Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Хра злоу ахҭысқәа: Табаӷәуаԥҳа Жәларбжьаратәи атуристтә цәыргақәҵаҿы Аԥсны алҵшәақәа ртәы

Хра злоу ахҭысқәа: Табаӷәуаԥҳа Жәларбжьаратәи атуристтә цәыргақәҵаҿы Аԥсны алҵшәақәа ртәы
Анапаҵаҩра
Аԥсны актәи аҭыԥ иаԥсахеит аноминациа "Зегь раасҭа асасцәа здызԥхьалаз астенд" ҳәа Атуризми асасдкылара аиндустриеи XXIX жәларбжьаратәи рцәыргақәҵа – MITT аҟны. Уи мҩаԥысуан Москва хәажәкыра 16 инаркны 18 рҟынӡа. Еиуеиԥшым атуреилахәырақәа, атуроператорцәа, аекскурсиамҩаԥгаҩцәа рзанааҭеидгылақәа рыла ишьақәгылоу Аԥснытәи аделегациа напхгара аиҭон Атуризм аминистр Ҭеимураз Хышба. Ҳтәыла ари ацәыргақәҵа иахьынӡазыҟаҵаз, аҭааҩцәа ирыдыргалоз, ироуз алҵшәақәа ртәы арадио Sputnik аефир аҟны еиҭалҳәеит аԥсуа експозиациа аиҿкаара знапы ианыз Атуризм аминистрра аинформациеи аимиџьтә политикеи рыҟәша аиҳабы Оксана Табаӷәуаԥҳа.
Лара лажәақәа рыла, Жәларбжьаратәи атуристтә цәыргақәҵа аҽалархәразы аминистрраҿы аҽазыҟаҵарақәа ирылагахьан ԥхынҷкәынмза 2022 шықәса анҵәамҭазы, уи мариамызт, избанзар ацәыргақәҵа аԥҟарақәа рҽырԥсахлоит.
"Хаҭала са сзы ари раԥхьатәи цәыргақәҵоуп, уаанӡа аԥышәа сымаӡамызт. Ҳгәыԥ зегьы хықәкыс иҳаман иахьынӡаҳалшо Аԥсны Аҳәынҭқарра ахьӡ аҭыгара. Аиаша шәасҳәоит, изӡаӡом, ас еиԥш аҳамҭа ҳауеит ҳәа ҳаҟаӡамызт", - лҳәеит Табаӷәуаԥҳа.
Аицәажәара инеиҵыхны ишәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны.
Ажәабжьқәа зегьы
0