Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Ҳазлацәажәаша ҳамоуп: Кәакәасқьырԥҳа хатәгәаԥхарала Аԥсны еибашьуаз ргәалашәара иазкны

Ҳазлацәажәаша ҳамоуп: Кәакәасқьырԥҳа хатәгәаԥхарала Аԥсны еибашьуаз ргәалашәара иазкны
Анапаҵаҩра
Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраҿы игаз Аиааира 30-шықәса ахыҵра инамаданы Нхыҵ Кавказынтә хатәгәаԥхарала иааны еибашьуаз рҭаацәақәа ирҭааит аԥсуа делегациа. Хатәгәаԥхарала еибашьуаз ирызку афонд "Агәалашәара" алахәыла Ирина Кәакәасқьырԥҳа арадио Sputnik иазеиҭалҳәеит урҭ аиԥыларақәа шымҩаԥысуаз.
Аԥснынтә аделегациа раԥхьа Ҟабарда-Болкариа инхоз аҭаацәарақәа ирҭааит, анаҩс Нхыҵ Уаԥстәыла.
"Аҟабардақәа рхыԥхьаӡара зегьы реиҳа ирацәан Аԥсны еибашьуаз. Иахьа зыԥсы ҭаны анацәеи абацәеи ахьыҟоу рҭаацәарақәа рахь ҳнеит. Акызаҵәык, дара ҳара ҳҟынтә иззыԥшу агәалашәаруп. Аҩнаҭақәа рҿы амоҭацәа ыҟоуп, аҭацацәа, аҿар ирдыруазарц рҭахуп Аԥсны еибашьуаз рҭаацәа ахьынӡаргәалашәо. Рхаҿқәа лашон Аԥснынтә ҳааит анаҳҳәоз", - еиҭалҳәеит Кәакәасқьырԥҳа.
Иаҳа инарҭбааны аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.
Ажәабжьқәа зегьы
0