Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Иблыз Аракьыҽытәи ашколхәыҷқәа Аҭара аҵара рҵалоит

© Sputnik / Томас ТхайцукМЧС Абхазии
МЧС Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 24.03.2023
Анапаҵаҩра
Хәажәкыра 23 асааҭ 21:30 рзы Аракьыҽытәи аерман школ амца акит. Амца дырцәон амцарцәаратә гәыԥқәа фба, аха актәи аихагылаҿы уадақәак роуп зеиқәырхара алыршахаз.
АҞӘА, хәажәкыра 24 - Sputnik, Сариа Кәарцхьиаԥҳа. Иблыз Аракьыҽытәи ашколхәыҷқәа Аҭара аҵара рҵалоит ҳәа Sputnik акорреспондент илзеиҭеиҳәеит Очамчыра араион аҵара аҟәша аиҳабы Ҭемыр Гындиа.
Иахьа инаркны ахәыҷқәа аԥсшьарамшқәа рахь ицоит, анаҩс аҵаратә процесс ашкол ҿыц аҿы иалагоит.

"Иацы еиҿкаан аштаб. Иҳаӡбеит – уажәазы ахәыҷқәа аԥсшьарамшқәа рахь ицоит, анаҩс аҵаратә процесс Аҭара, ашкол ҿыц аҿы иалагарц", - иҳәеит Гындиа.

Иблыз ашкол аҿы аҵара рҵон 76-ҩык аҵаҩцәа. Аҭаранӡа ҩ-километрак рҟынӡа ахьыбжьоу азы ахәыҷқәа автобус ала иргалоит. Автобуск аҭаратәи ашкол иамоуп, ҩба Аԥсны иҟоу аерман уаԥшь ирырҭоит.
Очамчыра араион ахада Беслан Бигәаа анапынҵа ҟаиҵеит амчыбжь аҩнуҵҟа ашкол ҿыц аҿы иахәҭоу аҭагылазаашьақәа аԥҵазарц.
"Уажәазы еиқәхаз апартақәа, аклассӷәқәа аҭаратәи ашкол ахь инаагоит. Урҭ рыцқьаны ахәыҷқәа рыдкылара иазҳархиоит", - иҳәеит Гындиа.
Иара иажәақәа рыла, ашкол адокументқәагьы алаблит.
Хәажәкыра 23 асааҭ 21:30 рзы Аракьыҽытәи аерман школ амца акит. Амцакра зыхҟьаз азы аофициалтә дырра ыҟам. Гәаанагарак ала, акомпиутертә класс аҿынтә амца ахы акит. Амца дырцәон амцарцәаратә гәыԥқәа фба, аха актәи аихагылаҿы уадақәак роуп зеиқәырхара аларшахаз.
"АҶА аусзуҩцәа ирыбзоураны аҭыӡқәа еиқәхеит, ашкол ахыб ақәҵаны ирҿыцтәхар ҟалоит. Актәи аихагыла ӡыла иҭәит амцарцәараан, аха ашкол аиҭашьақәыргылара алшоит", - иҳәеит Гындиа.
Аерманцәа рдиаспора Очамчыра араион ахада ианиацәажәоз ирҳәеит ашкол аиҭашьақәыргылараҿы ацхыраара шыҟарҵо.
Аҭыԥантәи ауааԥсыра аилыргаратә усқәа мҩаԥыргоит.
Сотрудники МЧС Абхазии произвели на площади Свободы в центре Сухума флешмоб в поддержку Специальной военной операции России на Украине. - Sputnik Аҧсны, 1920, 21.01.2023
Аԥсны
2022 шықәсазтәи русура аихшьала ҟарҵеит АҶА аҿы
Ажәабжьқәа зегьы
0