Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Амҩатә ԥҟарақәа реилагараз аҭакԥхықәра рӷәӷәахоит

© Sputnik / Томас Тхайцук Машины милиции Абхазии
Машины милиции Абхазии  - Sputnik Аҧсны, 1920, 23.03.2023
Анапаҵаҩра
Иахьазы Аԥсны иреиҵаӡоу аџьахә (МРОТ) 60 мааҭ ыҟоуп.
АҞӘА, хәажәкыра 23 – Sputnik, Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа. Аԥсны Апарламент аҵыхәтәантәи аԥхьараҿы иаднакылеит амҩатә ԥҟарақәа реилагаразы аҭакԥхықәра арӷәӷәара.

Арыжәтә ыжәны аԥсҟы акразы ахараԥса 500 МРОТ азгәаҭоуп (30 000 мааҭ), фымз аныҟәараз азин амхра.

Аҩынтә раан еиларгар – 15 уахи-ҽни аҭакреи шықәсык аныҟәараз азин амхреи.
Арыжәтә ыжәны иҟоу ма жаҽа рҩашьыгатә маҭәашьарк зыдкылан иҟоу автомашьына иҭазар, ахараԥса 200 МРОТ ҟалоит (12 000 мааҭ). Аныҟәараз азин змам ма изымху 30 - 50 МРОТ иқәҵахоит (1800 - 3000 мааҭ).
Ажәабжьқәа зегьы
0