Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Ҳагба Путин Мариупольҟа инеиразы: асимволтә ҵакы амоуп

Ҳагба Путин Мариупольҟа инеиразы: асимволтә ҵакы амоуп
Анапаҵаҩра
Урыстәыла ахада Владимир Путин аҳәынҭқарра аҵакыра ҿыцқәа дырҭааит, Донбассҟа иусутә ныҟәараан Мариуполь дыҟан ҳәа аанацҳаит Кремль апресс-маҵзура. Путин уахь днеит вертолиотла, анаҩс автомашьынала ақалақь араионқәа дырҭааит, еиликааит уаҟа имҩаԥысуа аргыларатә усурақәа ртәы. Ааигәасигәа иҟоу аҳаблақәа дрылаԥшит, аҭыԥантәи ауааԥсыра драцәажәеит. Владимир Путин Донбассҟа инеиреи Урыстәыла арратә операциа ҷыда амҩасшьеи арадио Sputnik аефир аҟны ахҳәаа рзиуит аполитолог Беслан Ҳагба.
"Владимир Путин Мариуполь иаҭаара иаалырҟьаны иҟалаз хҭысуп, сара уи ҟалоит ҳәа агәра сызгаӡомызт… Ари иаҵанакуа даараӡа ирацәоуп, избанзар Урыстәыла ахада раԥхьаӡа акәны аибашьра ахьцо аҵакыра дгьыл ҿыц Донбасс даҭааит, асимволтә ҵакгьы ӷәӷәаӡаны иамоуп. Иаҳгәалаҳаршәароуп сынтәа жәышықәса шҵыз Ҟрым Урыстәыла иадлеижьҭеи. Ҟрым аганахьала Мариуполь иааннакыло аҭыԥ даараӡа иӷәӷәоуп. Ҟрым, Мариуполь дыргьежьиижьҭеи уажәшьҭа Азовтәи амшын хылаԥшра азҭо ҳәынҭқарра заҵәык ауп - Урыстәылатәи Афедерациа. Даҽа символтә ҵакыкгьы ыҟоуп, уи ала аҳәаанырцәҟа аацҳамҭа шьҭын Иҷыдоу арратә операциа аҵыхәтәанынӡа ишынарыгӡо, Донбассгьы, Херсонтәи Запорожтәи аобластқәа уажәшьҭа Урыстәыла ишатәу, иара шықәсыла аамҭа аҭаххозаргьы шьҭахьҟа ишдыргьежьуа. Мраҭашәаратәи атәылақәа уахь инеира иақәыӡбозаргьы Урыстәыла атәылауаа идырбан Путин изқәикыз аҵыхәтәанынӡа ишынаигӡо", - ҳәа азгәеиҭеит Ҳагба.
Аицәажәара инеиҵыхны ишәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны хыхь.
Ажәабжьқәа зегьы
0