Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Хра злоу ахҭысқәа: Ԥлиа Аԥсны аҿар ршәарҭадара азҵаарақәа ирызкны

Хра злоу ахҭысқәа: Ԥлиа Аԥсны аҿар ршәарҭадара азҵаарақәа ирызкны
Анапаҵаҩра
Аԥсны Жәлар рконгресс ахантәаҩы Давид Ԥлиа арадио Sputnik аефир аҿы ҳтәыла ашәарҭадаразы иактуалтәу азҵаррақәа ртәы дрылацәажәеит, еиҳараӡак аҿар рааӡараҿы иҟоу ауадаҩрақәа ртәы.
Асоциал-економикатә ҭҵаарақәа рцентр имҩаԥнагаз астол гьежь аҿы изааҭгылан Аԥсны ашәарҭадара атема х-хырхарҭакны. Актәи – Аԥсны ахымҩаԥгашьа адунеи аҿы ицо апроцессқәа инарымаданы. Аҩбатәи – аҿар рааӡара, амилаҭқәа зегьы рҳәоу, рҟазшьа еиқәшәаны аҳәынҭқарра ныҟәырго аҟаҵара, иара убас, ахԥатәи- аекономика иахьатәи аԥеиԥш.
Давид Ԥлиа игәаанагарала ахәҷы иааӡара, ихьчараҿы иахьа аҳәынҭқарра хьысҳауп, асовет аамҭаз иҟаз иаҿурԥшуазар.
"Асовет системаҿы аидеологиа ӷәӷәан, иҟан аинститутқәа ахәҷы еснагь ихылаԥшуаз. Ҳара ҳазхәыцроуп ахәҷы аҩны анҭыҵ даныҟалалак егьырҭ амилаҭқәа иҳаланхои иареи еиқәзыршәо амеханизмқәа рыҟаҵара. Уи ԥшаатәуп. Иахьатәи аамҭазы ахәҷы ихыхра мариахеит, дзырблаҟьогьы маҷым", - ҳәа азгәеиҭеит Ԥлиа.
Иаҳа инарҭбааны аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.
Ажәабжьқәа зегьы
0