Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Ауаажәларра-патриоттә еиҿкаара "Аԥсны Ҿа" 15 шықәса ахыҵит

© фото предоставлено Госкомитетом по молодежной политике АбхазииВоенно-полевой лагерь "Молодая Абхазия"
Военно-полевой лагерь Молодая Абхазия - Sputnik Аҧсны, 1920, 04.03.2023
Анапаҵаҩра
Аиҿкаара "Аԥсны Ҿа" хықәкыс иаман аԥсуа бызшәа, аҭоурых, акультура, аҵас-ақьабз рыла аҿар апатриотизмра рылааӡара аҟны адгылара рыҭара.
АҞӘА, хәажәкыра 4 - Sputnik. Аҿартә ауаажәларра-патриоттә еиҿкаара "Аԥсны Ҿа" аԥҵан 15 шықәса раԥхьа, 2008 шықәса хәажәкыра 3 рзы.
Уи аиҿкааҩцәа ируаӡәку, раԥхьатәи анапхгаҩы Алиас Аҩӡба арадио Sputnik аҟны еиҭеиҳәеит ҿыц еиҿыркааз аилазаара раԥхьатәи ашьаҿақәа, анаҩстәи изнысыз амҩа, иара убас раԥхьаҟатәи рыгәҭакқәа.

"Уи ҳазнылаз амҩа ус имариан ҳәа аҳәара уадаҩуп, аха ҳара иҳаман аиҳабацәа аԥышәа змаз, иҳацхраауаз , иҟаҵатәу ҳаҵазҳәоз", - иҳәеит иара.

Убри аан Аҩӡба инаҵшьны иазгәеиҭеит, убри аамҭаз шакәу Аԥсны аҿартә политиказ аиҿкаара аԥҵаразы аҽазышәарақәа аныҟаз, анаҩс уи ишалҵшәахаз аиҿкаара аԥҵарагьы. Уи аус мҩаԥысуан Аԥсны ахада Сергьеи Багаԥшь инапхгарала ҳәа азгәеиҭеит аиҿкаара раԥхьатәи анапхгаҩы.
"Уи аамҭазы аҿартә политика атәыла анапхгара рганахьала адгылара ӷәӷәаны иаман. Атәыла ахада араион ахадацәа алархәны аилацәажәарақәа мҩаԥигон, ахылаԥшра аиҭон аҿартә политика. Аханатә ҳара апроект хәыҷқәа мҩаԥаагон, аха анаҩс урҭ рымҽхак ҭбаахеит, жәларбжьаратәи форумқәахеит. Урҭ рхы рыладырхәуан Аԥсны анҭыҵынтәгьы асасцәа", - ҳәа азгәеиҭеит Алиас Аҩӡба.
Еиҳарак инаҵшьны иазгәеиҭеит, аиҿкаара имҩаԥнагоз акциақәа зегь рыҟны ишалахәыз аԥсны ақыҭақәа зегь рҟынтәи аҿар рхаҭарнакцәа.
"Ақыҭақәа зегьы рҟынтәи аҿар рхаҭарнакцәа ҳусмҩаԥгатәқәа ирылахәын. Иҟан қыҭақәакгьы "Аԥсны Ҿа" ахаҭарнакра ахьааҳартызгьы, иҟаӡам атәыла раионк аҟынтәи ҳусура иалахәымыз аҿар. Ҳара 15 шықәса рыҩнуҵҟа акыр идууз амҩа ҳанысит, атәылаҿ имҩаԥысуаз акыр зҵазкуаз ауаажәларратәи аполитикатәи ахҭысқәа зегьы ҳрылахәын", - иҳәеит Аҩӡба.
"Аԥсны Ҿа" 15 шықәса ахыҵра амш аҽны аиҿкаара актив реиԥылара мҩаԥысит. Аԥхьаҟатәи русура атәы дазааҭгыло Алиас Аҩӡба иҳәеит аиҿкаара аусура ишацнаҵо аԥҟаԥҵәаҟны иарбоу ахырхарҭақәа рҳәаақәа иҭагӡаны.
Ажәабжьқәа зегьы
0