Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

"Аибашьраҿы ииз абзиабара": Ларина Гәымԥҳа лҭоурых

© Foto / из семейного архива ГумбаЛарина Гумба
Ларина Гумба - Sputnik Аҧсны, 1920, 12.03.2023
Анапаҵаҩра
Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра цонаҵы, имаҷҩым афронт аҟны еибабаны анаҩс зыԥсҭазаара еилазҵаз аибашьцәеи амедиаҳәшьцәеи. Иахьа ишәыдаагало ажәабжь аҿгьы иаарԥшу афронт аҿы ииз абзиабара ауп. Ларина Гәымԥҳа ажурналист Саида Жьиԥҳа илзеиҭалҳәеит лхатә ҭоурых.
Саида Жьиԥҳа, Sputnik
Дәрыԥшь ақыҭа иааӡаз Ларина Алықьса-иԥҳа Гәымба, Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра алагамҭазы Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет, афилологиатә факультет аҟны актәи акурс хлыркәшахьан. Аԥхынтәи аԥсшьарамшқәа ишраамҭазгьы, аԥҳәызба Аҟәа лашьа Вахтанг иҿы дыҟан, аҳәынҭқарратә ансамбль "Шьараҭын" ахкынагӡаҩцәа дреиуан, аҽазыҟаҵарақәа рахь дныҟәон.
Нанҳәа 14 1992 шықәсазы Аҟәа Аҳабла ҿыц аҟны инхоз Ларина абыжьбатәи аихагылаҿынтә ақалақь агәаҟнытә иаауаз алҩа еиқәаҵәа лылаԥш нақәшәеит. Рацәак мҵыкәан аҩнеихагылаҿы инхоз ауаа аилауаҭырра иалагеит. Еилкаахеит аибашьра шалагаз.
"Ҳаҩнеихагылаҟны ақырҭқәа рацәаҩны инхон. Нас иаҳгәалашәеит, аибашьра ҩымшҟа шагыз абжьааԥнеиԥш рышьҭыбжь шаҳмаҳауаз. Уи алагьы иудырратәы иҟан агәҽанҵара шрымаз. Аԥсуа гвардиа иалаз сашьеиҳабы Вахтанги иҩызцәа аҷкәынцәеи еизибаган, акы иналацәажәеит. Анаҩс аҳәсеи ахәыҷқәеи Гәдоуҭаҟа ргара иалагеит. Сара аҳәара ҟасҵеит саангыларц азы, исымчу аҿы сыцхыраарц шысҭаху сҳәеит, аха сыбжьы заҳауадаз. Аҩнеихагыла иадгылаз автобус ҳнақәдыртәан, Вахтанг иԥшәмаԥҳәыс Иуна Ҭарԥҳаи, рхәыҷқәа Алхаси Алмасхани, сареи Дәрыԥшьҟа ҳрышьҭит", - аибашьра раԥхьатәи амш лгәалалыршәоит Ларина Гәымԥҳа.
© Foto / из семейного архива ГумбаЛарина Гумԥҳаи лҩызцәа аибашьцәеи
Ларина Гумба - Sputnik Аҧсны, 1920, 11.03.2023
Ларина Гумԥҳаи лҩызцәа аибашьцәеи
Владислав Арӡынба телехәаԥшрала иуаажәлар аԥсадгьыл ахьчара иазгылатәуп ҳәа анрылаиҳәа нахыс, Ларина зынӡа дышқәыԥшызгьы, лашьцәа Вахтанги Даури дрыцны аибашьра дцарц лҭаххеит, аха дара ируӡомызт. Ларина ашкол данҭаз нахыс алагарҭатә арратә ҽазыҟаҵаразы амаҭәар лықәҿион, иара убас активла арра-спорттә хәмаррақәа дрылахәын, "икылкааны ихысуа" ҳәа Гәдоуҭатәи арратә комиссариатгьы далнакаахьан еицлабрак аан. Убри аҟнытә аԥҳәызба аибашьрахь ацара лылшошәа лгәы иабон. Ларина лашьеиҳаб Вахтанги лареи еиҳа ҟазшьала еинаалон. Аҩныҟа даацыԥхьаӡа, "уахьцо сга" ҳәа диҳәон, аиашьа "уажәтәила иауӡом, аха ҽазны санаауа бызгоит" ҳәа лаиҳәон. Уи ала, хымԥада, аамҭа игон.
Аибашьра ацара иазгәышьуаз аԥҳәызба дызлаз ансамбль "Шьараҭын" Гәдоуҭа аԥсшьарҭа ҩны "Черноморец" иҩнарҵан, аԥсуа школ аҟны аҽазыҟаҵарақәа мҩаԥыргон. Ларинагьы уахь дныҟәон. Уахынла даанҿасуан Гәдоуҭа авокзал азааигәара инхоз лан лаҳәшьа лҿы.
"Ҽнак аҽазыҟаҵарақәа рҿы сшыҟаз, Гәдоуҭатәи арратә комиссариат аҟнытә ааԥхьара соуит. Сахьнеиз, "аҳәса рбаталион аидкылара ҳалагоит, аҭагылазаашьа уадаҩхеит, бҽаныбҵар бҭахӡами" ҳәа исазҵааит. Хымԥада, сақәшаҳаҭхеит. Раԥхьатәи амшқәа рзы аибашьра адәаҟны ҳхы шымҩаԥаагаша, амацәаз ҳҭаркыр, ма ҳарҭҟәоит ҳәа иалагар ҳхы ҳшамеигӡаша, аӷа инапаҟны ҳнаимгарц азы еснагь патронак ҳхазы иҳамазарц шакәу уҳәа алабжьаратә ҵакы змаз алекциақәа иаҳзаԥхьеит. Нас амшын аԥшаҳәаҿы ҳганы абџьар ахархәашьа ҳдырбеит. Убасҟан иҟаз аӡӷабцәа зегьы рыхьӡқәа сгәалашәом, аха схаҿы иааиз рыхьӡқәа сҳәоит. Урҭ иреиуан Жанна Ҟаитанԥҳа, Маринеи Хьыблеи Гәымԥҳацәа, ҩыџьа аиҳәшьцәа Чхьебелиаԥҳацәа. Медиашьас дҳацын Баҭал Кобахьиа. Уи ашьҭахь аҭыԥҳацәа амаҭәеи ахәшәқәеи рыла ҳаиқәыршәаны абаталионқәа рахь ҳаихыршеит. Сара сахьцо сҭаацәа ирамҳәакәа, сан лаҳәшьа лҿы сҽеиҭакны, сҩызцәа срыхьӡеит. Хьыбла Гәымԥҳаи Жанна Ҟаитанԥҳаи срыцны Џьумка Чрыгба дҵаҟаҵаҩс дызмаз Гагратәи актәи абаталион ҳақәшәеит", - еиҭалҳәоит Ларина Гәымԥҳа.
Даур Сымсым - Sputnik Аҧсны, 1920, 18.02.2023
"Алым агәы зызҭаз": Захар Сымсым иҭоурых
Аԥҳәызба леибашьратә мҩа алагеит Шромантә. Уахь аибашьцәа амашьына дуқәа рыла иргеит. Анаҩс, бнала рҭыԥ ахь ишцоз, амҩан ӷәӷәала аиҿахысрақәа ирықәшәеит. Уи аԥхьаҟа згәы ӷәӷәаз, зхы иақәгәыӷуаз Ларина еилылкааит аибашьра иацыз ашәарҭара шҳаракыз. Аха шьҭахьҟа хьаҵшьа лымамызт. Раԥхьатәи амшқәа инадыркны зашьцәа рааигәара аҟазаара иазгәышьуаз аԥҳәызба аԥсра дацәымшәакәа дцон ԥхьаҟа.
Аҭыԥ аҟны ианнеи, Шромеи Камани ирыбжьаз ацҳаҟны Ларина машәыршәа Сахар ҳәа изышьҭаз, лашьа гәакьа Даур дылбеит. Азныказы ишанханы игылаз Даур, "ақырҭцәа быршьыр аасҭа, сара бысшьыр еиӷьуп", - иҳәан, ибжьы ырцәгьаны длықәымчуа далагеит. Убри аамҭазы, анаҩс аибашьраҿы иҭахаз Марина Ҭаниаԥҳа Даур дааидгылан, "уаҳәшьа дукәахшоуп, уҽырҭынч, ҳаргьы ҳаԥсы ҭазар ҳҭахуп, аха аԥсадгьыл аҿаԥхьа ауал ҳәа акы ыҟоуп", - лҳәан, иаргьы иҽааиқәикит. Уаҳа ибжьы мыргакәа, Сахар, иаҳәшьа дынлыдҵын дцеит.
Аамҭак ашьҭахь, Ешыра-Афонтәи абаталион ахь ииасхьаз Вахтанги Даури раҳәшьа лзы ргәы ҭынчӡамызт. Аҵыхәтәаны рҩыза ҷкәын Ҭемыр Гәлиеи Даури ааны, Џьумка Чрыгба ибаталион аҟнытәи Ларина дара рахь дыргоит.
"Ари абаталион иалаз аҷкәынцәа ибзиаӡаны издыруан. Сара аибашьра сцаанӡагьы, аҽыԥсахрақәа раан аҩныҟа сашьцәа ирыцны иаалон. Изныкымкәа ҳаидтәалхьан, алаф еибаҳҳәахьан. Аиашазы, даара сгәы ҭынчын сара стәқәа сахьрылаз", - лажәа иацылҵоит Ларина.
© Foto / из семейного архива ГумбаЛарина Гумԥҳаи лҩызцәа аибашьцәеи
Ларина Гумба - Sputnik Аҧсны, 1920, 11.03.2023
Ларина Гумԥҳаи лҩызцәа аибашьцәеи
Вахтанги Даури лафҳәаҩцәан. Дара ахьыҟаз еснагь иччаран, ихәмарран. Ус дыҟан раҳәшьа Ларинагьы. Абас ҭаацәак еицалҵыз рҩызцәагьы аџьџьаҳәа ирылан, аԥсра аӡәгьы дазхәыцуамызт.
Аибашьра цонаҵы, аамҭа-аамҭала аҩганк рыбжьара аиҿахысрақәа аанкылахон. Убри инақәыршәаны зны Ларина дызлаз абаталион Афон ишыҟаз рфотосахьақәа ҭырхит.
"Убарҭ уажәшьҭа имазеизар ҟалап, Ҭемыри Ларинеи, шәара зегь раасҭа шәхәыҷқәоуп, шәцаны иаҳзаажәгар, иаҳцәынхаз амаҭәақәагьы нышьҭышәхыр", - ҳәа анапынҵа риҭеит Вахтанг, Аҟәа ахақәиҭтәразы ажәылара 12 сааҭ шагыз.
"Афонынтәи Ешыраҟа ҳшаауаз, сқыҭа иалҵыз, сашьцәа рҩыза Ҭемыр Гәлиа абжьааԥнеиԥш ихымҩаԥгашьа шыҟамыз ацәалашәара соуит. Дыԥхашьошәа, ацәажәара иҭахымшәа збеит. Ус аҿымҭра ааилеиган, ҳнатәап, ак басҳәароуп, иаарласны Аҟәа агаразы ажәыларахь ҳдәықәлоит, саанхоу саанымхоу сыздыруам, убри аҟнытә уажәы ибсырдырар сҭахуп сгәы бшалнахыз", - ҳәа ибжьы наиргеит. Сара сызқәтәаз автомат аашьҭыхны сҩагылан, сгәы хыҭхыҭуа, "абри аума исоуҳәоз, уажәшьҭа ҳцалап", - сҳәан сҿынасхеит. Уи ашьҭахь, иареи сареи ҳамаӡа абаталион аҿы зегьы ирдыруашәа сгәы ҟалеит. Сашьцәа сырцәыԥхашьо салагеит", - Ҭемыри лареи рыбзиабара ахы шыҵнахыз далацәажәоит Ларина.
© Foto / из семейного архива ГумбаЛарина Гумԥҳаи лҩызцәа аибашьцәеи
Ларина Гумба - Sputnik Аҧсны, 1920, 11.03.2023
Ларина Гумԥҳаи лҩызцәа аибашьцәеи
Аҟәа аныргоз, Ларина дызлаз абаталион рҽеиҩыршар акәхеит. Аҷкәынцәа дәықәлаанӡа лара аӡәаӡәала лыблала еимылдон. "Сашьцәа ҭахома, Ҭемыр даанхарыма, сҩызцәа ирлахьынҵахои, сара сыршьуама, сышԥаршьуеи", - ҳәа лхәыцрақәа ҵыхәаԥҵәара рымамызт.
Аҳҭнықалақь алаларҭаҟны "Зеркало" ҳәа иахьашьҭоу Мзиа Беиаԥҳаи Фениа Аҩӡԥҳаи дрықәшәеит Ларина. Лашьцәеи Ҭемыри ракәзар, "ҳара ԥхьаҟа ҳцоит, аҽыԥхьакырҭа анҳаулак, ҳааны баҳгоит", - ҳәа ларҳәеит. Ус ишыҟаз Аҳабла ҿыц абжьаларҭанӡа аԥсуа еибашьцәа иҭадырцәит ҳәа адырра ҟалеит. Аҭыԥҳацәа "ус анакәха, ҳамԥшып" рҳәан, ԥхьаҟа идәықәлеит. Аҩнеихагылақәа ианырзааигәаха, амҩа авара игылаз хыбрак аҟнытә "шәымцан, хыхь ахыԥсаҟьаҩ дықәгылоуп" ҳәа рыбжьы мырдуцәакәа ҿырҭит еибашьцәақәак. Аха, иҟалаша узахыԥом - иааиуаз ахы Фениа Аҩӡԥҳа дахәит, Мзиеи Ларинеи ирылшеит аҽыԥхьакра. Анаҩс анҭ аҷкәынцәа ахыԥсаҟьаҩ иганахь ихысуа иалаган, аӡӷабцәа аҷкәынцәа рыцырхрааны аҭагылазаашьа роуит Фениа амҩа даныганы агоспиталь ахь лышьҭра.
Ақырҭқәа амҩа авара игылаз ахыбраҟны аԥсуаа шыҟаз анеилыркаа, ӷәӷәала ахысра хдыртит. Уи аламҭалазы уахь машәыршәа инанагаз Ҭемыри иҩыза Адгәыр Амабеи, Ларина данырба, ргәыԥ ахьтәаз дрыманы ицеит. Лара ахыԥҽыхақәа рацәаны иахьлықәшәаз азы дшьабон. Ашьҭахь ауп араҟа еиҳа ихәызи ишьызи аныҟала.
Аибашьра анеилга, ҩышықәса рышьҭахь Ҭемыри Ларинеи рынасыԥ еиларҵеит. Дара ирыбжьаз ацәаныррақәа ртәы лҭаацәа аҵыхәтәанынӡа ирыздыруамызт. Ҭемыри Ларинеи ирааӡеит ҩыџьа ахәҷқәа. Рыԥҳа Аманда дҳақьымуп, рԥа Данаҭ Аполициатә академиаҿы аҵара иҵоит.
© Foto / из семейного архива ГумбаЛарина Гумԥҳа лыԥшәма Ҭемыр Гәлиеи лхәыҷқәеи
Ларина Гумба - Sputnik Аҧсны, 1920, 11.03.2023
Ларина Гумԥҳа лыԥшәма Ҭемыр Гәлиеи лхәыҷқәеи
Ларина дызлаз агәыԥ Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра еибганы иалҵит. Лашьцәеи, Ҭемыри, лареи иранаршьеит "Агәымшәаразы" амедалқәа.
Ларина лаҳәшьеиҳабы Лаврина аибашьра цонаҵы, Гәдоуҭатәи ансамбль "Риҵа" дацны аибашьра адәаҟны изныкымкәа дықәгылахьан. Афронт аҿы медиаҳәшьас дыҟан Ларина лаб иашьа иԥҳа Света Гәымԥҳагьы.
Аибашьра ашьҭахь Ларина лашьеиҳаб Вахтанг амҩатә машәыр аҟны дҭахоит, Даур Гал арыцқьарақәа раан иоуз ахәрақәа ирхырҟьаны иахьа дхымхәаны дыҟоуп.
Ларина лашьцәеи, лаҳәшьцәеи, лыԥшәмеи ирылшаз зегь ҟарҵеит рыԥсадгьыл аҿаԥхьа ауал анагӡаразы. Уи азы дара иеигӡомызт рыԥсҭазаара.
Аибашьра адәаҟны ииз Ҭемыри Ларинеи рыбзиабара иаҵоу аԥхарра ҽакуп, уи злеибарку ацәаныррақәа аԥсра ала иҭаԥшыз рыда аӡәгьы издыруам.
Ажәабжьқәа зегьы
0