Медведев аиадертә еиҿагылара ашәарҭара далацәажәеит

© Sputnik / Екатерина Штукина / Амедиаҵәахырҭахь аиасраЗаместитель председателя Совбеза РФ Д. Медведев дал интервью российским СМИ
Заместитель председателя Совбеза РФ Д. Медведев дал интервью российским СМИ - Sputnik Аҧсны, 1920, 24.03.2023
Анапаҵаҩра
Медведев иажәақәа рыла, аиадертә еиҿагылара зыдҳәалоу Мраҭашәара атәылақәа Киев бџьарла иахьынӡеиқәнаршәо уи ишеиқәнаршәои роуп.
АҞӘА, хәажәкыра 24 – Sputnik. Аиадертә еиҿагылара ашәарҭара еиҳагьы аҽарххеит ҳәа иҳәеит Урыстәыла Ашәарҭадаратә хеилак ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩ Дмитри Медведев урыстәылатәи ажурналистцәа рԥылараан.
"Украина есыҽны бџьарла аиҵаҵара аиадертә апокалипсис ааигәанатәуеит", – иҳәеит иара.
Медведев игәаанагарала, мраҭашәаратәи атәылақәа ааигәанӡа агәрахаҵара рымамызт Урыстәыла ахаҭеи иара ахадеи рмилаҭтә интересқәа асеиԥш адгылара рырҭап ҳәа .
"Ахҟьаԥҟьақәа иаҳа иуадаҩзаауан ԥхынҷкәынмзазы адокументқәа рнапы аҵарҩызҭгьы", - иҳәеит иара, Урыстәыла, ЕАА, НАТО 2021 шықәсазы икьыԥхьыз ашәарҭадараз ахәдықәҵарақәа рзы аиқәшаҳаҭрақәа рыпроектқәа дрылацәажәо.
Медведев иазгәеиҭеит астратегиатә иадертә бџьар аусхк аҟны Урыстәыла иамоу аԥыжәара акраҵанакуаны ишыҟоу.
Ажәабжьқәа зегьы
0