аибашьра аҭоурых" аицлабра иаиааиз рыланаҳәеит
Ажәабжьқәа зегьы
0