Аԥсны Ауаажәларратә палата аилазаара ҿыц шьақәыргылоуп
17:33 27.03.2023 (ирҿыцуп: 17:38 27.03.2023)
© Sputnik / Томас ТхайцукОбщественная палата
© Sputnik / Томас Тхайцук
Анапаҵаҩра
Аԥсны Ауаажәларратә палата шьақәгылоуп 35-ҩык рыла. Раԥхьатәи аилатәара мҩаԥгахоит хәажәкыра 29 рзы.
АҞӘА, ԥхынҷкәын 27 – Sputnik. Аԥсны Ауаажәларратә палата алахәылацәас атәыла ахадеи, араионқәеи, ақалақьқәеи рҟынтәи ишьақәирӷәӷәаз рнаҩс, аполитикатә партиақәеи ауаажәларратә еиҿкаарақәеи рҟынтәи иалхуп 11-ҩык.
Аԥсны Ауаажәларратә палата аилазаара ҿыц шьақәыргылоуп.
Аполитикатә партиақәеи ауаажәларратә еиҿкаарақәеи рҟынтәи ирыдгалаз 42-ҩы рҟынтәи 11-ҩык алхуп.
Даур Агрба – АУЕ "Аԥсадгьыл"
Ерасҭ Агәмаа – ОЕ "Аԥсны амҵәышәымпыл афедерациа"
Баҭал Аиба – АУЕ "Ҳара ҳаҩны – Аԥсны"
Асҭамыр Ахба – ОЕ "Аԥсны Жәларбжьаратәи афонд "
Коба Гогохьиа – аполитикатә партиа "Амцахара"
Ҭенгиз Џьопуа –АУЕ "Аԥсны аветеранцәеи аҿари Реидгыла"
Абесалом Кәарҷиа – "Аԥсны анаплакҩцәеи ааглыхыҩцәеи реидгыла"
Едик Қәираиа – АУЕ "Аԥсны амилаҭтә конференциа"
Асҭамыр Логәуа – аполитикатә партиа "Аԥсны Жәлар рфронт"
Изольда Ҳагба – Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс
Руслан Ҳашыг – Аԥсны ажурналистцәа реидгыла
Аԥсны Ауаажәларратә палата 35-ҩык рыла ишьақәгылоуп. Азакәан инақәыршәаны Аԥсны ауаажәларратә палата алахәылацәа 13-ҩык атәыла ахада иалихуеит, 11- ҩык – аҭыԥантәи ахадарақәа, аҽа 11-ҩык аполитикатә партиақәеи ауаажәларратә еиҿкаарақәеи рҟынтәи.