Ҩымз латвиатәи абахҭаҿы: ажурналист Касем ирбаандаҩразы иахьазы идыру

© Foto / Марат КасемМарат Касем
Марат Касем - Sputnik Аҧсны, 1920, 14.03.2023
Анапаҵаҩра
Хымзуп ажурналист Марат Касем латвиатәи абахҭаҿы дҭакуижьҭеи. Иахьа, хәажәкыра 14 рзы Марат 33 шықәса ихыҵуеит.
АҞӘА, хәажәкыра 14 - Sputnik. Урыстәылатәи ажурналист Марат Касем ажьырныҳәа 5 рзы ригатәи аӡбарҭа даанакылеит, анаҩс абахҭа хадахьы диаргеит.
Хәажәкыра 6 рзы Ригатәи аӡбарҭа Латвиа иаанкылаз Марат Касем дшырбаандаҩу дааннажьит аҽа ҩымз.
Шеф-редактор Sputnik Литва Марат Касем, архивное фото - Sputnik Аҧсны, 1920, 06.03.2023
Sputnik Литва аредактор хада Марат Касем дшыбаандаҩу дыннажьуеит ригатәи аӡбарҭа

Иҟалаз

Марат Касем Латвиа датәылауаҩуп, шықәсқәак раахыс Москва дынхон, аус иуан Sputnik Литва зҵазкуа амедиагәыԥ "Россия сегодня" аҟны. Sputnik Литва аҟны аус иуан 2017 шықәса раахыс редактор-хадас. Уаанӡа арадио Спутник аҟны аус иуан.

Ииасыз ашықәс азы Марат аҳәамҭа ҟаиҵеит Балтиа атәылақәа рымчра ҷыдақәа изанааҭтә усуразы ишишьклаԥшуаз.

Иара уаанӡа, 2019 шықәсазгьы Литва дааныркылахьан "амилаҭтә шәарҭадара шьақәиҟьоит" ҳәа. Усҟан Марат Вильниус далырцеит.
2022 шықәса ԥхынҷкәын 31 рзы иҭаацәаратә ҭагылазаашьа иахҟьаны Латвиаҟа дцеит. Ажьырныҳәа 5 рзы иара даанкылан, Ригатәи абахҭа дҭакын. Анаҩс, Ригатәи аӡбарҭа Латвиа иаанкылоу Sputnik Литва аредактор хада Марат Касем дшырбаандаҩу дааннажьит. Ажурналист Евроеидгыла асанкциақәа еилеигеит ҳәа ахара идырҵоит. АЗ ари ахәҭаҷ иазԥхьагәанаҭоит ԥшьышықәса рҟынӡа ахақәиҭра алхәдатәра.

Урыстәыла Касем ибаандаҩразы ахымҩаԥгашьа

Урыстәыла адәныҟатәи аусқәа рминистрраҿ ирҳәеит Касем Латвиа иаанкылара адиктатортә режимқәа ишырумҭо, аҽакала ахәыцшьа иаҿагылоу террорны ишыҟоу.
Урыстәыла аомбудсмен Татиана Москалькова Sputnik Литва аредактор-хада ирбаандаҩра ажәа ахақәиҭра иаҿагылоит ҳәа лҳәеит, ЕАР ауаҩытәыҩса изинқәа рзы акомиссар иахь ааԥхьара ҟалҵеит.
Урыстәыла ажурналистцәа Реидгыла ахада Владимир Соловиов РИА Новости иазеиҭеиҳәеит аидгыла агәаанагарала ари ауаҩытәыҩса изинқәа еилазго умҭан ишыԥхьаӡоу, жәларбжьаратәи азинхьчаратә журналисттә еиҿкаарақәа рахь аинформациа шынашьҭхо.
Амедиагәыԥ "Россия сегодня" адиректор хада Дмитри Киселиов Касем ирбаандаҩра далацәажәо иҳәеит амедиагәыԥ жәларбжьаратәи ауаажәларратә еилазаарахь ааԥхьара шыҟанаҵо Касем ихақәиҭтәразы. Киселиов иҳәеит Касем иаанкыларагьы ирбаандаҩрагьы мҩаԥысуеит ажурналист игәаанагара ҷыдаз, иахәҭаны иишьо аинформациа ахьиҳәо азы ҳәа.
Амаҵзура Sputnik Литва адырра ҟанаҵоит Марат Касем идгылара аарԥшра шалшо асалам шәҟәқәа рынашьҭрала –nebrosaem@yandex.ru.
Ажәабжьқәа зегьы
0