00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
08:30
31 мин
Ажәабжьқәа 13:00
13:02
2 мин
Ажәабжьқәа 13:30
13:31
3 мин
Ҳазлацәажәаша ҳамоуп
13:34
12 мин
13:59
0 мин
Новости 14.00
14:01
3 мин
Новости 14.30
14:30
3 мин
Ажәабжьқәа
18:01
3 мин
Новости
18:31
3 мин
Ажәабжьқәа
21:01
3 мин
Новости
21:31
3 мин
18:00
31 мин
18:30
31 мин
On air
21:00
31 мин
On air
21:30
31 мин
ИацыИахьа
Аефир азы
ақ. Гагра101.3
ақ. Гагра101.3
ақ. Аҟәа103.2
ақ. Гәдоуҭа105.9
ақ. Очамчыра100.7
ақ. Тҟәарчал102.5
ақ. Пицунда101.7
Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Атәылауаҩи аиҳабыреи: Ҳаразиа Ҭырқәтәылеи Шьамтәылеи рыцхраара иазоужьу аԥара иазкны

Атәылауаҩи аиҳабыреи: Ҳаразиа Ҭырқәтәылеи Шьамтәылеи рыцхраара иазоужьу аԥара иазкны
Анапаҵаҩра
Аԥсны Жәлар Реизара Ҭырқәтәылеи Шьамтәылеи афинанстә цхыраара рыҭара иақәшаҳаҭхеит. Уи аԥхьа Аԥсны аиҳабыра арыцҳара ианиаз атәылақәа афинанстә цхыраара рыҭаразы 300 нызқь доллар рзышьҭразы ақәҵара рыдыркылахьан. Аԥара Аԥсадгьыл ахь архынҳәра Афонд абиуџьет аҟынтә иоужьуп. Иазгәаҭамыз аныхтәқәа афонд анаҩстәи аусутәқәа рынагӡара ианыԥшыр алшома, ари ашықәсазы иарбоу апроектқәа рынагӡараҿы иаҭаху ахарџькәа рызхо атәы еиҭеиҳәеит Аԥсадгьыл ахь архынҳәразы аҳәынҭқарратә еилакы ахантәаҩы Вадим Ҳаразиа.
Ҭырқәтәыла аԥсуааи адыгааи ахьеицынхо ҩ-қыҭак рҟны 60 ҩны инареиҳаны ибгеит иҳәеит Ҳаразиа.
Аԥсадгьыл ахь архынҳәразы аҳәынҭқарратә еилакы ахантәаҩы иҳәеит адгылҵысрақәа раан ааха зауз цхыраарак аҳасабала ирзышьҭхо аԥара ҵыԥх еиуеиԥшым амзызқәа ирхырҟьаны рхы ирзамырхәаз ауп ҳәа.
"Иаҳҳәап, ахшара хҩык инареиҳаны изауз 100 нызқь мааҭ рыҭаразы ҳәа иҟоу ахәҭаҷ, убра 14 миллион мааҭ ҳхы иаҳзамырхәаӡеит. Иаҳҳәап, 2021 шықәсазы 42 миллион мааҭ ҳашьҭызҭгьы уахь, 2022 шықәсазы иаҳшьҭыз 36 миллион мааҭ ауп. Уи адагьы, аԥхынтәи алагер азы иарбаз, ачымазара иахҟьаны Ҭырқәтәылантәи Шьамтәылантәи ахәыҷқәа ԥсшьара иаҳзаамгаӡеит, урҭқәа даҽа ҳәҭаҷқәак нарыдкыланы 300 нызқь доллар рылҵит. Иҳамоу апроектқәа уи ԥырхага рынаҭаӡом", - иҳәеит Ҳаразиа.
Иара убас иазгәеиҭеит ҳауаажәлар иаадырԥшуа арыцҳашьареи адгылареи агәахәара шунаҭо. Иҳәеит хаҭала аҭел ишизасуа ҳтәыла еиуеиԥшым араионқәа рҟынтәи, иаҭахны ианыҟала арыцҳара иақәшәаз атәылақәа рҟынтәи ахәыҷқәа рыдкылара ишазхиоу.
Аицәажәара инеиҵыхны ишәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны хыхь.
Ажәабжьқәа зегьы
0